Карате азы атурнир "Open Abkhazia" мҩаԥысит Аҟәа

© Фото : Виталий ЧитанаваТурнир по каратэ "Open Abkhazia" состоялся в Сухуме
Турнир по каратэ Open Abkhazia состоялся в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Карате азы I Жәларбжьаратәи атурнир "Open Abkhazia" иалахәын Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 120-ҩык аспортсменцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиа. Карате азы I Жәларбжьаратәи атурнир "Open Abkhazia" мҩаԥысит Аҟәа, ԥхынгәы 27 рзы, иара иалахәын Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 120-ҩык аспортсменцәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит карате кекусинкаи Афедерациа апрезидент Витали Читанаа.

© Фото : Виталий ЧитанаваТурнир по каратэ "Open Abkhazia" состоялся в Сухуме
Турнир по каратэ Open Abkhazia состоялся в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Турнир по каратэ "Open Abkhazia" состоялся в Сухуме

Атурнир иалахәын 14 команда. Аԥснытәи аспортсменцәа реиԥш иара иалахәын Шәача, Москва, Ростова-на-Дону, Ҟрым, Хабаровск рҟынтәи аспортсменцәа.

"Актәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәатәи акоманда, аҩбатәи– Агәӡератәи акоманд, ахԥатәи–Очамчыратәи акоманда. Иреиӷьу атехниказ аԥхьахә иоуит Инал Парцхалиа", — ҳәа еиҭеиҳәоит Витали Читанаа.

Карате азы I Жәларбжьаратәи атурнир "Open Abkhazia" мҩаԥысит Аҟәа, ԥхынгәы 27 рзы, иара иалахәын Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 120-ҩык аспортсменцәа.

Ԥхынгәы 27 рзы диит карате-кекусинкаи ашьаҭаркҩы Масутацу Оиамои.

© Фото : Виталий ЧитанаваТурнир по каратэ "Open Abkhazia" состоялся в Сухуме
Турнир по каратэ Open Abkhazia состоялся в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Турнир по каратэ "Open Abkhazia" состоялся в Сухуме
Ажәабжьқәа зегьы
0