Лили Ҳагҧҳа: урҭ ршьа-рда аус ауит, рыуаҩра аус ауит, рааӡара аус ауит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛили Хагба
Лили Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хатəгəаҧхарала ҳахьчаразы еибашьра иааз рымш азы ишәыдаагалоит аибашьра аамҭазы Аконфедерациа аштаб аусзуҩыс иҟаз, афилологиатə ҭҵаарадыррақəа рдоктор, апрофессор, Аҧсны аҭҵаарадыррақəа ракдемиа алахəыла-корреспондент, Аҧсуаҭҵааратə институт абызшəа аҟəша аиҳабы Лили Ҳагҧҳа лыҿцəажəара.

Сырма Ашәҧҳа, Sputnik

- Лили Риза-иҧҳа, шəара шəыҭҵаарадырратə усура инаҷыданы аибашьра аҧхьатəи амшқəа инадыркны иахьа уажəраанӡа Нхыҵ-Кавказынтəи хатəгəаҧхарала еибашьуаз арҧарцəеи урҭ рҭаацəеи шəрымадоуп. Ишҧаҟалеи дареи шəареи шəеибадырра, шəусеицзура?

— Нанҳəамза 15 — Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьраҿы хатəгəаҧхарала еибашьыз ирымшуп. Нхыҵ-Кавказынтəи нанҳəа 14 ауха иаақəазгьы ыҟоуп, аха амза 15 инаркны гəыҧ-гəыҧла аара иалагеит. Ҳгəаҳҽанӡамкəа аибашьра иалагеит азы, ацхыраара аҭаххозар ҳəа Владислав Григори-иҧа иҟны снеит Аконфедерациа аштаб аадыртаанӡа. Ишыжəдыруа еиҧш, ҳара ҳдиректор иакəын, аибашьра иалагеит, ауаа азымхозар ҟалоит, ҧсшьара иҟаз ыҟан, џьара саҭаххозар ҳəа азыҧхьаӡаны иааигəа сыҟан. Жьҭаарамзазы Гагра ахақəиҭтəра анаҩс, жьҭаарамза 24 рзы Аконфедерациа аштаб аадыртит.

хатә гәаԥхарала еибашьуаз - Sputnik Аҧсны
Аиааира хацеиҩызшаз: хатә гәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәарақәа

Убри инаркны, Владислав Григори-иҧа ус сеиҳəеит: "Ара ауаа иҟоу азхоит, уа аус даара ирацəахоит, арҧарцəа рхы-рыҧсы иамеигӡа иааит Аҧсны ахьчаразы, ран дыҟам, раб дыҟам, рашьа дыҟам, раҳəшьа дыҟам, бара беиҧш иҟоу ауаҩы уа еиҳагьы даҭахуп, даара сбықəгəыҕуеит", — ҳəа. Сара схаҭагьы ус азыӡбаны исыман. Ажəакала убрахь сцеит. Убри аҽны инаркны зегьы срыдҳəалоуп.

- Хатəгəаҧхарала еибашьуаз Апсныҟа раара аҭыҧантəи аҧсуаа акыр рхы-ргəы шьҭнахит. Уи шəара еиҳагьы ижəбарҭан, хаҭала ишҧашəыдышəкылеи шəара ас еиҧш иҟаз ахымҩаҧгара?

— Ҳəара аҭахума, Аштаб иадҳəалаз зегьы рыхьӡ ҳəашьа амаӡам, аха инаҵшьны иазгəасҭарц сҭахуп, актəи амшқəа инадыркны агəаҵəа зызҭаз, згəы былуаз зегьы рхəышҭаарақəа рыхьчон, арахь рымч рзибамырхар ҳəа ишəон, ҳазыҟаҵамыт, ҳхыҧхьаӡара маҷын, абџьар ҳамамызт аха агəыҕəҕəара ҳацын. Нхыҵ-Кавказынтəи гəыҧ-гəыҧла хатə гəаҧхарала иааз аибашьцəа ҳаҷкəынцəа ргəы шьҭырхуан. "Хшəыдгылоит, шəахьҭахо ҳҭахоит, шəареи ҳареи ҳаишьцəоуп" — ҳəа рҳəо ианалага, аиаша ҳҳəап, ҳажəлар рымч ҩбанатəит, ргəашьамх шьҭнахит, рымч иақəгəыҕуа иҟалеит. Ҳəара аҭахума, уаҩ дмааргьы, ҳажəлар рхы-рыҧсы ахҭынҵаны рыҧсадгьыл рыхьчон, рус иаҟəыҵӡомызт, аха рымч шҭанаҵаз ибзианы иаҳдыруазароуп, иаҳхамшҭроуп.

