Остроумов и-Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукГородская больница им. Остроумова.
Городская больница им. Остроумова. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи актәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҭоурых еиҭалҳәоит Арифа Қапԥҳа.

Sputnik, Арифа Қапԥҳа

Ижәдыруама шәара Аҟәа раԥхьатәи ахәышәтәырҭа ахьдыргылаз, уи ахҭыс зыхьӡ адҳәало? XIX ашәышықәса анҵәамҭазы ақалақь ауааԥсыра рхыԥхьаӡара аанызқьҩык рҟынӡа акәын иахьынӡанаӡоз. Убри аан араҟа аус ауан хәышәтәырҭак аҳасабала арратә госпиталь заҵәык, аха уахь инаргоз еиҳарак аррамаҵзурауаа ракәын. Усҟантәи аамҭазы абаарра аҳра ахьауаз аҭыԥқәа араҟа акыр ирацәан. Еиуеиԥшым ачымазарақәа лассы-лассы ицәырҟьон, аиҳаракгьы ашыӡ чымазара.

Убри аамҭазы Аҟәаҟа даауеит еицырдыруаз аурыс терапевт, Москватәи аклиника апрофессор Алексеи Александр-иԥа Остроумов. Иара арахь иаара мзызс иамоу ҳәа ҩ-гәаанагарак ыҟоуп. Актәи –Остроумов игәабзииара уашәшәыран убри азы иҭахын амшынԥшаҳәаҿы ԥыҭк дынхар, аҩбатәи – Алексеи Александр-иԥа иполитикатә гәаанагароуп ҳәа ишьоуп. Ишыҟазаалакгьы, Аҟәа ақалақь азы уи ҳамҭак еиԥшхеит.

Остроумов Алексей Александрович.
Остроумов Алексей Александрович. - Sputnik Аҧсны
Остроумов Алексей Александрович.

Ақалақь аԥшӡара дыхнахны, аҩныргылара далагоит. Ҭыԥсгьы иалихуеит Аҟәатәи ашьха. Араҟа иара иааихәеит жәаҩа гектар адгьыл, иргылоит адача, иаакәыршан ишәшьыра мацараха иҟоу асубтропикатә парк шьаҭаиркуеит. Аха иҳәатәуп ари адача иахьа уажәраанӡа ишымааиз. Иаанханы иҟоу аҩбатәи, 1901шықәса рзы Остроумов изы арратә нџьыныр Ивановски иргылаз ауп. Рыцҳарас иҟоу иахьа уигьы аилаҳара иаҿуп.

Заҟа сасцәа дахьқәа аҭаахьааз ари адача?! Арахь иааихьан Чехов, уи иԥшәмаԥҳәыс, актриса Ольга Книппер, Максим Горки, Апполинари Васнецов уҳәа ирацәаҩны.

Алексеи Александр-иԥа араҟа инапы иҵиххьан иакымкәа-иҩбамкәа  Аҟәатәи аҳауа иазку астатиақәа.  Урҭ рнылахьан еиуеиԥшым амедицинатә журналқәеи агазеҭқәеи. Аҟәа аӡбахә еиҳа-еиҳа ирылаҵәон.

"Аҟәа Ниццагьы еиӷьуп уҳәар ауеит – араҟа аԥшасрақәа ыҟаӡам, аҳауа ԥхарроуп", — ҳәа иҩуан апрофессор Остроумов.

Ари аҩыза аӡыргара иахҟьеит арахь еиҳа-еиҳа ауаа рацәа аауа иахьалагаз. Остроумов илагала дуны Аҟәазы иҟалеит ақалақьтә хәышәтәырҭа аргылара. Иара даара ибзианы еиликаауан уи заҟа ара ихымԥадатәиз. 1899 шықәса рзы  Остроумов ақалақь ахада  ашәҟәы изиҩит, уаҟа аҳәара ҟаиҵон ахәышәтәырҭа аргылара иалагарц. Иара ихьӡала, гәыҳалалрак аҳасабала иалеигалеит ԥшьнызқь мааҭ, уи адагьы иҩызцәа рҟынтәи, урҭ рыгәҭа дыҟан еицырдыруаз адукат Плевакогьы,  ҩеижәанызқь мааҭ рҟынӡа аԥара еизганы уахь инеигеит.

1902 шықәса рзы Трапециа ашьха ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны иаадыртит ҩбаны еихагылаз ахәышәтәырҭа ҿыц. Остроумов иԥсахьынӡаҭаз уи хылаԥшра аиҭон.Иахьазы ари аҭыԥ аҟны ареспубликатә онкологиатә хәышәтәырҭа аус ауеит. Иара ааигәа еиҭашьақәыргылан, иара убри аамҭазы еиқәырхан ажәытәтәи аҭоурыхтә хаҿԥшра.

Иара убасгьы абри ахәышәтәырҭа ааигәара 1903 шықәса рзы аусура хнартит ахшараиурҭа, апрофессор иԥшәмаԥҳәыс Варвара Остроумова лԥарақәа рыла. Ажәлар рыҟны иара "Варвара лыхәышәтәырҭа" ҳәа иашьҭан.

Варвареи Алексеии Остроумоваа аашықәса инарзынаԥшуа Аҟәа инхон. Абарҭ ашықәсқәа рыла урҭ ирылшаз акыр ишьардоуп. Остроумов иара убасгьы ажурналқәа рҭыжьра дацхрауан.

Остроумов ихьӡ иахьагьы бзиабарыла, ҳаҭырла иргәаладыршәоит Аԥсны.

Трапециа ашьха иадҳәалоуп Остроумов ихьӡ – араҟа игылан иара идача, ашәшьыра кадыршуан ипаркқәа, ачымазцәа рхәышәтәуан иргылаз ахәышәтәырҭақәа рҟны. Иуҳәар ауеит Аҟәа ари ахәҭа "Остроумов и-Аҟәа" ауп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0