"Шьҭа станкиступ, сеибашьлоит": Аԥсны Афырхаҵа Асҭамыр Агрба игәаларшәаразы

© Фото : Џьамила Аҩӡԥҳа лархив аҟынтәАԥсны Афырхацәа Асҭамыр Агрбеи Руслан Харабуеи
Аԥсны Афырхацәа Асҭамыр Агрбеи Руслан Харабуеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Астамыр Константин-иԥа Агрба диит Ҟәланырхәа ақыҭан ԥхынгәы 14, 1969 шықәсазы. Аибашьра аналага Асҭамыр 23 шықәса ихыҵуан. Фырхаҵарыла дҭахеит жьҭаара 14, 1992 шықәсазы.

Анжелика Бениа, Sputnik

Аԥсны иҟамзар ҟалап ҭаацәарак 1992-1993 ашықәсқәа раан Аџьынџьтәылатә еибашьра амца зхьымсыз. Уи аибашьра иалаӡит ҳабацәа, ҳабдуцәа, зынӡа иқәыԥшыз аԥсҭазаарақәа, Аԥсны аҵеиҵәа.

Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа: Аҩӡаа аишьцәа ахәҩык рфырхаҵара

Шәышықәса иаҩызахаз шықәсык Аԥсны касыжәеиқәаҵәеиԥш иахаԥаз аибашьра шаҟа ԥсҭазаара хнажәжәазеи?

"Иахьа иҩызцәа ааир ҟалап", – лҳәан, есышьыжь ишыҟалҵо еиԥш дҩагыланы, лҩымсаг аашьҭыхны лҿыналхеит аҳаҭгәынахь Џьамила Аҩӡԥҳа.

Цәыббра 30, Аиааира амш – аибашьра цонаҵы хәыҷи-дуи зегь ззыԥшыз амш. Уи амш дазыԥшын Џьамила лԥа Асҭамыргьы.

"Деилҟьан, цәгьала дласын. Илақәақәа шаҟь-шаҟьо, зегьы дрыхьӡар иҭахын. Иҟаиҵо аныҟаиҵо убомызт", – ҳәа дигәалаиршәоит Асҭамыр Агрба ицеибашьуаз Аԥсны Афырхаҵа Геннади Смыр.

Асҭамыр Константин-иԥа Агрба диит Гәдоуҭа араион, Ҟәланырхәа ақыҭан ԥхынгәы 14, 1969 шықәсазы. Лыхнытәи абжьаратә школ даналга Ереван, атанктә архәҭа аҟны аррамаҵзура дахысуан. Аибашьра аналага Асҭамыр 23 шықәса ихыҵуан, аҵара иҵон Киев амашьынамҩатә институт аҟны, ахԥатәи акурс аҟны дтәан.

Ԥхынран. Ԥсшьара ҳәа Аԥсныҟа иааз Асҭамыр иаахәаны изышьҭан Украинаҟа абилеҭ.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеран: минуҭкгьы ҳгәы камыжькәа Аҟәа агаразы ҳақәԥон

"Дцаргьы, Аԥсны аибашьра шалагаз атәы иаҳаны дмаар иуазма? Дыццакцәон. Дышҭахоз ҳдыруан. Иеилҟьара ҳацәшәон", – лҳәеит Асҭамыр Агрба иаҳәшьа Асҭанда.

Аибашьра аналага нахыс Астамыр иҩызцәа дрылагыланы деибашьырц иҭахын, аха днызкылоз бџьарла дахьеибыҭамыз акәын. Иӡбеит ииулакгьы абџьари атехникеи змоу баталионк алалара, рыцеибашьра.

Асҭамыр иаҳәшьа илгәалашәоит аҩныҟа данаалоз иҭаацәа амцашырахь доурыжьыр шырҭахымыз.

"Дузынкылозма? Атанк ақәтәара иацәшәоз рацәаҩын, иара Ереван даныҟаз дақәтәан аррамаҵзура дахысуан, иаратәы бзианы идыруан. Еиликаауан аибашьраҟны дшаҭахыз. Иара ауаа рыԥсы аиқәырхара аԥышәагьы уаҟа 1988 шықәсазы иҟалаз адгьылҵысраан иоухьан", – лҳәеит Агрԥҳа.

Аибашьра аналага ашьҭахь жәамшҟа рышьҭахь дгәырӷьаҵәа ашҭа дааҭалеит Асҭамыр. Амазут иаҟьшьыз инапқәа рыла даагәыдиҳәҳәалан иан "Шьҭа станкиступ, сеибашьлоит", ҳәа леиҳәеит.

Аԥсны Афырхацәа Асҭамыр Агрбеи Руслан Харабуеи Уи атанк "№02", нанҳәа анҵәамҭазы Гәымсҭа аӷацәа ирымхыз танкын, "ишәииз атанк".

