Аԥқьаҭасыҩ Асҭамыр Кациа Шәачатәи атурнир аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит

© Фото : Элизабет АкуцияТурнир по теннису Российского Теннисного Тура "Летний старт" в Сочи
Турнир по теннису Российского Теннисного Тура Летний старт в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аԥқьаҭасратә тур "Летний старт" атурнир мҩаԥысуан Шәача, рашәара 8 - 11 рзы.

АҞӘА, рашәара 13— Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. 9-10 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа қәыԥшцәа рыбжьара Аԥснытәи аԥқьаҭасыҩ Асҭамыр Кациа Шәачатәи атурнир аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит. Урыстәылатәи аԥқьаҭасратә тур "Летний старт" атурнир мҩаԥысуан Шәача, рашәара 8 — 11 рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Аԥсны аспорт азҟаза, азыҟаҵаҩ Елизабет Акуциа.

Теннисный турнир Пятигорская весна - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аԥқьаҭасыҩ Асҭамыр Кациа аиааира игеит

"Асҭамыр иқәра зықәроу агәыԥ иалахәын 32- спортсмен. Афинал ахь анеиразы аԥқьаҭасыҩ хә-еикәшарак дырхысроуп. Афиналбжаҿы Асҭамыр аиааира игеит. Аисара мҩаԥысуан иԥсабаратәым акорт аҿы. Уи ҳаспортсмен изы иуадаҩран, избанзар ҳара ҳҿы уи аҩыза акорт ыҟаӡам. Иара убасгьы аисарақәа мҩаԥысуан ҽынла. Акыр ишоуран. Асҭамыр даара аҟыбаҩ илоуп. Иахәҭоу ацхыраара иоур ҳтәылеиԥш анҭыҵгьы деицырдыруа дшыҟало агәра згоит", — лҳәоит аспортсмен иазыҟаҵаҩ.

Акуциа лажәақәа рыла Асҭамыр мчыбжьык аҟынтә хәымш аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигоит ҩба-ҩба сааҭ. Лара иара убасгьы иазгәалҭеит иахәҭоу аҽазыҟаҵаразы макьана Аԥсны аҭагылазаашьа шаԥҵам.

Хәажәкырамзазы Асҭамыр актәи аҭыԥ ааникылахьан атурнир "Пятигорская весна" аҿы иара убасгьы аԥыжәарақәа игахьан атурнирқәа " Первенство Гагры" "Море в Гаграх" рҟны.

© Фото : Элизабет АкуцияТурнир по теннису Российского Теннисного Тура "Летний старт" в Сочи
Турнир по теннису Российского Теннисного Тура Летний старт в Сочи - Sputnik Аҧсны
Турнир по теннису Российского Теннисного Тура "Летний старт" в Сочи
Ажәабжьқәа зегьы
0