Беслан Ӡкәуиа: раԥхьатәи аӷа дҭасырхеит Цандрыԥшь

© Фото : Личный АрхивВетеран ОВНА Беслан Дзкуя
Ветеран ОВНА Беслан Дзкуя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра шалагоз агәра ргахьан ҳмилаҭтә гвардиа алахәцәа, аха зегь акоуп рхахьы аагара рцәыуадаҩхеит уи аамҭа еиқәаҵәа ианҭагыл.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

Ҭимыр Надараиа напхгаҩыс дызмаз, Пицунда еиҿкааз аԥсуа гвардиа иалаз Беслан Виктор-иԥа Ӡкәуиа, 1992 шықәсазы, нанҳәа 14 аҽны, Гагра иҩызцәеи иареи акаҳуажәырҭаҟны итәан. Уи иазааигәаз ахатәы ҩны аҟнытә, аҷкәынцәа аибашьра алагеит ҳәа ирызҿылҭит, ателевизор ала Владислав Арӡынба иқәгылара збаз ҭыԥҳак.

"Аӡәгьы сизымԥшкәа иаразнак Пицундаҟа агвардиа еиҿкааны иахьҳамаз сдәықәлеит абџьар азы, аха исмоуӡеит. Гаграҟа сеиҭахынҳәын, ашәарыцага шәақь ааиҵаҵаны, сашьцәа Ромеи Рамизи аашьҭхны, Цандрыԥшьҟа ҳҵеит. Амҩахь иҳақәшәаз аԥсуа ҷкәынцәа рацәаҩӡоуп, иахьынӡасгәалашәо урҭ иреиуоуп Важьа Аиба, Рома Аиба, Роберт Бганба, Алхас Бодров, Рауф Ашьхаруа, Рома Гьезердаа, Мика Ӡаԥшьба, Иури Қаԥшь уҳәа", — аибашьра раԥхьатәи амш игәалаиршәоит Беслан Ӡкәуиа.

Ветеран ОВНА Заур Бганба - Sputnik Аҧсны
Бганба Гагра араион аҭарцәра иазкны: аԥсҭазаара ҿыц ҳаузшәа ҳбеит

Ауха ҳаибашьцәа гәыԥҩык Цандрыԥшь идыршеит.

"Адырҩаҽны, ақырҭуа десант анӡхыҵуаз, Ҭимыр Надараиа агвардиа алахәцәа аӡәырҩы шицыз, Цандрыԥшь, адәыӷбаанҿасырҭахь дылбааит. Сареи аҷкәынцәа гәыԥҩыки Ачмарда абжьаларҭаҟны ҳашгылаз, аӷацәа ҳалаԥш ианыҵашәа, амшын аԥшаҳәахьы албаара ҳалагеит. Ус раԥхьатәи ахысыбжьқәа геит. Ҳаԥхьа ицахьаз Иури Қаԥшь ҩынтәҟа аҭак аҟаҵара илшеит, аха игәы иақәшәаз ампыҵахалаҩ ихымца иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит. Азнык азы санихагыл дысзымдырӡеит, данаасырҳә, Иури иакәызшәа анызба сшанхеит. Снапы дзакыз иԥсы ихыҵит", — илабжыш иҿықәыҳәҳә иҩыза дышҭахаз еиҭеиҳәоит аветеран.

ветеран ОВНА Батал Чкотуа - Sputnik Аҧсны
Баҭал Чкәотуа: ҳабжамҽамзаргьы, ҳаԥсадгьыл аҟны ҳанхоит

Аӷа идесант бџьарла еиқәных иҟан, урҭ ашәарыцага шәақьла иузаанкыломызт. Убри аҟнытә аԥсуа еибашьцәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит.

"Ачмарда абжьаларҭахь ҳанхала, уантәи ахысра ҳалагеит. Алик Хышба хҩык ақырҭцәа ҭаирхеит, сара аӡәы. Уаанӡа ателевизор ала акәын ауаҩшьра ахьызбахьаз, аха араҟа зегьы лабҿабан", — раԥхьатәи аӷа дышҭаирхаз игәалаиршәоит Беслан.

Анаҩс, ҳаибашьцәа шьхала Гаграҟа идәықәлеит.