Омар Акшба - Sputnik Аҧсны
Аби аԥеи рыԥсадгьыл рыхьчон

- Ишҧаҟалеи Кавказ ажəларқəа еидызкылоз Аконфедерациа аиҿкаара?

— Аконфедерациа аиҿкааара зыбзоураз, иалахəыз, аханатəгьы нап адызкылоз рыӡбаҳə ҳазааҭгылап: Иури Шанибов, Иусуп Сосламбеков, Али Алиев, Иури Калмыков, Заур Налоев, Исар Самиков уҳəа аӡəырҩы. Аибашьра иалагаанӡагьы, дара Кавказ ажəларқəа еидызкылоз ауаа ракəын. Иаауаз рахьтə милаҭла изусҭцəаз ҳзымдыруа аҟынӡа ирацəаҩхо иалагеит, еиҳарак жьҭаарамзазы аштаб анаартха ашьҭахь иаауа иалагеит ашəуаа, аҟабардақəа, аедыгьқəа, ачерқьесқəа, ачеченцəа, даҕьысҭанаа, аингəышқəа, ауаҧсаа. Зны-зынла уаахəыцыргьы шьала-дала иаҳзааигəаз Кавказ ажəларқəа рхаҭарнакцəа ракəын, аха егьырҭ иаҳзааигəамызгьы рацəаҩын. Иаҳҳəап, аурыс ҷкəынцəа, аукраинцəа… Раҧхьа хəыҷыкгьы уамашəа иаҳбон, арҭ зегьы ара аашьас ироуи ҳəа, аха аӡəаӡəала ҳрыҿцəажəо ҳаналага, ииашаҵəҟьаны аламыс змоу, арыцҳара ҳашҭагылаз еилкааны хатə гəаҧхарала иаақəаз роуп.

- Аштаб аусура аиҿкаашьа шҧаҟаз?

— Ҳара раҧхьаӡа иргыланы агазеҭ аҭыжьра ҳалагеит, "Аконфедерациа" ахьӡын. Иаақəоз ирызкын, рыҿцəажəарақəа анаҳҵон, нас аштаб аҟны ирыдыркылоз ақəҵарақəа, Аҧсны аиҳабыра рҟны аибашьра иадҳəаланы иҟоу аинформациа уҳəа зегьы анаҳҵон, аномерқəа фба ҭҳажьит. Убарҭ абыржəы еидкыланы, аус адуланы аҭыжьразы имазеины иҟоуп, хара имгакəа арҭ амшқəа рзы иҭыҵып ҳəа сгəы иаанагоит.

- Хатəгəаҧхарала иааз рахьтə зегьы иреиҵбыз шаҟа шықəса ихыҵуааз?

Шəара шəазхəыц, зегьы иреиҵбыз 15 шықəса ихыҵуан —  аҟабарда ҷкəына хəыҷ Валери Берхамов ҳəа, зегьы иреиҳабыз ачечен хаҵа 72 ихыҵуан. Абри ақəра ибжьанакыз, милаҭ рацəала зыӡбахə сҳəазгьы, зҳəара сахьымӡазгьы зегьы абра иҟан. Ҳала ҭраа, ҳхыҧхьаӡара маҷуп, иҳақəлаз ҳара ҳаиҳа еиҳауп, еиқəных иҟоуп, иҳаҧсыхəои ҳəа ҳанкахəыцуа ҳаныҟаз аамҭазы, еивагыланы, аӡəаӡəала, ҩыџьа-ҩыџьалагь иаҳзаауан, нас рҽеидкыланы еибашьра ицон.

