Ажурналист: арҵаҩра иахьагьы сгәы азыбылуеит

© Sputnik / Саида ЖибаВалерий Орчукба
Валерий Орчукба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәкилометрак, асы ԥуа, ахьҭа даиааины, Аҷандарантәи, ашьха аҵаҟа иаҿыгаз амҩала, ашарԥазы, 18 шықәса зхыҵуаз, арҵаҩы Ҳабҩыҟа дцон, изыԥшыз 12-ҩык алагарҭатә школ аҵаҩцәа рахь.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Шьамхышәара илеихьаз асы ашьхамҩа еиманаԥсеит. Жәкилометрак, асы ԥуа, ахьҭа даиааины Аҷандарантәи, ашьха аҵаҟа иаҿыгаз амҩала, ашарԥазы, 18 шықәса зхыҵуаз, арҵаҩы Ҳабҩыҟа дцон, изыԥшыз 12-ҩык алагарҭатә школ аҵаҩцәа рахь. Арҭ аҭыԥқәа рҟны уаҩы димбакәа асы дҭанакыр, ибзианы еиликаауан иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭаиргылоз. Аха аусура мап ацәикыр, ахәыҷқәа рхала уи амҩа ианысны Аҷандаратәи ашкол ахь иаар акәын, мамзар аинтернат иаҭахон.

Аҷандаратәи абжьаратә школ аушьҭымҭа, Аҟәатәи арҵаҩратә институт, афилологиатә факультет, аԥсуа бызшәеи алитературеи латәарадатәи аҟәша астудент, арҵаҩра иҽазикит имариамыз амҩала. Ԥшьышықәса инеиԥынкыланы, амшцәгьеи ашоуреи дыриааины, Аҷандарантәи шьапыла ашьхамҩа данысны, Ҳабҩытәи ахәыҷқәа аҵара шыдирҵози, анаҩс ақырҭуа политика даҿагыланы Гагра арҵаҩреи ажурналистреи шеилаигӡоз атәы ҳзеиҭеиҳәеит, Аԥсныи Урыстәылеи ажурналистцәа Реидгылақәа рылахәҩы Валери Қьрым-иԥа Орчыҟәба.

"Ҳабҩытәи ашкол Аҷандаратәи абжьаратә школ иаҵанакуан. Аинститут латәарадатәи аҟәша санҭала, сқыҭа ахадара сыҳәеит, алагарҭатә школ аҟны амаҭәарқәа мҩаԥызго дыҟам, иалшозар мап умкын ҳәа. Уаҟа, зынӡа 12-ҩык ракәын аҵара зҵоз. Азныказы, рхыԥхьаӡара рацәам, уадаҩрас иамоузеи аасгәахәит. Аусура саналага, актиортә ҟазарагьы сшылаз еилыскааит. Ах-класск ирзалхыз уадак акәын. Иҳамаз ҳакласс ӷәызаҵә хыџьара мелла иааиҩшаны, актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аклассқәа рзы 45 минуҭ ирылагӡаны хрольк нагӡо аурокқәа мҩаԥызгар акәхеит", — игәалаиршәоит арҵаҩы.

Ҳабҩы-Аҷандаратәи ҳәа захьӡыз алагарҭатә школ, Иасон Инаԥҳаи Анна Смырԥҳаи рыхьатә кәасқьаҿы, аҩбатәи аихагылаҟны, уадак қьырала иганы еиҿкаан.

Дара убриаҟара аламыс змаз уаан, арҵаҩ қәыԥш дрыцҳашьаны, амшцәгьақәа раан, ашьхамҩа дшану машәырк имыхьырцаз, аҩны дааныркылон.

"Иасон Инаԥҳаи Анна Смырԥҳаи ауаҩы изааигәан, арыцҳашьара рылан. Асыи ақәеи анауаз дара рҟны сааныркылон, рхәыҷқәа реиԥш сырбон. Сара снаҩсгьы, изцәыхәлоз ашәарыцацәеи абна ҭызгоз аусуцәеи рыдыркылон", — еиҭеиҳәоит Валери Орчыҟәба.

Ветеран ОВНА Беслан Дзкуя - Sputnik Аҧсны
Беслан Ӡкәуиа: раԥхьатәи аӷа дҭасырхеит Цандрыԥшь

Валери Қьрым-иԥа ақыҭаҟны даара ҳаҭыр иқәырҵон. Анхацәа еилыркаауан, рыхшара рзы ихы дшамеигӡоз.

"Исгәалашәоит, ақыҭауаа асасцәа анырзааиуаз, мамзаргьы џьара ныҳәак аназгәарҭоз, еснагь схәы шыԥхьаркуаз", — иҳәоит иара.

