Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа: Аҩӡаа аишьцәа ахәҩык рфырхаҵара

© Sputnik Нонна ҬхәазԥҳаШьаур Аҩӡба, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран
Шьаур Аҩӡба, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра аԥхьатәи амш инаркны Аԥсны ахьчаҩцәа ирывагылеит Ешыра ақыҭаҿы инхоз Аҩӡба Ҳаџьараҭ иԥацәа хәҩык: Зураб, Нури, Лиова, Рушьни, Шьаур. Арҭ аишьцәа аибашьра ианалагаз рықәрақәа маҷмызт, рыуаҩыбжара иахысхьан, аха рҽыԥхьарымкит, дасу ирылшоз рҽазыркит.

Нонна Ҭхәазԥҳа, Sputnik

Зегьы еицырдыруеит аԥсуа есымша ижәлар, иԥсадгьыл, ихьӡ-иԥша рыхьчара шиқәшәоз. Ҳажәлар иахьанӡа даараӡа аибашьрақәа рыхганоуп ишааиуаз. Уи, ҳәарада, ииуа аҵеицәа ршьа-рда иалоуп, еибашьцәаны иҟанаҵоит. Деибашьҩын, аха уи мацара акәымкәа аԥсуа аибашьраҿы ауаҩрагьы ааирԥшуан. Аибашьреи ауаҩреи еинымаалошәа иҟоуп, аха аӷа ихы иаҭәеишьоз, иара ихы иаҭәеишьомызт. Ауаҩра зцым ахаҵара, ҳаҵараны иԥхьаӡомызт. Аӷа иҿаԥхьа акәзаргьы, иакәымны зхы мҩаԥызгоз пату иқәиҵомызт. Аԥсуа изын ахаҵареи ауаҩреи еицызар акәын. Усҟан акәын афырхаҵарагьы аныӷәӷәахоз, ианыҳаракхоз.

Ари аҟазшьа аныԥшит аҵыхәтәантәи аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ҳарԥарацәа рхымҩаԥгашьагьы. Уи, ҳәарада, иацхрааит ҳаԥсадгьыл ахақәиҭрагьы аиааира агарагьы. Избанзар, иахьакәызаалак ишабалак ахымҩаԥгара Анцәа ауаҩытәыҩса иџьимшьо, ианаимыжьуа акоуп. Аха уи мацара азхомызт ҳаԥсадгьыл ахы ианақәиҭтәха. Иахҭынҵатәхеит зегь реиҳа ицқьаз ҳцеицәа ршьеи рыԥсқәеи.

Ҳара ҳзын зегь раасҭа иԥшьоу ҳаԥсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла, уи аҿыхразы абџьар иаҵагылеит зыжәлар рыхьчара зуалны изыԥхьаӡоз зегьы. Иҟоуп ԥшьҩык-хәҩык ахьеибашьуаз аҭаацәарақәагьы. Убас, аибашьра аԥхьатәи амш инаркны Аԥсны ахьчаҩцәа ирывагылеит Ешыра ақыҭаҿы инхоз Аҩӡба Ҳаџьараҭ иԥацәа хәҩык: Зураб, Нури, Лиова, Рушьни, Шьаур. Арҭ аишьцәа аибашьра ианалагаз рықәрақәа маҷмызт, рыуаҩыбжара иахысхьан, аха рҽыԥхьарымкит, дасу ирылшоз рҽазыркит.

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа - Sputnik Аҧсны
Руслан Габлиа: аибашьраҟны ауаа сабарда рҿаӡам

Аибашьра актәи амш азы Ацҳа ҟаԥшь аҿы инеихьан Рушьнигьы Лиовагьы. Араҟа аӷа даанызкылаз аԥсуа еибашьцәа анаҩс инаскьар ада ԥсыхәа анырмоу, Гәымсҭа ирны Мраҭашәаратәи аибашьратә цәаҳәа, Гәымсҭатәи ахырхарҭа аиҿкаара ианалага, Хәарцкьиа Мушьнии Аршба Владимири Аҩада Ешыра аштаб ҟарҵеит. Абатальонқәа, авзводқәа, аротақәа анаԥырҵа, аҩбатәи Аҩада-Ешыратәи абатальон еиҳабыс Берзениа Амиран дҟарҵеит. Уи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан Ҳалбад Руслан. Аштаб деиҳабын Џьергьениа Мирод. Аброуп аишьцәа Аҩӡаа: Зураб, Нури, Рушьни, Лиова, Шьаур аибашьра мҩа иахьанылаз. Мраҭашәаратәи аибашьратә цәаҳәа Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы дара аҭыԥқәа бзианы ирдыруан. Аԥсуа еибашьцәа ара аибашьратә цәаҳәа анеиҿыркаа, амҩахәасҭақәа дырбара иалагаз Лиовеи Зураби роуп.

