Абессалом Кәарҷиа араса иақәҵоу абаџь ҿыц азы: анхацәа акыр ирзеицәоуп

© Sputnik Томас ТхайцукОрехи.
Орехи. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла Абессалом Кәарҷиа араса алгаразы абаџь екпроприациоуп ҳәа ахиҳәааит радио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

АҞӘА, ԥхынгәы 27– Sputnik. Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла, икоммерциатәым аиҿкаара "Крепкий орешек" анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиа араса алгаразы абаџь ҿыц анхацәа акыр ирзеицәоуп, ҳәа ахиҳәааит радио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

Фундук - Sputnik Аҧсны
Кәарҷиа: Аԥсны жәытәла араса аадрыхуеит

"2017 шықәса рзы ирыдыркылеит аӡбра Урыстәылаҟа Аԥсны иалганы араса агараан абаџь аиҵатәразы. Егрытәи аҳәааҿы уи ишыҟаз иааныжьын. Уажәы абаџь еиҟарартәит. Аарыхыҩ усеиԥш аӡбра шаздырхио заанаҵы идыруазароуп. Абаџь шышьҭырхуаз здыруазҭгьы уиаҟара аџьа схы иасырбомызт. Араса иара усгьы акыр иуашәшәыроуп сынтәа", — иҳәеит иара.

Аџьармыкьаҿ иахьазы араса 50 мааҭ иаԥсоуп. Абаџь ҿыц ала уажәшьҭа иара аҭира хашәалахә дук аанагом. Атранспорттә маҵзурақәагьы рыхәԥса иацлеит ҳәадцәажәоит анаплакҩы.

"Араса еиҳарак иахьаадрыхуа Мрагыларатәи Аԥсны ахәҭаҿоуп. Ауаа заанаҵы ироураны иҟоу ахашәала иадырҳәалоит раԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара аҿиашьа. Апланқәа ҟарҵоит. Зегь раԥхьа уск-уск шьҭоуп. Арасада аҽа хашәалак змам ыҟоуп.иара араса акәзар шамахамзар зехьынџьара ичмазаҩуп", — иҳәоит иара.

Иагьџьеишьоит араса знапы алаку ауаа ацхыраара рҭахны ианыҟоу абаџь аиҳатәра азҵаара ахьцәырҵыз.

Продажа ореха на рынке - Sputnik Аҧсны
Апты иацәынхаз: Аҟәатәи аџьармыкьаҿы араса шырҭиуа

"Абаџь аҳаракра алацәажәара шԥалшоз, ауаа рхарџьқәа рыхҩара анрыламшо аамҭазы. Араса аҭираҟынӡа иноугарц азы ихәышәтәтәуп, ирҵәтәуп, ирхтәуп аҵа, аҽаҩра еизгатәуп, игәылхтәуп. Абарҭ зегьы азгәаҭаны аарыхыҩ 80 мааҭ еиҵаны араса иҭиир иарбанызаалак феида иоуам", — иҳәеит анаплакҩы.

Абессалом Кәарҷиа иҳәеит Очамчыра араион аҿы араса аиҳарак шыԥхасҭо.

"10 кьылак араса бзиа уоурц азы 100 кьылак еизгатәуп. Уи иартәоит х-нызқьмааҭ ахарџь. Жәа-кьылак араса 50 мааҭ ҳәа иуҭир 500 мааҭ роуп иуоуа. Уажәшьҭа шәазхәыц, иаԥсоума араса ааӡара", — иҳәеит иара.

Кәарҷиа иҳәеит абаџь аиҳатәраан иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ ишазхәыцтәыз.

Ажәабжьқәа зегьы
0