Ашьыжь асиа ианҵаны иҳашьҭуан. Аибашьра еибашьроуп, ишҭахоз рдыруан, абри еиҳау нас уаҳа иҟои? Абас аибашьра зегьы ҳхаҳгеит. 200-ҩык инареиҳаны ара иҭахеит.

© Foto / из книги Лили Хагба "Их души тают над горами..." Командир Гена Карданов во время ОВНА 1992-1993 гг
 Командир Гена Карданов во время ОВНА 1992-1993 гг - Sputnik Аҧсны
Командир Гена Карданов во время ОВНА 1992-1993 гг

- Лили Риза-иҧҳа, егьа иуадаҩзаргьы агəаларшəара, зегь реиҳа шəхаҿы иаанхеи?

— Зегь реиҳа сгəы кылнажəоит абарҭ аҷкəынцəа аибашьра ахьыҟаз ианцалак, иҭаханы ианааргоз, рҭыҧ иқəҵаны, ишақəнагоу еиҧш рҭаацəа рахь иандəықəаҳҵоз. Саргьы саными, уажəшьҭа сандууп, ахгара уадаҩын. Акәыбақəа еиваргыланы…

Абжаҩык рҭаацəа ирыздырӡомызт иахьыҟаз. Ан лыҷкəын дахьыҟоу лыздырӡом, иҧсыбаҩ рыманы илызнеиуеит, шəара шəазхəыц уи лҭагылазаашьа зеиҧшраз. Ан лоума, аб иоума, агəакьацəа зегьы ишырхыргоз. Зҭаацəа ирдырны иаақəазгьы ыҟан, аха урҭ еиҳа имаҷын. Хадаратəла иааз еиҳараҩык, 80% уаҩы изымдыркəа ауп ишааз. Убри здыруеит, избанзар аибашьра ашьҭахь дареи сареи даара акыр ҳаидҳəалоуп.

Флаг Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Аибашьра раԥхьатәи амш: аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы ишаанхаз

Анацəа рыҷкəынцəа аибашьраҿы ишыҟаз анеилыркаалак иаақəоз ыҟан, абацəагьы аауан. "Аҧхыӡ бааҧс ҳбеит" ҳəа ргəы ҭамгыло иаҳзаауаан. Сара акырынтə срықəшəахьан, рыҷкəын аморг аҿы даныҟаз, мамзаргьы ахəышəтəырҭаҿы инапы амхны, ишьапы амхны данышьҭаз. Ҳара иаҳцəыуадаҩын ас еиҧш иҟаз аҧа иҭагылазаашьа ан лҟынӡа анагара, лҧа дахьышьҭаз лырбара. Ан лыҷкəын ас данынаихəаҧшлак дышҧаҟалоз, арҭ амоментқəа сара ахааназы исхашҭраны сыҟаӡам.

- Аибашьра анцоз урҭ рыҧсыбаҩқəа акырынтə шəрыцны дара рҭаацəарақəа рахь шəцахьан. Игəыҭшьаагоуп хымҧада урҭқəа аиҭаҳəара, аха изеиҧшрааз аҭаацəа рхымҩаҧгара?

— Ааи, аҷкəынцəа рыҧсыбаҩқəа рҭаацəа ианырзыргоз акырынтə ҳрыцны ҳцахьан. Амҩа ҳанықəыз, нас аҧсыжра анеиҿыркаауаз, ҳара ҳашрыдыркылоз, урҭ ауаа ирҳəоз… Дызусҭзаалак аӡəы инааны, ҳгəы ҳзырхьшаз ажəак имҳəеит. "Шəахьааз, шəахьрыцу иҭабуп. Шəа шəзыҳəан ҳаҷкəынцəа ҭахазар — шəаҧсоуп азоуп. Шəареи ҳареи шьак-дак еицалҵыз ҳауп, ҳаишьцəоуп, ҳаҷкəынцəа уи рдыруан азоуп изнеиз, ари нахысгьы ҳаибабара еизҳароуп!" — ҳəа ҳарҳəон, ирықəнаганы ирыхьызшəа абас ирыдыркылон.