Аҩӡаа аишьцәа ахәҩык дара рымацара ракәӡам аибашьра адәаҿы иҟаз. Уа иҟан Зураб иҷкәынцәа аҩыџьагь, Вианори Вадими, Нури иԥҳа Оксана, Шьаур иԥа Баҭал, раҳәшьаԥацәа Џьарсалиа Лашеи Ахреи. Ажәакала, ари аҭаацәара аҟнытә Аԥсны ахьчараз аӷа иҿагылан жәаҩык. Нури иԥҳа Оксана аибашьраҟны илоуз ахәра лыԥсҭазаара аркьаҿит, уи лдунеи лыԥсахит аибашьра ашьҭахь. Иланашьан агәымшәаразы амедал. Зураб иԥа аиҵбы Вадим аибашьраҿы дҭахеит. Иара ианашьоуп Леон иорден.

Раԥхьа абатальонқәа, аротақәа анеиҿыркаауаз инаркны аӷа диҿагылан Аҩӡаа раҳәшьаԥа Џьарсалиа Лаша, аибашьра ианалагаз иара Нальчик дыҟан. Аха аибашьра ишалагаз аинаиҳа шьапыла ашьха ихыҵны иаақәаз дреиуоуп. Убри инаркны аибашьра аҵыхәтәанынӡа абџьар дшаҵаз даҵан.

Аӷацәа Аԥсны ианалалаз дара дрымԥыхьашәеит, дыҭҟәангьы дыргеит зынӡа иарԥысӡаз, арра иҟаз Шьаур иԥа Баҭал. Зураб иԥа аиҳабы Аҩӡба Вианор деибашьуан иаби уи иашьцәеи дрывагыланы. Иара далан Берзениа Амиран дзаԥхьагылаз аҩбатәи Аҩада-Ешыратәи абатальон. Анаҩс ари абатальон аԥшыхәратә ротақәа аналырх, актәи аԥшыхәратә рота дшалаз аибашьра хиркәшеит Егры ацҳаҿы. Ианашьоуп Леон иорден.

Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иаадыртит ацәыргақәҵа "Аҳәса аибашьраҟны"

Аԥсны ахақәиҭратә еибашьра ианалагаз Аҩӡаа аишьцәа реиҳабы Зураб, Зурчик ҳәа зарҳәоз, 60 шықәса дреиҳан. Реиҵбы Шьаур – 50 шықәса дрықәын. Аха ԥсыуала иааӡаз, аԥсуа гәаӷь зызҭаз арҭ аишьцәа ирхыҵуаз рышықәс иннамкылаӡеит ҳаԥсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла. Амцаԥшь зыхҟьоз, зшьа еилашуаз арԥарацәа ирывагылеит. Урҭ аибашьра иалагылан раԥхьатәи амш инаркны аҵыхәтәанынӡа.

1993 шықәса Марттәи ажәылара ашьҭахь аҩбатәи Аҩада-Ешыратәи абатальон аҟынтәи аԥшыхәратә ротақәа анаԥырҵа, актәи аԥшыхәратә рота раԥхьа аиҳабыс дҟарҵеит Џьергьениа Мирод, анаҩс ари арота еиҳабыс даман Аҩӡба Рома. Ари аԥшыхәратә рота иалан Лиовагьы Рушьнигьы. Заур апушка зықәгылаз амашьына дақәтәан, пушкала ихысуаз аруаа дрыцын.

Аҩада Ешыра, Уазабаа ҳәа иахьашьҭоу ауп дара раб игәараҭа ахьыҟоу. Ара инхоз Нури иашҭа аибашьцәа иреизарҭан. Амла иакуаз, амҩа иаркараз, ацәа иакуаз, зегьы арахь имҩахыҵуан. Ԥшыхәра ицоз роума, даҽа шьоукыума, ирԥылоз, инаскьазгоз иара иакәын. Иԥҳа Оксана аибашьцәа рхәы ҟалҵаларц ара даанрыжьын, аха лара дыбналаны, аҽы дақәтәаны еибашьра дцеит. Шьаур далан Аҩӡба Фазылбеи командирс дызмаз абронетехникатә батальон.

Аибашьра анцоз раԥхьатәи амшқәа рзы убас ашәарҭа ҟалеит, Гәымсҭатәи ацҳа ԥжәатәуп, мамзар аӷа арахь диасуеит ҳәа. Аха ацҳа ԥыржәар Рушьни имуӡеит. Ари ацҳа ԥыужәар, ҟаҵашьа амам ҳәа иааникылеит ҳаруаа.