Ҳабҩы-Аҷандаратәи алагарҭатә школ аҟнытә, Валери Орчыҟәба аусура дыиаргоит Алексеи Канџьариа дызхагылаз Цандрыԥшьтәи ашкол-интернат №1 ахь, ааӡаҩыс.

"Араҟа снапы ианырҵеит, алеишәа ҷыда змаз ҳәа ирыԥхьаӡоз а-7-тәи акласс аҵаҩцәа. Хышықәса ирылагӡаны, ашкол-интернат аҟны рыбзазара сахылаԥшуан. Ианаамҭоу исырҿыхон, акрыфарҭахь иназгон, аурокқәа иазыҟасҵон, уахынла ишьҭалаанӡа сылаԥш рхын. Араҟа аус зуит хышықәса", — ҳәа ҳаилиркааит арҵаҩы.

Валери Қьрым-иԥа иқыҭа иалҵыз, Аԥсны еицырдыруаз апатриот ду, ауаажәларратә усзуҩ, Жәлар рфорум "Аидгылара" активистцәа иреиуаз, усҟантәи аамҭазы, Гагра аԥсуа школ аргылареи аартреи ирзааԥсаз, Ҳараз Чамагәуа, аԥсуа бызшәеи алитературеи амҩаԥгаразы арҵаҩы ашкол ахь дааиԥхьоит, анхарҭалагьы дшеиқәиршәо наиаҳәаны.

"Аԥсыӡ еиҳа иахьыҵаулоу иашьҭоуп, ауаҩы иахьеиӷьу", — абарҭ ажәақәа Алексеи Канџьариа Валери Орчыҟәба инаиаҳәаны, Гаграҟа дауишьҭит.

Ветеран ОВНА Александр Кетия - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеран: ақырҭцәа рыхқәа хҵәаны ампыл шәасуеит ҳәа ҳаҽԥнырҳәон

"Гагратәи аԥсуа школ аҟны саннеи, Ҳараз Чамагәуа аҵаратә хәҭа деиҳабын. Мчыбжьык ашьҭахь, директорс дшьақәдырӷәӷәеит. Ҳҩыџьагьы қыҭак иалҵыз ҳакәын аҟнытә, еиҳа ҳаиқәгәыӷуан, ҳагәра еибагон",— иҳәеит арҵаҩы.

Валери Орчыҟәба, Гагра анхарҭа ҭыԥ имамызт аҟнытә, Ҳараз Чамагәуа ашкол аҟны, ахьчаҩ иуада ҳәа иалхны иҟаз ииҭеит.

"Цандрыԥшь сахьынӡыҟаз, азеиԥш нхарҭа сыҩнан. Убри аҟнытә, сара сызқәиҭхаз ауада убас сеигәырӷьеит, ахан ргыланы исырҭазшәа", — игәалаиршәоит Валери Қьрым-иԥа.

Гагратәи аԥсуа школ аҟны, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс Валери Орчыҟәба аус иуит 1979 шықәса инаркны 1983 шықәсанӡа, анаҩс даарыԥхьоит х-бызшәакны иҭыҵуа иалагаз араионтә газеҭ "Авангард" ахь корреспондентс.

"Акоммунисттә партиа Гагратәи араионтә комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ Енвер Қапбеи, егьырҭ апатриотцәа гәыԥҩыки ирыбзоураны, агазеҭ "Авангард" аҟны аԥсуа ҟәша аадыртит. Иара убас аредакциахь аусура иаарыԥхьеит Белла Барцыцԥҳа, Ольга Ԥлиаԥҳа, Лиудмила Сергьегьиаԥха. Сара снапы ианырҵеит ақыҭанхамҩа аҟәша. Мчыбжьык хынтә иҭыҵуаз ҳгазеҭ, аԥсуа цәаҳәақәа агымхарц азы, уахи-ҽни аматериалқәа реизгара ҳаҿын. Ҳредактор Закан Агрба, Гагра араион ашьхақыҭақәа рахь сишьҭуан. Аҭыԥантәи абзазара зегьы ҳдаҟьақәа рҟны иааҳарԥшуан. Усҟантәи аамҭазы, арахә шырбоуи, шаҟа литра ахш рымҵуеи, дара ажәхьацәа рыҿцәажәареи уҳәа, асовет уаа аинтерес рзаҵан. Иара убас, азакәан еилазгози, аҳәынҭқар иԥарафаҩцәеи ҭҵааны, ажәлар идҳардыруан. Иҟалалон, аматериал цәырҳамгарц азы аҵарҭыша анҳадыргалоз, ԥараны мамзар тауарны. Аԥсуаа уи ҳхы иаҭәаҳшьомызт, аха ақырҭуа журналистцәа џьоукы егьараан ҳдырԥхашьахьан. Техникатә мзызк иахырҟьаны, агазеҭ аҭыҵра аамҭа иахыԥар, Қарҭынӡа ирзынацҳатәын, иҟалон гәыбӷангьы ҟарҵар," — имариамыз ажурналистикатә ус аҟны ихы шԥишәоз далацәажәеит Валери Орчыҟәба.

