Дмитри Ӷәазаа Урыстәыла ахраҿа игеит Mitjet 2L акатегориа PRO аҿы

© Фото : apsadgilДмитрий Гвазава
Дмитрий Гвазава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аспортсмен Дмитри Ӷәазаа Урыстәыла ахраҿа игеит Mitjet 2L акатегориа PRO аҿы, Шәачатәи автодром аҿы, амҽыша, абҵара 4 рзы.

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба.Дмитри Ӷәазаа Урыстәыла ахраҿа игеит Mitjet 2L акатегориа PRO аҿы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспортсмен ихаҭа.

Автогонщик из Абхазии Дмитрий Гвазава - Sputnik Аҧсны
Дмитри Ӷәазаа араӡны игеит Mitjet 2L аҟны

"Аԥхьатәи аикәшараан смашьына ԥхасҭахеит, амеханикцәа иара ирласны иҟарҵеит. Уи иахҟьаны саамҭа иацлеит, аха исылсыршеит аԥхьа анеира. Аҩбатәи аиԥхныҩлараан сыццакыра иҟалар шалшоз аасҭа иагны избеит, скоманда алахәыла Данил Иванов (акоманда "Lukoil Racing Team" – аред.) дсышьҭырц сыӡбеит", — иҳәеит иара.

Дмитри Ӷәазаа афбатәи аетап аҩбатәи аикәшараҿы аҩбатәи аҭыԥ ахьникылаз игәы иалам.

"Сара смашьына иамаз агхақәа ирхырҟьаны аццакыра азхомызт, аха Урыстәыла Ахраҿа ҩынтәны агарагьы гәыҭгароуп", — иҳәеит иара.

Аԥснытәи аспортсмен Дмитри Ӷәазаа Урыстәыла ахраҿа игеит Mitjet 2L акатегориа PRO аҿы, Шәачатәи автодром аҿы, амҽыша, абҵара 4 рзы.

Акласс Mitjet 2L шьаҭаркын Франциа 2012 шықәса рзы. Иахьазы Mitjet 2L ахархәара ду аманы иҟоуп Франциа, Италиа, Германиа, Урыстәыла, Америка.. аиԥхныҩларақәа ирылахәуп 40 рҟынӡа машьына.

© Facebook/Mitjet Series RussiaАԥснытәи аспортсмен Дмитри Ӷәазаа Урыстәыла ахраҿа игеит Mitjet 2L акатегориа PRO аҿы
Двукратный обладатель Кубка России Mitjet Дмитрий Гвазава - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аспортсмен Дмитри Ӷәазаа Урыстәыла ахраҿа игеит Mitjet 2L акатегориа PRO аҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0