Ирҳәоит, аибашьра анцоз арҭ аишьцәа рыбжьы мацара аӷа дырӡыӡон ҳәа. Ашәара закәыз рыздырӡомызт. Изцыз аруаа дара раасҭа еиҵбацәан. Урҭ гәымшәарыла, фырхаҵарыла рхымҩаԥгашьа анырбалак, ирҿыԥшуан, иҟарҵоз иахәаԥшуан, ҿырԥштәыс ирыман. Рықәрақәа шмаҷмызгьы, аибашьра адәаҿы аџьа збаз аишьцәа реиҳабы Зураби, агәыбжьанытә Рушьнии иранашьоуп Леон иорден. Лиова ихҵоуп Аԥсны афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Аибашьра анцоз иара ҩынтә дырхәхьан, аха ихәрақәа хьаас имкыкәа, ишьапы дшықәгылалак, иҿынаихон иԥшыхәратә ус ахь. Аԥшыхәраҿы иара Арӡынба Владислав ҷыдалатәи инапынҵақәа наигӡон.

Ара зыӡбахә ҳҳәаз Аҩӡаа аишьцәа аибашьра ахыи аҵыхәеи шеимардазгьы, аӡәгьы дҭамхакәа, еибганы иалҵит. Дара аишьцәа, зжьы ужәыр, зтәан еиламгыло ҳәа изышьҭоу ауаа иреиуан.

Аха аибашьра ашьҭахь уи ирнаҭаз ахәрақәа ирыхҟьаны рдунеи рыԥсахит: Зураб, Нури, Рушьни, Лиова. Аибашьраан имаз ахәра ачымазара бааԥсы изнарҵасны зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны афырҳаҵа Лиова аҳәара ҟаиҵахьан, даныԥслак, ар рымаҭәа ишәҵаны дыржырц. Иҭаацәа уи игәаҳәара нарыгӡеит.

Аишьцәа анышә иамадоуп иахьииз, иахьааӡаз Ешыра, рабацәа рнышәынҭрақәа рҟны. Иахьа зыԥсы ҭаны иҟоу рашьа еиҵбы Шьаур иоуп.

Аибашьра иацуп ашьакаҭәара, алаӷырӡ, агәырҩа, аха аҭабиақәа рҿы аибашьцәа ргәы шьҭибахуан лафла, самарҟәылла. Арҭ аишьцәа рыхәҩыкгьы алафҳәара бзиа ирбон. Уи ала рыгәгьы шьҭырхуан рааигәа иҟаз зегьы.

© Sputnik Аҩӡаа рархив аҟнытәАбдуи амоҭеи
1/3
Абдуи амоҭеи
© Фото : Аҩӡаа рархив аҟнытәНури Аҩӡбеи егьырҭ аибашьцәеи
2/3
Нури Аҩӡбеи егьырҭ аибашьцәеи
© Sputnik Нонна ҬхәазԥҳаАҩӡба Лиова ианашьоу аорден "Аԥсны Афырхаҵа"
3/3
Аҩӡба Лиова ианашьоу аорден "Аԥсны Афырхаҵа"
1/3
Абдуи амоҭеи
2/3
Нури Аҩӡбеи егьырҭ аибашьцәеи
3/3
Аҩӡба Лиова ианашьоу аорден "Аԥсны Афырхаҵа"

 

Аҩӡба Ҳаџьараҭи Ладариаԥха Мисеи ирхылҵыз хәҩык аԥацәа: Зураб, Нури, Лиова, Рушьни, Шьаур рхы-рыԥсы иамеигӡеит ҳаԥсадгьыли ҳауаажәлари рыхьчараҿы. Аибашьраҿы иҭахаз Зураб иԥа Вадими, аибашьраҿы илоуз аконтузиа иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз Нури иԥҳа Оксанеи аҭаацәара аԥҵара иахьымӡацызт. Егьырҭ аишьцәа ирхылҵызи, раҳәшьа Нара лыхшареи рҵакыра зегьы 43-ҩык иреиҳаны аҵеира Аҩӡаа ргәара дырԥшӡоит, идырлашоит.

Аишьцәа Аҩӡаа аибашьра анцоз џьарак иҟаӡамызт, аха дара-дара рылаԥшқәа еихын, аԥсыуала ишаԥу еиԥш иаартны ирындмырԥшуазаргьы, аӡәи-аӡәи еихылаԥшуан, дасу дызҿыз рдыруан.

Абас иҟаз агәымшәақәа, афырхацәа ирыбзоураноуп ҳара ишҳамоу ахақәиҭреи ахьыԥшымреи. Уи зхы-зыԥсы ахҭнызҵази урҭ ршьа зуз аҵеицәа рџьабааи иалыҵшәоуп хәы змаӡам ҳажәлар рхақәиҭреи рхьыԥшымреи.

Аҩӡба Ҳаџьараҭ ихылҵыз рахьынтә аӡәгьы ихы дамеигӡеит рышьҭахь иааиуа аҵеира аҭынч ԥсҭазаара рымазарц, еизҳаларц, еиҵыҵларц, ԥхьаҟа ицаларц. Рыхьӡ кашәара ақәымзааит ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵази изыхьчази аҵеицәа зегьы!

Ажәабжьқәа зегьы
0