Ансамбль "Абаза" Гран-при анашьоуп Питертәи афестиваль аҿы

© SputnikАнсамбль "Абаза" на фестивале в Сочи
Ансамбль Абаза на фестивале в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы коллективқәа Жәларбжьаратәи рфестиваль "Кит" мҩаԥысуан рашәара 12 - 16 рзы Санкт-Петербург.

АҞӘА, рашәара 18 — Sputnik, Бадри Есиава. Ахореографиатә ансамбль "Абаза" рашәара 12 — 16 рзы Санкт-Петербург имҩаԥысуаз ахәыҷтәы коллективқәа Жәларбжьаратәи рфестиваль "Кит" аҟны ианашьахеит Гран-при. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Циала Чкадуаԥҳа.

"Ҳара ҩ-номинациак ҳрылахәын. Аноминациа "Жәлар рыкәашарақәа" рҿы ҳансамбль акәашаҩцәа инарыгӡеит аԥсуа милаҭтә кәашара. иаразы иагьранашьахеит Гран-при. Сара асеиԥш ҟалап ҳәа сақәгәыӷуан, аха ахәыҷқәа рзы уи џьашьатәхеит. Иҟоуп зылаӷырӡ зызнымкылазгьы", — ҳәа еиҭалҳәоит Чкадуаԥҳа.

Аҟазара ашкол "Абаза"аԥҵан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аилашыкьымҭаз, Пицунда. Иара еиҿылкааит Циала Чкадуаԥҳа.

Иахьазы ара рҽазыҟарҵоит 200-ҩык рҟынӡа ахьыбҿар.

Ахореографиатә ансамбль "Абаза" арепертуар иалоуп адунеи ажәларқәа жәпакы рыкәашарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0