АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik, Бадри Есиава. Афбатәи, Урыстәыла Ахраҿа ахыркәшаратә етап Mitjet 2L, аԥсуа спортсмен Дмитри Ӷәазаа дызлахәыз, хыркәшахеит Шәачатәи автодром аҟны, цәыббра 16 рзы. Дмитри Ӷәазаа аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ҭелла Дмитри Ӷәазаа.
"Сара ажәбатәи аҭыԥ аҟынтәи сыҵҟьон. Сара исус хаданы иҟаз Алексеи Карачев иаԥысра акәын, избанзар ачемпионат аҟны еиҟараны очкоқәа ҳаман, аҩбатәи аҭыԥ азы ҳақәԥон. Сара исылшеит иара иаԥысра, аҩбатәи аҭыԥгьы сара исанашьахеит", — иҳәеит иара.
Ахраҿа ахыркәшаратә етап ҩ-еиԥхныҩларак рыла ишьақәгылан. Актәи аан авариақәа маҷмызт. Руак иаргьы дақәшәеит.
Атрассаҟны актәи ахыкәшараан Дмитри дзыниаз авариа аиааира имнахырц егьагымхеит.
Уи иахҟьаны 22 очко ицәыӡит.
"20 машьына рҟынтәи ажәбатәи иакәны дҩеиит. Сара 22 очко рыла Алексеи Карачев иаԥхьа сгылан. Авариа ашьҭахь ҳаиҟарахеит. Сара иара иаԥхьа хымԥада снеир акәхеит аҩбатәи аҭыԥ аиуразы", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ӷәазаа.
Афбатәи, Урыстәыла Ахраҿа ахыркәшаратә етап Mitjet 2L, аԥсуа спортсмен Дмитри Ӷәазаа дызлахәыз, хыркәшахеит Шәачатәи автодром аҟны, цәыббра 16 рзы.