Ветеран ОВНА Арзаабеи Григолиа - Sputnik Аҧсны
Григолиа: абџьар сырҭарц азы, амшынтә флот салан ҳәа амц сҳәар акәхеит

Абарҭ ашықәсқәа рзы, ҳмилаҭ аганахь, ӷәӷәала аполитика хәашь амҩаԥгара рҽазыршәеит ақырҭцәа.

Аԥсуа школ аҟны, Жәлар Рфорум "Аидгылара" лассы-лассы еизо иалагеит. Активистцәа иреиуаз Валери Қьырм-иԥа, аредакциа инаваргыланы, ақырҭцәа рполитика аҿагылара аҭаразы аԥсуа патриотцәа имҩаԥыргоз акциақәа зегьы ихы рылаирхәон.

"1990 шықәсазы, Гагратәи астадион аҟны аԥсуааи-ақырҭцәеи ӷәӷәала еиҿагылеит. Сҩызцәа Лиудмила Сергьегьиаԥхаи, Белла Барцыцԥҳаи сареи, ҳауаажәлар ҳахьрылагылаз азы, зныкымкәа апрокуратурантәи ауаҩы дааны ҳҿахәы ҳҿихуан", — аҭоурыхтә хҭысқәа дырзааҭгылоит Валери Орчыҟәба.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа, Ҭоԥуриа зыжәлаз ақырҭуа журналистк Гагра иҭижьуа далагеит "Карибҷа" ҳәа аԥсуаа ҳганахь апровокациатә статиақәа знылоз агазеҭ. Уи аҿагылара аҭаразы Жәлар Рфорум "Аидгылара" активист Ҭенгиз Габуниа иаԥшьеигеит, ҩхьӡык аҭаны аԥсышәалеи урысшәалеи "Взгляд", "Аԥсны абжьы" ҳәа агазеҭ аҭыжьра.

Ростислав Кетия - Sputnik Аҧсны
Ростислав Кьетиа: Гагра ахақәиҭтәра аибашьцәа агәыӷра ҳнаҭеит

"Аԥсуаа ҳҿахәы зҳәоз, Ҭенгиз Габуниа, Арсен Хьециа, сара мызкала зны иҭҳажьуаз агазеҭ Белла Барцыцԥҳа лыҩны ишьҭаҳҵон. Уантәи лашьа Артиом имашьынала анаплакқәа зегьы ирылаҳарҵәон", — иҳәоит Валери Орчыҟәба.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Гагра ақалақь, асасааирҭа "Абхазиа" аҵыхәтәантәи аихагылаҟны, ақырҭцәа ателестудиа еиҿкааны ирыман. Аԥсуа еибашьцәа, Гагра араион анҭадырцәы ашьҭахь, Бадра Аибеи, Валери Орчыҟәбеи, Лиудмила Сергьегьиаԥҳаи, араҟа аусура иалагеит. Ихатә машьынала, хәыда-ԥсада аусура дрыдгылеит Ҭемыр Гыцба.

"Ақырҭцәа, Мызовски зыжәлаз аҭыԥантәи аоператорк дрыдкыланы дрыман. Ҳара ҳанааи, иара дҳаԥшаан, дыԥхамҵакәа, ҳхы дархәаны Гагра араион аҟны аҭыхрақәа рымҩаԥгара ҳалагеит. Ҳрыҿцәажәон аибашьцәа, иҭахаз рҭаацәа, ҳаӷацәа ргыгшәыграқәа лабҿаба избаз ауаа. Изныкымкәа Ешырагьы ҳцаны аҭыхрақәа мҩаԥаҳгахьан. Убас мацара, хәы змаӡам аматериал еидаҳкылеит. Аха иахьанӡа еиқәхаз маҷуп. Еиҳа ихадараз, Мызовски иманы, иҽӡаны Урыстәылаҟа дцеит", — иҳәоит ажурналист.

Гагратәи ателестудиа, араион афинанстә ҭагылазаашьа иахырҟьаны хара имгакәа аусура аанкылахеит. Аибашьра аламҭалаз "Авангард" аҭыԥан аҭыҵра иалагаз агазеҭ "Гагра", ақалақь аӷа даналцаха ҩаԥхьа аусура хацнаркит, редакторсгьы дахагылан Ольга Ԥлиаԥха. Валери Орчыҟәбеи иҩызцәа ажурналистцәеи рус инадгылеит.