- Шəара шəнапы иҵышəххьеит аҭоурых иаҿахəҳəагоу дара ирызку анҵамҭақəа. Шəҳазрылацəажəар ҟалома?

— Аибашьра анцоз 20 инарзынаҧшуа очерк зҩит дара ирызкны. Ара иҭыҵуан, Адыгатәыла, Ҟабарда иҭыҵит сыстатиақəа. Аибашьра еилгеит, ус сгəы иаанагеит, ихадоу снаукатə ус ауп, ауниверситет аҿы сус ауп ҳəа, аха абриаҟара жəларык ҳара ҳзы иҭахеит, дара здыруан, рҭаацəа здыруан, сыламыс иамуит, аибашьраҿы сызлагаз сус насмыгӡар сгəы иамуит. Убри аахыс ашəҟəқəа ҩба ҭсыжьхьеит. Зегьы рыҩнаҭақəа сырҭааит, срыҿцəажəеит хаҭа-хаҭала, х-республикак рҿы сыҟан: Ҟарачы-Черқьесск, Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа. Ҩнаҭацыҧхьаӡа рыҧҳа леиҧш сырбон, саргьы убас сырзыҟалеит. Еиҳараҩык ҧсыуак дахьырымбацыз ыҟан. Аҭагылазаашьа уадҩын, узлацоз-узлаауаз ыҟамызт, искуа-исышьҭуа сымам ҳəа акəӡам сара сшалагаз, аҵара санҭаз санстудентызгьы, асприантура санҭазгьы Нхыҵ-Кавказынтəи аҩызцəа сыман, нас иҭахаз рҭынхацəа, иара убас еиқəхаз аҷкəынцəа даара исыцхрааит.

Элеонора Когония и Марина Барциц во время войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны
Аибашьреи аҭынчреи

Иазгəасҭарц сҭахуп, абриаҟара аҩнаҭақəа сахьырҭаауаз, сара сгəы иамыхəашаз, смилаҭ рзы гəынамӡарак уаҩы иааимырҧшит. Иахьагьы уахагьы дареи сареи ҳаидҳəалоуп, уахь санцогьы саб иҩнқəа иахьабалак игылоушəа сзааиуеит, убас еиҧш бзиа сырбоит, саргьы убас сырзыҟоуп. Дара ракəзаргьы, сара сыҩны итəамкəа, игыламкəа, ианааилак сымбакəа шьҭахьҟа ицаӡом. Сара сгəы излаанагоу ала, ҳажəлар ҟəышуп, ирдыруеит ҳашьцəа рхымҩаҧгара иамоу аҵакы. Зегь реиҳа аамҭа уадаҩ уанҭагылоу ӡымҳаҵəк узҭо ауаҩы ихə ашьара уадаҩуп, аҷкəынцəа иҟарҵаз ахааназы иаҳхамшҭроуп.

Анцəа абзиара ҟаҵа, аамҭа цəгьоуп, иааҳакəыршаны ҭынчраӡам. Цəгьарак ҟаумҵан, даҽазынгьы иҳадгылап ҳəа ҳазхəыцны акəӡам изаҳҳəо, урҭ ршьа-рда аус ауит, рыуаҩра аус ауит, рааӡара аус ауит. Абарҭ зегьы еилаланы ҳара ҳзы иҟарҵаз ахааназы иаҳхамшҭроуп, рыуа-рҭынха ҳархаҵгылароуп. Уи иаанаго — ҳара иҭабуп аҳəашьа ҳақəшəеит ауп. Аамҭа уадаҩ аныҟаз ҳаҧсы ҿызхыз ауаа роуп, абри ҳдырроуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0