Михаил Реиман ҳацхыраара иҭахуп

© Фото : из личного архиваМихаил Рейман
Михаил Рейман - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Михаил Реиман (Аԥырԥалыкь асиндром имоуп) изы Афонд "Ашана" аԥареизгара иалагоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 27– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Жәа-шықәса зхыҵуа, буллезныи епидермолиз (Аԥырԥалыкь асиндром) ҳәа изышьҭо ачымазара змоу Михаил Реиман изы Афонд "Ашана" аԥареизгара иалагеит.

Ахәыҷы дышиҵәҟьаз аҳақьымцәа Мизаил иан Анастасиа Котельникова иларҳәеит лхәыҷы агәамбзиара шимоу аха усҟан ишьақәыргыламызт ичымазара.

Михаил Реиман. - Sputnik Аҧсны
Михаил Реиман ҳацхыраара иҭахуп

Ахәыҷы ичымазара ахьӡ ԥшӡа (Аԥарԥалыкь асиндром) шамоугьы ахәышәтәра залшаӡом, аха иҭагылазаашьа еиҳа армариара ауеит. Иаҭахуп ирацәаны еиуеиԥшым ахәшәқәа ахәыҷы имш алагоит ихәрақәа рҿыӡәӡәаарала. Нас урҭ зегьы ицқьоу акасыш ала иҿаҳәалатәуп. Аҿаҳәагақәа рыԥсахроума, еиуеиԥшым ахьшьтәқәа ихьшьроума, акәабараҵәҟьа Миша изы ахьаа рыцуп.

Убарҭ аҿаҳәага-хархәагақәа роуп еиҳаракгьы аԥара нызхуа. Ашықәс аҩныҵҟа аҭаацәа 1,5 миллион рҟынӡа аԥара нырхуеит. Дара аӡәгьы иргәаҟра шырҭахымгьы агәыҳалалратә Фонд "Ашана" изныкымкәа ахәыҷы ицхырааразы аԥареизгара рыланаҳәахьеит.

Уажәы Миша аҩноуп аҵарадырра дахьахысуа. Иара иаԥхьаҟазы азанааҭ алиххьеит. Ааигәанӡа атәыла Ахадас дҟалар иҭахын, аха уажәы акибер-спорт иҽадиҳәалар иҭахуп.

Миша иан Анастасиа ишылҳәаз ала аҷкәын бзиа ибоит асахьаҭыхра, ахәмарра, аха ичымазара аԥкырақәа инаҭоит. Иара убри аамҭазы еиликаауеит иҭагылазаашьа, дук еиԥш ихы мҩаԥигоит.

"Сара ашкол ахь аныҟәара бзиа избоит. Исҭахуп ахәмаррақәа апрофессионалтә ҩаӡара рыманы раԥҵара. Сгеимер изанааҭ сгәаԥхоит. Уаанӡа атәыла Ахадас аҟалара сҭахын, аха уи гәырҿыӷьгоуп", — иҳәоит Миша.

"Миша ииҭахны иҟоу ахәшәқәа рыхәԥса акыр иҳаракуп", — лҳәеит афонд "Ашаан" анагӡаратә директор Мактина Џьынџьалԥҳа. – Миша изы уажәы хынтәны аԥара еизаагоит. Уаанӡатәи ҳаизгарақәа ирылҵшәахеит Германиеи, Санкт-Петербурги имҩаԥгаз ихәышәтәра аетапқәа. Аха адунеиаҿ макьана ирымхәыцыцт асеиԥш иҟоу ачымазара шухәышәтәыша. Ус ауаҩы иҭагылазаашьа уацхрауеит ауп. Ҳгәыӷуеит ауаа аганахь игыларым ҳәа, ахәыҷы ацхыраара иҭараҿы иҳавагылап ҳәа".

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" анагӡаратә директор Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла аҭаацәа ирылшом ахарџь зегьы аҵагылара. Уажәазы еизгатәны иҟоуп 500 000 мааҭ аԥара.

Миша ицхыраара ауеит аномер 5050 ахь смс анашьҭрала. Иара убасгьы иҟалоит амаҵзура "Перенос баланса" – "Благотворительность" ала аԥара нашәышьҭыр. Уи азы илхтәуп *147* ииажәго аԥара ахыԥхьаӡара.

Афонд аусура хацыркын 2011 шықәса рзы. Ари аамҭала ацхыраара рыҭан 94-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0