Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәарҭеит Гагра

© Sputnik Саида ЖибаХатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 15 рзы, хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рымш азгәарҭоит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ԥхынгәы 15 рзы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рымш аҽны, Гагра ақалақь, Мамзышьха аҳаракыраҟны ишьақәыргылоу, Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз Нхыҵ-Кавказтәи аибашьцәа Ибрагим Науржанови Нургали Канукови, Хасан Алхасови, Гәдоуҭа араион иалҵыз Валери Смыри рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, Гагра араион Ахадара.

Лили Хагба - Sputnik Аҧсны
Лили Ҳагҧҳа: урҭ ршьа-рда аус ауит, рыуаҩра аус ауит, рааӡара аус ауит

Нанҳәамза анҵәамҭазы, 1992 шықәсазы, Мамзышьха аҳаракыраҟны аидыслара ӷәӷәа ҟалеит. Усҟан, Гагра ақалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩ имҽхакны дыҟан, ашьхараҟынгьы итәан дара рыԥшыхәратә гәыԥ. Абраҟа иҟалаз аиҿахысраан, аӷа хәымга ихымца рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит арҭ аибашьцәагьы.

Хасан Алхасов иакәзар, дҭахеит, Гагра араион ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз аҵыхәтәантәи ажәыларатә аоперациаҟны. Иара ибаҟа, арԥарцәа рганаҿы ишьақәыргылоуп, иаб иҟаиҵаз аҳәарала.

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, хатәгәаԥхаҩык –шәҩыуаак реиԥш даҳбон, агәыӷра ҳаиҭон, ҳхала ҳшыҟам ҳирбон. Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәеи, Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуааи рхаҭарнакцәеи рыбзоурала, аӷацәа рыҩнуҵҟа агәшәара цәырҵит, рымч иақәымгәыӷуа иҟалеит. Сара аԥсуа еибашьҩык иаҳасабала, иахьа рҿаԥхьа схырхәоит абџьар шьҭыхны, хамеигӡарала иҳадгылаз, зыешьаратә жәҩахыр ҳзеиҵызхыз ахатәгәаԥхаҩцәа, иҭахаз рыԥсы сакәахшоуп", — иҳәеит аибашьра аветеран Роман Рабаиа.

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш аҽны, ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Ԥсахара ақыҭан ишьақәыргылоу, Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз, Аахыҵ Уаԥстәылантәи иааны еибашьуаз Џьамал Сиукаеви, Роберт Петров-Кокоеви, Ацамаз Маргиеви рбаҟа амҵан.

Иҭахаз ргәаладыршәарц азы имҩахыҵыз иреиуаз, Ԥсахара ақыҭа Ахадара аиҳабы Алхас Абыџба иҳаилиркааит, абаҟеи, ари аҵакырадгьыли есқьынагьы рылаԥш шаху.

"Ҳара шықәсык ахь зны акәымкәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу агәалашәаратә рыцхәқәа зегьы раан ҳааины ашәҭқәа шьҭаҳҵоит", — ҳәа азгәеиҭеит ақыҭа аиҳабы.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалагӡаны, аешьаратә тәыла рыԥсы ахҭнырҵеит шәҩыла хатәгәаԥхарала иааз Нхыҵ-Кавказтәи аибашьцәа. Дара рахьтә ирацәаҩуп Аԥсны Афырхаҵа хәа ахьӡ ҳаракы зыхҵоу, иара убас Леон иорденқәеи Агәымшәаразы амедалқәеи занашьоу.

© Sputnik Саида ЖибаХатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа

Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз, рыешьаратә жәҩахыр иалнаршеит, ишьаарҵәыраз аибашьраҿы ҳиааира агара.

Ажәабжьқәа зегьы
0