"Аибашьра ацара ишаҿыз аидкылара ҳалагеит зыԥсадгьыл зхы ақәызҵоз аҵеицәа рзы аинформациа, афотосахьақәа. Убарҭ зегьы аҭыԥантәи агазеҭ ианаҳҵон", — еиҭеиҳәоит Валери Қьрым-иԥа.

Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы ианақәиҭха, аҵара аҟәша еиҳабыс даҭан Борис Кьехьыриԥа. Иара иаԥшьгарала, ақалақь агәҭа иалагылаз ҳаӷацәа зхыҽхәоз ақырҭуа школ, иаԥсыуа школны иаартхеит. Уи иадырԥхьало иалагеит аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи. Аиашазы, раԥхьанатә иуадаҩын аҵаратә процесс ашьақәыргылара. Ақалақьуаа агәрамгара рыман азы, зхәыҷқәа аазгоз маҷхеит. Ақыҭақәа ирылҵыз аҭаацәарақәа рыбзоурала, маҷк аҵаҩцәа еидкылахеит.

Аԥсуа школ ҿыц директорс даман Иури Ҭраԥшь. Иара аусура анаанижь, арҵаҩратә еилазаара иҟарҵаз аҳәарала, Валери Қьрым-иԥа директорс дшьақәырӷәӷәан. Уи аԥхьаҟа арҵаҩреи ажурналистикеи еилазгӡоз, директорс даныҟала, аредакциа нижьыр акәхеит.

"Ашкол анапхгара аҭара аҭакԥхықәра ду ацын. Убри аҟнытә, азнык азы мап ацәыскит. Аха аколлектив раҳаҭыр баны, срывагылеит. Ахатә традициақәа змоуи ҿыц ишьақәгылази ашколқәа акырӡа еицәыхароуп. Ҳара ҳнапы ианылеит, еиуеиԥшым ашколқәа рҟнытә иҳаднагалаз, аҵара иазҿлымҳази, иԥсыҽызи, алеишәа ҷыда змази ахәыҷқәа рыҭҵаара, амҩа иаша рықәҵара",— ҳәа ҳаилиркааит ашкол адиректор.

Шықәсқәак ааҵуаны, ари аԥсуа школ, ахатәы азеиԥш ҵарадырратә школ "Альфа" ҳәа ишьақәгылеит.

Убри аамышьҭахь, Валери Орчыҟәба деиҭазыхынҳәуеит ажурналистика. 1999 шықәса инаркны, иҭыҵуа иалагаз араионтә газеҭ "Гагрски Вестник" аредактор Цицина Еныкь диԥсахуан фышықәса. Иахьа, аредактор ихаҭыԥуаҩс дыҟоуп.

Ҳақы Заде иҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Диана Задеԥҳа: сандуи сабдуи Сариа Лакоба лзы ашәы ршәуп ҳәа, Аԥсны иахцан

Абас, шықәсырацәала, инеимда ааимдо арҵаҩреи ажурналистикеи рхырхарҭала аус зухьаз Валери Орчыҟәба, зегь акоуп игәы ззыбылуа ашколтә ԥсҭазаара ауп.

"Иахьа арҵаҩра знапы алаку зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иԥшьоу шәус азы. Шәара аҵара дшәырҵоит, ишәааӡоит Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш знапы ианылараны иҟоу аҿар. Лассы-лассы исаҳалоит ацәажәарақәа, ажәытә аамҭақәа раан изызҳауази иахьатәи ахәыҷқәеи леишәала еиԥшым ҳәа. Аԥышәа змоу рҵаҩык иаҳасабала агәра шәсыргоит, уи ус шакәым. Ажәытәи аҿатәи раан ахәыҷы дшыхәыҷу даанхоит. Шәара ишәуалу, еилых ҟамҵакәа, аӡәк еиԥш рызнеиреи, егьа шәгәы ндырхаргьы ранажьреи ауп. Убасҟан шәзанааҭ аҟны шәшьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡоуп", — ҳәа абжьгара ҟаиҵеит, иацгьы, иахьагьы, уаҵәгьы ирҵаҩу, Валери Қьрым-иԥа Орчыҟәба.

ИАЦУ

Ахатәы бызшәа агәыбылра сзыркыз, зыбзоурала қәҿиарала афилологиатә факультет аԥсуа ҟәша иалгаз, аха ажурналистика еиҳа зыхшыҩ азцаз, уи ахырхарҭаҟны раԥхьатәи ашьаҿақәа сзырҟаҵаз, иацгьы, иахьагьы, уаҵәгьы аԥышәа змыздо сырҵаҩ ду иакәны даанхоит Валери Қьрым-иԥа Орчыҟәба.

Ажәабжьқәа зегьы
0