© Фото : из архива Джамилы Авидзба Аԥсны Афырхацәа Асҭамыр Агрбеи Руслан Харабуеи
Аԥсны Афырхацәа Асҭамыр Агрбеи Руслан Харабуеи - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхацәа Асҭамыр Агрбеи Руслан Харабуеи

Жьҭаара 1992 шықзсазы агазеҭ "Сочи" акорреспондент иҿцәажәараан Агрба атанк аныргоз атәы еиҭеиҳәеит.

"Ешыра аихамҩа ацҳа аҵаҟа иаҳгеит ари атанк. Уаҟа иҵаз ҳминақәа аӷа итанкқәа ахаԥжәеит. Акы блит, ари агусеница амҵны иҟан, хымш арҽеира ҳаҿын. Атрактор "с-100" ала ианҭаҳгоз аламҭалазы, иаҳмоурц азы ӷәӷәала иҳалахысуан", – ҳәа Асҭамыр иажәақәа аагоуп агазеҭ аҟны.

Уи атанки, атанк "№01" роуп аԥхьа Аԥсны мраҭашәарахьтәи аган ахақәиҭтәра иалахәыз.

Аҩбатәи атанк аекипаж аҟны Агрба ицҭан Руслан Харабуа, Геннади Смыр, Хамзат Исаев. Аекипаж командирс даман Рома Гьериа.

Абшьҭрала иаауа Маанаа рҭаацәаратә фырхаҵара - Sputnik Аҧсны
Абшьҭрала иаауа Маанаа рҭаацәаратә фырхаҵара

Асҭамыр аӷа ирцәыргоз атанкқәа ирҽеиуан. Дызлаз аекипаж ииаган мраҭашәарахьтәи аганахь. Гагра ахақәиҭтәраан уи итанк акралшахьан, Аԥсны ҭарцәуа, ԥхьаҟа еихон.

Аекпиаж аҟны зегьы иреиҵбыз, аԥсуа маҭәа зшәыз аибашьҩы еиҵаҵаҩыс дыҟан. Ицеибашьуаз иҩызцәа изларҳәо ала убри аҟынӡа уи аус дазыласын, аиҵаҵара 10 секунд иагоз аамҭа иара 5-6 секунд рыла еиҵаиҵон.

Амцашыра иалууааны инеиуан аҩбатәи атанк иҭатәаз Асҭамыр Агрба лассы-лассы "Ианамуӡах, хьыӡла аԥсра!" ҳәа ибжьы.

Иҟан ус аекипаж зегьы уажәымзар уажәы амина рыҵаԥжәаны ицҟьашәҟьа иагоит ҳәа ианԥшыз аамҭақәакгьы. Усҟан Астамыр аԥсра аха имамызшәа "Еиҵоуп! Еиҵоуп!" ҳәа даҵаҳәҳәон.

Усҟан џьашьахәыла ауп аекпиаж аԥсы шеиқәхаз. Аха атанк иаҵаԥжәаз ҩ-минак ааха ӷәӷәа анаҭеит, ирулак ирҽеины рымҩа иацырҵеит Мраҭашәараҟа.

Ԥсоу аиааира абираҟ анахадыргыл ԥсыуа маҭәала еилаҳәаз Асҭамыр Агрба иаби иареи еиқәшәеит. Константин Агрба, иҷкәын иҭахара шааигәахо инырызшәа, аҩныҟа дхынҳәырц иқәшәымшәҳәара далагеит. Аха Асҭамыр имуит.

Аԥсны Афырхаҵа Асҭамыр Агрбеи иаб Константин Агрбеи Аԥсны Мраҭашәарахьтәи аган аӷацәа рҟынтәи ирыцқьаны ишаауаз жьҭаара 14, 1992 шықәсазы, атанк ишахәҭаз арҽеира ахьыҟаҵамыз иахҟьаны ихышәҭит. Усҟан аекипаж иҭатәаз Асҭамыр Агрбеи Руслан Харабуеи ракәын. Харабуа ишьаԥқәа ҩнаҵәеит, Агрба дҭахеит.

© Фото : Џьамила Аҩӡԥҳа лархив аҟнынтә Аԥсны Афырхаҵа Асҭамыр Агрбеи иаб Константин Агрбеи
Аԥсны Афырхаҵа Асҭамыр Агрбеи иаб Константин Агрбеи - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Асҭамыр Агрбеи иаб Константин Агрбеи

 

Ԥхынгәы 14 рзы ииз, нанҳәа 14 рзы иалагаз ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иалахәыз Асҭамыр Агрба рашәара 14 рзы дҭахеит.

Асҭамыр ицеибашьуаз иҩызцәа иҩны ианааизалакгьы иҭоурых еиҭарҳәалоит. Ҿымҭ-ԥсымшьа иазыӡырҩоит изныкымкәа уи ифырхаҵара атәы заҳахьоу, иаҳәшьцәеи урҭ рхәыҷқәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0