Акриптовалиута ала раԥхьатәи алагалақәа аднакылеит агәыҳалалратә фонд "Ашана"

© flickr.com / Zach CopleyКриптовалюта
Криптовалюта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" аилахәыра "NEM Россиеи" рнапы аҵарҩит аиқәшаҳаҭра IX Аԥсны-урыстәылатәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.

 АҞӘА, жьҭаара 15 — Sputnik, Бадри Есиава. Акриптовалиута ала раԥхьатәи алагалақәа аднакылеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

 "Акриптовалиута ала раԥхьатәи алагалақәа аднакылеит агәыҳалалратә фонд. Иазгәаҭатәуп ари адунеи аҿы ираԥхьатәиу ԥышәаны ишыҟоу, аблокчеинтә аилахәыра агәыҳалалратә фонд атехникатәии аинформациатәии дгылара ананаҭо", — лҳәеит лара.

 Афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа илҳәеит алагалақәа рымҩаԥгара шалшо КБФ "Ашана" азы ҷыдала аилахәыра NEM азы урыстәыла Клим Геран иаԥҵаз асаит ала (http://fundraising.icodeph.com/-ред). Иара хара имгакәа аусура иалагоит адомен ashanakbf.io аҿы.

 Аилахәыра New Economy Movement аус ауеит 2015 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0