Михаил Реиман ҳацхыраара иҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМихаил Реиман.
Михаил Реиман. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аа-шықәса зхыҵуа Михаил Реиман (Аԥырԥалыкь асиндром) изы Афонд "Ашана" аԥареизгара иалагоит.

АҞӘА, лаҵарамза 19 – Sputnik, Бадри Есиава. Аа-шықәса зхыҵуа, буллезныи епидермолиз (Аԥырԥалыкь асиндром) ҳәа изышьҭо ачымазара змоу Михаил Реиман изы Афонд "Ашана" аԥареизгара иалагоит. Абри атәы ҳалҳәеит Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аменеџьер Мактина Џьинџьолиаԥҳа.

"Миша изы уажәы хынтәны аԥара еизаагоит. Уаанӡатәи ҳаизгарақәа ирылҵшәахеит Германиеи Санкт-Петербурги имҩаԥгаз ихәышәтәра аетапқәа. Уажәы еизгахо аԥарақәа рыла амедицинатә препаратқәа ааҳхәоит. Иара ииҭахны иҟоу ахәшәқәа рыхәԥса акыр иҳаракуп", — лҳәеит лара.

Миша иан Анастасиа ишылҳәаз ала аҷкәын бзиа ибоит асахьаҭыхра, ахәмарра, аха ичымазара аԥкырақәа инаҭоит. Иара убри аамҭазы еиликаауеит иҭагылазаашьа, дук еиԥш ихы мҩаԥигоит.

"Сара ашкол ахь аныҟәара бзиа избоит. Уаҟа аҩызцәа рацәаҩны исымоуп. Даара бзиа избоит ихаау, аха ирацәаны исфар ҟалаӡом", — иҳәоит Миша игәы хьаауа.

Ахәыҷы ичымазара ахәышәтәра залшаӡом, аха иҭагылазаашьа еиҳа армариара ауеит.

Григори Гаидар. - Sputnik Аҧсны
Григори Гаидар иан: сыҷкәын абара далагеит, адунеи аинтерес изаҵоуп

Миша иан Анастасиа лажәақәа рыла ирымоу ахәшәқәа мчыбжьык аҟынӡоуп иахьрызхаша. Дгәыӷуеит Аԥсны ауааԥсыра ацхыраара лырҭап ҳәа.

Аҿаҳәагақәа рыԥсахроума, еиуеиԥшым ахьшьтәқәа ихьшьроума, акәабараҵәҟьа Миша изы ахьаа рыцуп, лҳәоит ан лгәи-лылыӷырӡи еилаҵәо.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аменеџьер Мактина Џьинџьолиаԥҳа лажәақәа рыла аҭаацәа рфинанстә ҭагылазаашьа уашәшәыроуп, ахәыҷы ииҭаху иҭара рцәыуадаҩуп.

"Мызкахьы ахәыҷы изы 40 000 мааҭ рҟынӡа ахарџь аҭахуп. Аҭаацәараҿ аус зуа аб заҵәык иоуп", — лҳәеит лара.

Афонд аусура хацыркын 2011 шықәса рзы. Ари аамҭала ацхыраара рыҭан 94-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0