Ирина Ҷанба-Џьапуа: сгәы ӷәӷәазаарын, аԥсра сацәынхеит абри ахҭыс сахаанхарц

© Foto / Сырма Ашәԥҳа"Дед" игәыԥ иалахәыз аибашьцәа рбаҟа
Дед игәыԥ иалахәыз аибашьцәа рбаҟа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 26, 1992шықәса рзы Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аадыртит Аҽгәара ақыҭан.

ОЧАМЧЫРА, жьҭаара 26 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. "Дед" ҳәа хьыӡшьарас измаз Борис Ԥачлиа напхгара зиҭоз агәыԥ еиднакылон 33-ҩык аибашьцәа. Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы ишьақәыргылаз аплан инақәыршәаны, жьҭаарамза 25-26 рзы аибашьцәа рҽазыршәеит рымчқәа аӷа игәыдҵаны, ақалақь ампыҵахалара. Аха уи лҵшәадахеит. Аҽгәара ақыҭан ҳаибашьцәа аӷа имацәаз иҭашәеит. Дара зықәтәаз амашьына бџьарла еихсны иҭадырхеит. Иҟоуп зыԥсы згақәаз, ахәрақәа зауз, иара убас ҳаӷацәа ирытҟәаз.

Славик Кучбериа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Қәычбериа: Очамчыра иаартхоит Мрагыларатәи афронт аҟны иҭахаз рбаҟа

Иахьа, Аҽгәара ақыҭан иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала иаартын абаҟа. Абаҟа апроект авторс дамоуп архитектор Беслан Багаҭелиа. Асахьаҭыхҩы — Баҭал Џьапуа. Аизара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа реиҳабацәа, ақалақьқәеи араионқәеи рнапхгаҩцәа, аибашьцәа рҭынхацәа, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра.

Абаҟа аадыртит Дед игәыԥ иалахәыз аибашьцәа рыхшара Аслан Џьапуеи, Инал Делбеи.

Аизараҿы иқәгылеит аибашьра аветеранцәа, иара убас иҭахаз рҭаацәа. Абаҟа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә аҿы жәа лҳәеит Леон иорден занашьоу Аслан Џьапуеи, "Агәымшәаразы амедал" занашьоу Руслан Џьапуеи ран Ирина Ҷанба-Џьапуа.

"Сара ҩыџьа сыҷкәынцәа абри ижәбо аҭыԥаҿы иҭархаз амашьына иҭатәан. Аслан амашьына дҭаблит, Руслан ҳаӷацәа дрытҟәеит. Анцәа иџьшьаны Руслан деибганы даҳзыхынҳәит. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит акыршықәса раахыс ҳаззыԥшыз абри абаҟа ашьақәыргылара алзыршаз зегьы. Сгәы ӷәӷәазар акәхарын, аԥсра сацәынхеит абри ахҭыс сахаанхарц", — ҳәа азгәалҭеит аибашьцәа ран.

Дед игәыԥ иалахәыз, усҟан ҳаӷацәа ирытҟәаз Мурман Гәарамиа, еизаз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иазгәеиҭеит, ари амш илахьеиқәҵагоу ахҭысқәа рыла ишҭәу, аха убри аан агәыӷра зцу мшны дшахәаԥшуа.

"Иҳавыршьааз ҳҩызцәа хашҭра рықәым. Иуадаҩыз аамҭа иҭагылан Аԥсынра. Аха ҳашьцәа рыгәаӷьреи ргәымшәареи ирыбзоураны Аиааира ҳгеит. Уаҳа ҳадгьыл аҿы ашьа камҭәааит, еизҳауа аҿар аҭынчра аамҭа рымазааит", — иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟала, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира аҟны рлагалазы "Дед" игәыԥ иалахәыз аибашьцәа зегьы иранашьан "Аиааиразы" амедал.

Ажәабжьқәа зегьы
0