Ҵәгәырла аԥсыӡкраз иаарту ачемпионат аԥснытәиқәагьы алахәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСпортивная рыбалка в селе Адзюбжа
Спортивная рыбалка в селе Адзюбжа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсыӡкразы Урыстәыла-Аԥснытәи жәларбжьаратәи иаарту ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп Нхыҵ Уаԥстәыла, абҵара 2 - 4 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 29– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсыӡкразы Урыстәыла-аԥснытәи жәларбжьаратәи иаарту ачемпионат иалахәхоит аԥснытәи акомандагьы. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥсыӡкреи ашәарыцареи рыспорт Афедерациа апрезидент Альберт Бондаренко.

Кунач Бечвая - Sputnik Аҧсны
Арадио
Бҷиа: аԥсыӡкра иабзоураны аҩызцәа сырҳаит

"Актәи аиԥылара Аԥсны, аӡиас Бзыбь аҟны имҩаԥган сынтәа, хәажәкырамзазы. Уажәы уи аҭактә еиԥылара мҩаԥгахоит Урыстәыла аҵакыраҿы. Нхыҵ Уаԥстәыла ашьха ӡиасқәа рацәоуп. Урҭ ирҭоу аԥсыӡгьы акыр аратәиқәа иреиԥшуп. Аҭагылазаашьала уагьы араагьы еиԥшуп", — иҳәоит Бондаренко.

Иара иазгәеиҭеит иахьазы ачемпионат алахәразы рҽышҭарыҩхьоу 18 команда: Аԥсны, Донецк, Луганск ркомандақәа акак, Уаԥстәылеиԥш Урыстәыла иаҵанакуа егьырҭ акомандақәа 15. Иҟалоит Ермантәылеи Ҟарачы-Черқьесски ркомандақәагьы рҽаладырхәыр ҳәа.

Аиндаҭлара мҩаԥысуеит асистема "икы-иоужь" ала. Аекологиагьы ԥырхага анаҭом. Уи инамадангьы акомандақәа рхатә харџь ала аԥсыӡ аахәаны аӡы иҭарҵароуп. Бондаренко иажәақәа рыла уи акалмаҳарира иахәарҭоуп.

Аӡынтәи аԥсыӡкра Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи абаӷәазаҿы аӡынтәи аԥсыӡкра

Аԥсыӡкыҩцәа иркуа аԥсыӡ напыла иакьымскәа, аӡбаҩ ианирбаны, ааха амҭакәа иаразнак иоурыжьроуп.

Убас, Бзыԥ аӡиас аҳәырԥссара иатәым аҵакыраҟны иоурыжьит ачемпионат амҩаԥгара инамаданы 300 —500 кьыла аԥсыӡ. Хыԥхьаӡарала иугозар 2000 цыра акалмаҳа. Афедерациа апрезидент ишиҳәо ала ачемпионат ззырхо аԥсабара ацхраароуп.

Агәыӷра ыҟоуп 2019 шықәса рзы ачемпионат алахәылацәа рхыԥхьаӡара еиҳагьы ихаҭәаап ҳәа, Германиеи Прибалтика атәылақәеи ркомандақәа ралахәхарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0