Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рзы ҷыдалатәи аконцерт мҩаԥган Гагра

© Sputnik / Саида ЖибаАибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рзы ҷыдалатәи аконцерт мҩаԥган Гагра
Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рзы ҷыдалатәи аконцерт мҩаԥган Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рзы ҷыдала аконцерт мҩаԥган Гагратәи акультура аҩнаҟны.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Аиааира амш аламҭалазы, Гагра араион акультура аҟәшеи, ансамбль "Бырфын" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Русҭан Канџьариеи рзеиԥшмчала еиҿкаан, аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рзы аконцерт.

Администрация г. Гагра. - Sputnik Аҧсны
Белоруссиатәи апоет аибашьра аветеранцәа ажәеинраалақәа дырзаԥхьеит, Гагра

Аԥхынтәи аамҭа иалагӡаны, ансамбль "Бырфын" еиднакыло артистцәа ес-ҩымчыбжь ақалақь аҟны имҩаԥыргон аконцертқәа. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ахкынагӡаҩцәа Русҭан Канџьариеи Есма Гәынԥҳаи инарыгӡоит аԥсадгьыл абзиабареи, алирикеи ирзынархоу аԥсышәалеи, адыга бызшәалеи, урысшәалеи ашәақәа.

Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Баҭал Аҩӡба аҿарпын абжьы ахаиҵоит ажәытә музыкатә композициақәа арҳәауа. Аԥсны Жәлар рартист Едуард Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын" ахкынагӡаҩцәа аццышә зхылҵуа Кавказ акәашарақәа нарыгӡоит. Аконцертқәа, аиҳарак ирҭаауа Урыстәылатәи асасцәа роуп, дара иднарбоит аԥсуа культура аҩаӡара ҳаракы.

"Уаха, ҳара иҳаӡбеит аконцерт ахь ааԥхьара раҳҭарц ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр аҟны згәабзиара шьақәзыргыло аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа. Аиааира амш аламҭалазы, рыԥсы дҳаршьарц, ргәы рхаҳаршҭырц ҳҭаххеит", — ҳәа ҳаилиркааит агәыҳалалратә акциа заԥшьгамҭоу Русҭан Канџьариа.

Иазгәаҭатәуп, аконцерт иаҭааз рхыԥхьаӡара хышә ишреиҳаз. Азал аҟны иҭацәыз атәарҭақәа ыҟамызт. Аибашьра аветеранцәа-аинвадицәа рҭыԥқәа анааныркылоз, ахәаԥшцәа зегьы рхаҵгылан рнапы рзеинырҟьеит.

Артистцәа ракәзаргьы, асценахь ианааиуаз рықәгыларақәа ирылагаанӡа, аибашьцәа иҭабуп ҳәа рарҳәон Аиааиразы.

Праздничные мероприятия в день освобождения Гагры - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа ргәаладыршәеит Гагра

Аконцерт ахь ааԥхьара змаз аветеранцәа рыгәҭа иҟан Чечентәылантәи хатәгәаԥхарала, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, иахьа араҟа згәабзиара шьақәзыргыло.

"Иахьа аконцерт ахь ааԥхьара ҳазҭаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Даара ҳгәы иахәеит иҳаҳаз ашәақәеи, ҳазхәаԥшыз акәашарақәеи. Аԥсны аҭынчра ҟаларц, ажәлар аԥсҭазаара еигәырӷьаларц азоуп ҳзеибашьыз, аӡәырҩы шҭахаз. Ари нахыс, ҳаешьаратә тәылаҟны иазгәарҭо Аиааирақәа зегьы абзазара иазкызааит. Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз хашҭра рықәымзааит, аветеранцәа ҳаҭырла ирызныҟәалааит", — иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Агәымшәаразы" амедали Леон иордени занашьоу Анзор Магомадов.

Ажәабжьқәа зегьы
0