Дбар: иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа ашыӡ чымазара ҭаҩым

© Sputnik / Томас ТхайцукРоман Дбар
Роман Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 25 рзы иазгәарҭоит ашыӡ иаҿагыланы ақәԥара Адунеизегьтәи амш.

АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа ашыӡчымазара ҭаҩым ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Аԥсны аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар.

Иара иажәақәа рыла ииасыз ашәышықәса алагамҭаз Аԥсны ашыӡчымазара алаҵәаны иахьыҟаз ҭыԥын. Аӡытҟәақәа анҭадырба ашьҭахь 50-тәи ашықәсқәа рзы ачымазара шьаҭанкыла иқәган.

"Иахьазы атәыла иахьаҵанакуа џьаргьы ашыӡ аҭыԥ аманы иҟам. Аха адунеи еиҳа еиҳа иҭшәахо иалагеит. Ашыӡчымазара ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь инанагаз ауаҩы уи ачымазара арахь иааигар ауеит. СССР аамҭақәа рзы ауаа реҭанеиааира ахылаԥшра арҭон. Зыԥсы зшьоз амедицинатә гәаҭара иахрыжьуан. Аиҳаракгьы атропикатә тәылақәа рҿы иҟаз ҭырҵаауан. Аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭалатәуп", — иҳәоит аҵарауаҩ.

Аевкалипт ҵлақәа реиҭаҳара акәзар ачымазара ԥнарҟәҟәаауам.

"Аевкалипт афҩы акәбырқәа ԥханаҵоит, аха ашыӡ аԥырҟәҟәаара алшом. Аӡҩақәа ирҭоу гамбузиа акәзаргьы убас", — иҳәеит иара.

Ақалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева лажәақәа рыла ареспубликаҿы ашыӡ ацәырҵра алшаргьы ауеит, уи еснагь уазыԥшызароуп. Иара цәырҵыр алшоит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны.

"Абар ҩышықәсоуп ареспублика ахы-аҵыхәа акәбырқәа рықәгаразы инарҭбаау аусурақәа мҩаԥысуеижьҭеи. Аус ауеит ареспубликатә программа", — лҳәеит лара.

Ашыӡ–ашәарҭара злоу чмазараҿкуп. Аиҳаракгьы иара еиҭазго акәыбырқәа роуп. Еиҳа ирылаҵәаны иҟоуп Ацентртә Африка атәылақәа рҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0