"Аерман ҷкәынак 22-ҩык аԥсуаа амҩа ҳарбо, шьхала аԥсшьарҭа ҩны "Украина" акалҭ ахь ҳкылеигеит. Иара уаҟа дынхон аҟнытә, аҩныҟа ҳнаиган акраҳҿеиҵеит. Ҳамч анҭала, аԥшыхәра ҳҽазаҳшәеит. Алхас Бодров ҳәа иҳацыз аҷкәын ддәықәаҳҵеит аԥсашьраҭа ахахьы. Ақырҭцәа иҿаҳар, иурысжәла нараҳәаны дшоурыжьуаз дырны", — иҳәоит аибашьҩы.

Аԥсшьарҭа ҩны "Украина" аҿаԥхьа аԥсуаа ракәын иҟаз. Аха, ақырҭцәа ԥхьаҟа ижәылон аҟнытә, уи аҭыԥгьы ааныжьтәхеит.

"Машьынақәак ҩарышьҭын, ҳалбааргеит араион Ахадарахь. Араҟа абџьар змаз гәыԥ-гәыԥла рҽеидыркыло иалагеит, знапы ҭацәыз аҩныҟа шәца ҳәа рабжьганы. Аха шьҭахьҟа хьаҵшьа ҳамазма", — еиҭеиҳәоит аветеран.

Убри аҽны, агвардиа алахәцәа еизганы ирарҳәеит Аҟәа ақырҭцәа рнапахьы ишааргаз.

Ветеран ОВНА Геннадий Гицба - Sputnik Аҧсны
Геннади Гыцба: аибашьрагьы шьцылароуп

"Апартизантә еибашьра ҳалагоит ҳәа иӡбаны ишҳамаз, даҽа уск ҳнапы ианырҵеит. Аҩ-ганк имҩаԥыргаз аиҿцәажәарақәа рыла, иазԥхьагәаҭан агвардиа алахәцәа ақалақь шаанҳажьуа, ақырҭцәа ракәзар, Гагра ишаламло. Нанҳәа 16 рзы, ҳгәыԥ Ԥсахара ақыҭа аҵыхәахь ацәаҳәа аанаҳкылеит. Ақырҭцәа ражәа нарымгӡеит, ақалақь рнапахьы иааргеит" — Гагра шаанрыжьыз игәалаиршәоит Беслан.

Ари ацәаҳәаҟны, аԥсуа еибашьцәа мышқәак ракәын иахьтәаз.

"Агвардиа алахәцәа ҳнаҩс, ацәаҳәа аанкыланы итәақәаз иреиуан Русҭан Канџьариа, Игорь Аргәын, Невик Еныкь, Даур Чычба, Витали Аиба уҳәа. Иара убас, абраҟа фырхаҵарала рхы аадырԥшит агвардиа иалақәаз аерман ҷкәынцәа "Малыш" ҳәа заҳҳәоз Сергеи Чакриани, Омпик Ексузиани. Дара аԥсуа шьа рылазшәа акәын рхы шымҩаԥыргоз. Ус, "Малыш" ииасуаз машьынак ааникылан, иақәтәақәаз рхаҭара шьақәзыргылоз ақьаадқәа гәаҭо, амашьынаныҟәцаҩ диазҵааит иуыжәлеи ҳәа, егьи "Чакриан" ҳәа аҭак ҟаиҵеит. Убасҟан Сергеи диқәымчит, мап, сара соуп Чакриан зыжәлоу, уара уԥсахҩыуп наҳәаны", — ахҭысқәа дрылацәажәоит аветеран.

Абарҭ амшқәа рзы, Гәдоуҭа иҟаз Урыстәылатәи архәҭа иақәланы абџьар ргахьан аԥсуаа.

"Сашьцәа иреиуаз Адамыр Барцыц, Гәдоуҭантәи абџьар ааиган, аибашьцәа иаҳзишеит. Нанҳәа 30 аҽны, ақырҭцәа ҳганахь атанк аадырҳәын иҳалахысит. Ҳара аҭак ҳазрымҭеит, ахыԥсаҟьага заҵә иҳамаз ҭымҟьеит. Убасҟан Витали Аиба ҩыџьа ақырҭцәа ҭаирхеит. Виктор Шершелиа аибашьыга машьына (БРДМ) иҭаиҭәашаз аӡы шааигоз ахы иқәшәеит, дҭахеит Борис Адлеибагьы.

