Аиааира 25 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы аҽазыҟаҵарақәа цоит Гагра

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздничные мероприятия в день освобождения Гагры
Праздничные мероприятия в день освобождения Гагры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳтәыла араионқәа зегь рҟны, Аиааира амш мҩхакы ҭбаала ишазгәарҭо еиԥш, Гаграагьы иргәиҭоуп мчыбжьык шагу, аныҳәа аԥылара. Иарбан усмҩаԥгатәқәоу, насгьы иахьымҩаԥсуеи ртәы ҳзеиҭеиҳәеит, ҷыдала Аиааира амш иазку апрограмма иахылаԥшуа Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи сынтәа иҵуеит 25 шықәса. Ари акразҵазкуа хҭысуп аԥсуа жәлар рзы. Ҳтәыла араионқәа зегь рҟны, Аиааира амш мҩхакы ҭбаала ишазгәарҭо еиԥш, Гаграагьы иргәиҭоуп мчыбжьык шагу, аныҳәа аԥылара. Иарбан усмҩаԥгатәқәоу, насгьы иахьымҩаԥсуеи ртәы ҳзеиҭеиҳәеит, ҷыдала Аиааира амш иазку апрограмма иахылаԥшуа Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба.

Аиааира амш иазкны, Гагра араион Ахадареи, араионтә Еизара адепутатцәеи, акультура аҟәша анапхгареи, еиҿыркаараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ирылацәажәо, апрограмма шьақәдыргыло иалагахьан шықәсыбжак аԥхьагьы.

Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рзы ҷыдалатәи аконцерт мҩаԥган Гагра - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рзы ҷыдалатәи аконцерт мҩаԥган Гагра

Гагра араион аҟны, Аиааира амш иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа рыпрограмма аартхоит цәыббра 22 рзы, Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҟны, ашьыжь асааҭ 11 рзы иаԥшьаргаз Аԥсны Аҳәынҭқарра ихраҿа агаразы, жәларбжьаратәи аҽтәы спорт азы атурнир ала.

Цәыббра 23, асааҭ 10 рзы, Гагра ақалақь аинрал Дбар имҩа авара, аспорттә дәаҟны иаартхоит ашьапылампыл маҷ азы, анаплакқәеи аусбарҭақәеи ркомандақәа рыбжьара араионтә турнир, уи мҩаԥыслоит арыцхә 27-нӡа.

Цәыббра 26, 15 сааҭ рзы, Абазгаа амҩа, апарк маҷ аҟны еиҿкаахоит ашахматтә турнир, иара убас уаҟа иазԥхьагәаҭоуп ахәыҷқәа рзы ашашка асразы атурнир амҩаԥгарагьы.

Цәыббра 30, 16 сааҭ рзы, Гагра ақалақь Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи, иҭахаз аибашьцәеи рбаҟақәа рымҵан ашәҭ шьҭаҵареи амитинги мҩаԥысуеит, 18 сааҭ рзы, Амемориалтә комплекс ахԥатәи ахәҭаҟны аныҳәатә концерт еиҿкаахоит.

"Аиааира амш аҽны, Гагратәи аделегациа, араион Ахадара аиҳабы Геннади Сыҷынаа дҳаԥхьагыланы, иара убас иаҳзаауа, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Тахтамукаитәии, Шьиолковтәии араионқәеи, Владимиртәи аобласти рҟнытә аделегациақәа ҳацны ҳҽалаҳархәоит аҳҭнықалақь имҩаԥысраны иҟоу ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа, ҳаҭаауеит Аиааира апарад. Анаҩс, еицу ҳхынҳәуеит Гаграҟа. 16 сааҭ рзы, Ахьӡ-аԥша абаҟа аҿаԥхьа имҩаԥаагоит ашәҭ шьҭаҵареи, амитинги. Ахәылбыҽха, 18 сааҭ рзы аныҳәатә концерт ахь ҳнеиуеит. Ауха, ҳгәырӷьаратә усмҩаԥгатә хҳарқәшоит асалиут ала", — ҳәа ҳаилиркааит Цәыџьба.

Цәыббра 30, ашьыжь, ашәҭ шьҭаҵара мҩаԥысуеит Лӡааи, Пицундеи Бзыԥҭеи ишьақәыргылоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа рбаҟақәа рымҵан, аҭыԥқәа рҟны еиҿкахоит "Ԥсра зқәым" аполк, ахәылбыҽхан аныҳәатә концертқәа.

Иазгәаҭатәуп, ашколқәа рҟныгьы ишымҩаԥысуа, аибашьцәа злахәу иаарту аурокқәа. Араҟа, аветеранцәа, еиҵагыло абиԥара ирзеиҭарҳәоит изнысыз аҭоурыхтә мҩа атәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0