Гагра араион арҵаҩцәа, аибашьцәа рбаҟақәа ирҭааит

© Sputnik / Саида ЖибаГагра араион арҵаҩцәа, аибашьцәа рбаҟақәа ирҭааит
Гагра араион арҵаҩцәа, аибашьцәа рбаҟақәа ирҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион арҵаҩцәа, аибашьраан иҭахаз аҵеицәа рбаҟақәа ирҭааит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Жьҭаара 5, арҵаҩы изанааҭ амш ныҳәа аҽны, Гагра араион аҵара аҟәшеи, арҵаҩцәа рзанааҭ еидгылеи иазырыӡбеит, Аиааира 25 шықәса ахыҵреи, Гагра араион ахақәиҭтәреи раҳаҭыр азы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еиабшьраан, Гагратәи ахырхарҭаҟны иҭахаз аибашьцәа рбаҟақәа рымҵан ашәҭқәа шьҭарҵарц.

Ԥсахара ишьақәыргылоу БРДМ аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ԥсахара ишьақәыргылоу амашьына "БРДМ" аҭоурых

Аҵара аҟәшеи, арҵаҩцәа рзанааҭ еидгылеи рнаҩс, акциа иалахәын ашколқәа рдиректорцәа, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа. Агәыԥ мҩаԥигон Гагра араион арратә комиссар ихаҭыԥуаҩ Руслан Барцыц.

Раԥхьаӡа, дара ашәҭқәа шьҭарҵеит, Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз, Леон иорден занашьоу Виктор Шьершьелиа игәалашәара ахьӡала Ԥсахара ақыҭан ишьақәыргылоу аибашьыга машьына БРДМ аҿаԥхьа, анаҩс уи авара, Аахыҵ-Уаԥстәылантәи иааз ахатәгәаԥхаҩцәа Џьамал Сиукаеви, Роберт Петров-Кокоеви, Ацамаз Маргиеви рбаҟа амҵан.

Устәи, ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр ашҭаҟны, Гагратәи ажәыларатә аоперациаан иҭахаз, аԥсуа телехәаԥшра аоператор Анзор Кәарҷелиеи, аибашьцәа Вахтанг Қаԥшьи, Феликс Цкәуеи, Славик Амԥари Аҩнуҵҟатәи аусқәа араионтә усбарҭа азааигәара иҭахаз атанкист Роберт Кәарҷелиа рбаҟақәа. Аҵыхәтәаны, еицыз Мамзышьхаҟа ихалеит, уаҟа иҭахаз Нхыҵ-Кавказтәи аибашьцәа Ибрагим Науржанови Нургали Канукови, Хасан Алхасови, Гәдоуҭа араион иалҵыз Валери Смыри рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц.

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра, иара Гагра араион ахақиҭтәрагьы рхы ақәырҵеит иахьа ззанаҭ амш ныҳәа азгәазҭашаз арҵаҩцәагьы. Убарҭ раҳаҭыр азы, рыхьӡ анаунагӡатәразы, иҳаӡбеит, ҳақалақь акәша-мыкәша иҭахаз аибашьцәа рбаҟақәа ахьышьақәыргылоу аҭыԥқәа рҭаара. Еиҵагыло абиԥара, ҳажәлар знысыз аҭоурых арзеиҭаҳәара", — ҳәа лҳәеит акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку, Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.

Баҟацԥхьаӡа ашәҭ шьҭаҵара ашьҭахь, ахәыҷқәа ирыԥхьон ажәеинраалақәа, инарыгӡон ашәақәа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз арҵаҩцәа ргәалашәара аҳаҭыр азы имҩаԥгаз акциазы, уи аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит арратә комиссар ихаҭыԥуаҩ Руслан Барцыц.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
"Ашьамҩа ианысыз Аԥсны ахьчаҩцәа" захьӡу афотоцәыргақәҵа аартуп Гагра

"Иахьа, арҵаҩы изанааҭ амш ныҳәа аҽны, абас еиԥш иҟоу агәалашәаратә акциа еиҿызкаази, иалахәызи иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Шәара шәеиԥш ауаҩреи, ааӡара ҳараки, аамысҭашәареи злоу арҵаҩцәа шәыбзоурала Аԥсны ԥхьаҟа изго, ахьӡ ҭызго аҵеицәа нагацәа аҵагылоит", — иҳәеит иара.

Гагра араион арҵаҩцәа рзанааҭ еидгыла ахантәаҩы Марина Богаева лыхәҭакахьала, арҵаҩцәа зегьы ирыдылныҳәалеит рзанааҭ амш ныҳәа, Аиааира 25 шықәса ахыҵра, иара убас Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахақәиҭтәра.

"Агәалашәаратә акциа амҩаԥгара хықәкыс иамоуп, ҿыц арҵаҩы иус иадгылази, изызҳауа абиԥареи арҭ агәалашәаратә ҭыԥқәа адырбара", — ҳәа азгәалҭоит Марина Богаева.

Акциа ахырқәшамҭаз, арҵаҩцәа қәыԥшцәеи, ашколхәыҷқәеи, агәалашәаратә усмҩаԥгатә рзеиҿызкааз иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0