Ростислав Кетия - Sputnik Аҧсны
Ростислав Кьетиа: Гагра ахақәиҭтәра аибашьцәа агәыӷра ҳнаҭеит

Ақырҭцәа аибашьыга машьына иақәкны ишхысуазгьы ирзақәмыршәеит. Емзар Амԥар аус аирурц иҽазикит, аха иааиуаз ахымца днанашьҭуамызт, уи аамҭазы ауаԥс ҷкәынак ӷәӷәала дыхәны ажраҿы дышьҭан, Емзар аӷацәа иҽдмырбаӡакәа дҭигеит. Анаҩс, Роберт Кәарҷиа аибашьыга машьына аус аируын, аӷацәа ртанк ҩынтә деихсны иааникылеит. Убасҟан даргьы шьҭахьҟа ихьаҵит, ҳаргьы 200 метра алада ҳласкьеит" — аԥсҭбара зцыз аиҿахысра ӷәӷәа игәалаиршәоит Беслан.

Бзыԥҭатәи ахырӷәӷәарҭаҿы, Рома Ҭарба икомандаҟаҵарала, ацәаҳәа нзыжьыз агәыԥ, аҭыԥ рзалԥшааны идыртәеит.

"Ҭимыр Надараиа ҩ-взводк дырхагылан. Урҭгьы акомандаҟаҵаҩцәа рзалхын. Руакы сара сеиҳабын, егьи Сергеи Жьиба. Сҩызцәеи сареи анышәынҭрақәа ҳрылатәан жьҭаара акынӡа", — еиҭеиҳәоит аибашьҩы.

Жьҭаара аказы, аԥсуа гәыԥқәа Ԥсахаранӡа инеит. Аҵх рхыганы, адырҩаҽны, рыҽшаны ақалақь ахь ижәылеит.

"Ҳара ҳгәыԥ ахәбатәи аиланхарҭала, аџьармыкьанӡа ҳааит. Аснаиперцәа ҳхы ашьҭхра ҳарҭомызт. Аҭактә хысрақәа мҩаԥго, иаҳулак астадион аҟынӡа ҳнаӡеит. Убасҟан сааигәара иҟан Џьамали Сулҭани Барцыцаа, Гена Асланӡиа уҳәа аӡәырҩы. Исгәаламшәо рацәаҩӡоуп саҭарымҵааит", — иҳәоит Беслан Ӡкәуиа.

Беслан игәыԥ астадион ианавс, рыбжьара ирхәызи иҭахази ҟалеит.

"Ақалақь агәаны ахәрақәа роуит Емзар Амԥари, Рома Ӡкәуиеи, рыхьӡқәа сгәалашәом, аха ҩыџьа аԥсуа ҷкәынцәа ҳцәыршьит. Дҭахеит убас "Малыш" ҳәа иҳацыз, 19 шықәса зхыҵуаз аерман ҷкәын. Гагратәи ахырхарҭаҟны аӷа ихымыца рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит сашьцәа Ардашьыни Адамыри Барцыцаа", — еиҭеиҳәоит аветеран.

Аԥсуа еибашьцәа аԥсшьарҭа ҩны "Украина" ианнеи, иаанҿасит. Ашьыжь ԥхьаҟа еихеит.

Ветеран ОВНА Зураб Сергегия - Sputnik Аҧсны
Зураб Сергьегьиа: Мамзышьхантә раԥхьатәи аҭҟәаҩы дылбааҳгеит

"Арыцхә 5 рзы жәылара ҳдәықәлеит. Цандрыԥшь ахырхарҭаҟны Ҭимыр Надараиа ахәра иоуит. Еицқәаз Ачмарданӡа ҳаннеи, уи абжьаларҭаҟны иҳаршеит. Адырҩаҽны ҳаихеит аҳәаахьы. Убас жьҭаара фба рзы, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аӷа далцаны, Ԥсоу аҳәааҟны ҳбираҟ ахадыргылеит" — Гагратәи аиааира игәалаиршәоит аибашьҩы.

Анаҩс, Беслан Ӡкәуиа далахәын, Аԥсны ахақәиҭтәразы имҩаԥысуаз аоперациақәа жәпакы, еиуеиԥшым авзводқәа командаҟаҵаҩс дрыманы. Аиааира амш даԥылеит Мархьаул ақыҭан, Витали Тарнаа ибаталион дшалаз.

Аибашьра аветеран Беслан Ӡкәуиа ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.

Ажәабжьқәа зегьы
0