"Хаҵа имцо Анцәа дҳаумҭан": ахатә ԥсҭазаара ашьақәыргылара иазку аныҳәара

CC0 / / Архивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡәгьы изы имаӡаӡам, ахатә ԥсҭазаара ашьақәыргылара зцәыуадаҩу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи шмаҷҩым. Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа зыхҟьо ахырхарҭақәа еиуеиԥшым. Аха аԥсуаа ҳаԥсихологиа убас еиԥш иҟоуп, иакәым акы, мамзаргьы хшыҩла зеилыргара уадаҩу хҭыск ҳанақәшәалак, идырым амчқәа ирыдаҳҳәалоит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Жәытә аахыс аԥсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит, "хаҵа имцо аӡӷаб анцәа дҳаумҭан" ҳәа, иаанагогьы акраҵанакуеит. Раԥхьа иргыланы ацқьара, уи ыҟамкәа аҭаацәара аԥҵахом, аизҳара ҟалом.́Аӡәгьы изы имаӡаӡам, ахатә ԥсҭазаара ашьақәыргылара зцәыуадаҩу арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи шмаҷҩым.

Нугзар Логуа - Sputnik Аҧсны
Логәуа: ажәытәан избахьаз аҭацаагара иадҳәалоу ақьабзқәа уамакала иԥшӡан

Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа зыхҟьо ахырхарҭақәа еиуеиԥшым. Аха аԥсуаа ҳаԥсихологиа убас еиԥш иҟоуп, иакәым акы, мамзаргьы хшыҩла зеилыргара уадаҩу хҭыск ҳанақәшәалак, амистика иадаҳҳәалоит.

Убас, ажәытәан ҭаацәарак аҟнытә ҩыџьа-хҩык аҭыԥҳацәа хаҵа имцакәа инхар, арҭ акы рԥырхагоуп, "иҿаҳәоуп" рҳәон. Урҭ ирышьҭанеиуа аӡӷабцәа имажәроуны инымхарц азы, аиҳабацәа аныҳәарақәа мҩаԥырго иалагон.

Аԥҳәызба илхаԥаз амч еиқәаҵәа лхырԥаразы, иманшәаланы хаҵа дцарц азы, мамзаргьы зҭаацәара еиԥҟьаз аԥҳәыс деиҭашьақәгыларазы ишырныҳәоз атәы еиҭалҳәеит, ари ақьабз зандуцәа ирҿызҵааз, иахьа Гагра ақалақь инхо Инга Зарандиаԥҳа.

"Акы ахьырҳәо акы ыҟоуп" — рҳәоит аԥсуаа. Убри аҟнытә, ихәарҭам џьара мчык аԥырхага рнаҭоушәа анырбалак адырыҩцәа ирызцоит, аныҳәаҩцәа ирыдҵаалоит. Иҟан абиԥарала рхы анырныҳәоз, иара убас ан лышьҭрала.

Ахныҳәарақәа ирызхьаԥшаанӡа, аҭаацәара иатәу аиҳабацәа иразҵаауан, дара рхаан џьара шәирак рыбжьазма ҳәа. Гәрамгарақәак рызцәырҵар, рхы ҿырхуан.

"Сара сеиҳабацәа рҟнытә избаз иреиуоуп, аҭыԥҳацәа раԥхьаҟа иманшәалахарц азы ишырныҳәоз. Абиԥарала рхы анырныҳәоз, адырыҩ идҵааланы, аныҳәаҩ дааганы рхы ҿырхуан. Ан лышьҭрала, иҟаҵатәу еилкааны, рхылҵшьҭра иатәу аԥҳәыс еиҳабы дныҳәар ауан", — лҳәоит Инга Зарандиаԥҳа.

Аншьҭрала рхы анырныҳәоз, аныҳәарахь инеиуан аиҳәшьцәа мацара ирхылҵыз аӡӷабцәа.

Дерево - Sputnik Аҧсны
Аԥсҭазаара зеиԥшрахо аилкаара: Анмираҳ - абзиабара анцәахәы идҳәалоу аҵасқәа

"Ахныҳәара иамоу акәамаҵамақәа ҷыдала урызнеироуп. Ан лышьҭра иреиҳабу лнапала иҟалҵароуп ацәацқьа иалхны, зыжәпареи зҿыгҳареи дуу ацәашьы. Иара уигьы, егьырҭ иреиԥшымзароуп. Ацәа ирҟәымшәышәны, ацаха анбжьауҵалак арԥшьшьара аҭахӡам, напыла иааилаугәоит. Анаҩс, аиҳабы 21 цыра акәакәар ҟалҵароуп. Амажәа ачашылеи аџьакхыши рыда акгьы алҭаӡом, баша ӡыла илкәаҳауеит, аха илжәуеит ахш аҟны. Ианымазеихалак, ачуан ахы ларханы, иҭоу зегьы асаан инылҭәалоит", — ахныҳәара иатәу ачыси ацәашьи шырмазеитәу еиҭалҳәоит Инга.

Аныҳәара амра ҭашәаанӡа имҩаԥгатәуп. Ашҭаҟны аишәа ақәыршә шкәакәа ахҟьаны, амра ахьгыло иарбаны идырхиоит. Уаҟа иқәдыргыло асаан иану ахш иалоу акәакәарқәа роуп. Анаҩс, аншьҭраҟны еиҳабу, аҳәсеи, аҭыԥҳацәеи, аӡӷабцәа хәыҷқәеи аалыдыҳәҳәаланы, ҳазшаз диашьаԥкуеит. Раԥхьа иргыланы, иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭалҵароуп, нас ауп ахныҳәарахь данисауа. Еиҳабы еиҳабыла, асааҭ аныҟәашьа инақәыршәаны, хынтә-хынтә ацәашьы рхы иакәыршаны, рхаҭагьы хынтә-хынтә иргьежьны илныҳәоит. Анаҩс, ацәашьы кыдҵаны илбылуеит, зынӡа ацәынха аанымхакәа. Ашьҭахь, аҩны аишәа аархианы, акәакәарқәа ргьама рбоит, иаҵоу ахш ржәоит. Уи нахыс рхы ҿырхит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Инга Зарандиаԥҳа лажәақәа рыла, зхы зныҳәо еиҳау амч агәра ргоит. Убри аҟнытә, рхы-ргәы дрыцқьоит, аԥеиԥш лашахь агәыӷра рызцәырҵуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0