Гагра араион ақыҭанхамҩа аалыҵқәа ӡырган Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка сельхозпродукции
Выставка сельхозпродукции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ақыҭанхамҩа аалыҵқәа ӡырган Аҟәа, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟны.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи жәашықәса аҵра иазкыз аныҳәатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟны имҩаԥган Аԥсны араионқәа зегь рҟнытә ақыҭанхамҩа аалыҵқәа рӡыргара.

Ари аусмҩаԥгатә Гагра араион Ахадареи, араион акультура аҟәшеи мызкы рҽазыҟарҵон.

Выставка сельхозпродукции - Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа аатит Аҟәа

"Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш ныҳәа аназгәаҳҭа ашьҭахь, Гагра араион Ахадара ахыбраҟны аизара мҩаԥганы, анапынҵақәа ҳауит, Аԥсны Ахьыԥшымра амш аҽазыҟаҵаразы. Адырра ҳарҭеит, апавилионқәа рҟны раионцԥхьаӡа ақыҭанхамҩа аалыҵқәа, аԥсуа чыс шӡыргахоз. Убри аҟнытә Гаграа, аҳҭнықалақьи уи асасцәеи ҳџьеиџьыкала иҳаршанхарц ҳаӡбеит", — лҳәоит Гагра араион акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганԥҳа.

Аныҳәа аҽны, ашьыжь, асааҭ ааба рынахыс Гагра араион иатәыз апавилион архиара иалагеит акалашәа еиҿкааны, зегьы ирылукаауан ҳҳәаргьы аӡәгьы ажәа ҳамикуам. Уи еибыҭан аԥсуа ԥацха ахәҭақәа рыла. Улаԥш иҵашәон ажәытәан ҳмилаҭ рхы иадырхәоз анхамҩатә маҭәахәқәа, акҿаҩра маҭәа, анышәаԥшь лыхқәа, аԥҳал, аҳаҟьа, акача, алабашьа, апарпанта, алу, амҵышә, акаҵкәыр, аиха, ажьира иатәу амаругақәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка сельхозпродукции
Выставка сельхозпродукции  - Sputnik Аҧсны
Выставка сельхозпродукции

Уреилаҳауан апырпыл, аҽыш, аџьымшьы рыԥхрақәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка сельхозпродукции
Выставка сельхозпродукции  - Sputnik Аҧсны
Выставка сельхозпродукции

Асааҭ жәаба рынахыс, апавилион ахь бзиала шәаабеит ҳәа аҭааҩцәа ирԥылон Гагра араион Ахадара аиҳабы Геннади Сыҷынаа, уи ихаҭыԥуаҩцәа, араион ахадара аҟәшақәа рнапхгаҩцәа, ақыҭақәеи аҳаблақәеи рхадацәа.

"Абраҟа иахьа, аԥшәмацәеи асасцәеи идҳарбар ҳҭаххеит ҳраион злабеиоу аалыҵқәа, еиқәырханы иҳамоу ажәытәра иадҳәалоу амаҭәахәқәа, ҳасасдкылара, ҳчеиџьыка", — ҳәа азгәеиҭоит зхатә ԥацха ԥырганы, ахәҭақәа аныҳәа алеиҿызкааз, ицәыргаз аекспонатқәа рыԥшәма, Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба.

Апавилион аҭааҩцәа аинтерес кны рылаԥш ахыргон араион ахсаалеи, аҭыԥ ԥшӡарақәа зныз асахьақәеи.

Ачеиџьыка атәы уҳәозар, иазгәоумҭарц залшом уи агьама шырбаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи, Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәеи, раионцԥхьаӡа асасцәа, аԥсшьаҩцәа.

Аишәа иқәыз ачашә, акәац, акәтыжь, ашәишәи жьы, ачаҳаржә, амгьал, асызбал, ашә, аџьанџьыхәа, аџьықәреи жәны, ацха, хкы-хкыла ашәыр, убас арыжәтә џьбарақәеи, арыжәтә хаақәеи ргәы ҟанаҵеит аҭааҩцәа зегьы, аха лымкаала иазгәасҭарц сҭахуп аҳҭнықалақь атуристцәа. Дара згьама рбоз адагьы, иахьцоз ирзышьҭхуаз фатәи-жәтәи ҳамҭас ирырҭон.

Шәаҳәаралеи кәашаралеи аныҳәа дырԥшӡеит аҟазаратә коллективқәа жәпакы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьарази", ахәыҷтәы хореографиатә коллектив "Афырҭыни" рыхкынагӡаҩцәа, ашәаҳәаҩцәа Абзагәи, Радицеи, Саридеи Ҵәыџьаа.

Шьыбжьышьҭахь, асааҭ хԥа рзы, ацәыргақәҵа аусура хырқәшан, аха, ана-ара атуристцәа рышьҭыбжь гон, "Гаграҟа еиҭах ҳнеироуп" ҳәа. Излеилкаахаз ала, дара ихнахит асасдкылара.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка сельхозпродукции
Выставка сельхозпродукции  - Sputnik Аҧсны
Выставка сельхозпродукции
Ажәабжьқәа зегьы
0