Амузыкатә конкурс "Абжьы зхоу" арзаҳалқәа аднакылоит

© Foto / Bogomil MihaylovАмузыкатә конкурс "Абжьы зхоу" арзаҳалқәа аднакылоит
Амузыкатә конкурс Абжьы зхоу арзаҳалқәа аднакылоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы вокалтә конкурс "Абжьы зхоу" азы апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҿы абҵара 14 рзы.

АҞӘА, абҵара 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амузыкатә конкурс "Абжьы зхоу" арзаҳалқәа аднакыло иалагоит абҵара 14 инаркны ҳәа лҳәеит апресс-конференциаҿ ауснагӡатә аиҿкааҩ Хьыбла Мықәԥҳа.

"Аконкурс ахықәкы хада – ашәаҳәара иалаго, 9-16 шықәса зхыҵуа рҟазара аизырҳароуп", - лҳәеит лара.

Хьыбла Мықәба - Sputnik Аҧсны
Хьыбла Мықәба: апроект "Ашәа еицаҳҳәап" ахықәкы аԥсуа ашәақәа рӡыргара ауп

Аконкурс алахәылацәа ҩ-қәратә гәыԥны еихшоуп: 9 – 13; 13 - 16 шықәса зхыҵуа ҳәа. Алахәылацәа акастинг иахысроуп. Дара аԥсышәалеи аҳәаанырцә бызшәалеи ашәақәа нарыгӡароуп.

"Аԥсышәала ашәа анагӡара, уи хымԥадатәиуп, избанзар ҳара ҳзы ихадароу ҳҿар амилаҭ музыка абзиабара рылааӡароуп. Аха убри аан аҳәаанырцәтәи ашәақәа рынагӡарадагьы изалшом", - лҳәоит лара.

Аиҿкааҩцәа ишырҳәо ала аконкурс аҿар ирнаҭоит алшара асцена ду аҿы рхы аадырԥшырц.

"Ахәыҷқәа алыԥшаалатәуп, амҩа рыҭалатәуп. Ахәыҷқәа рзы аконкурс цхыраагӡоуп", - лҳәеит апроект акреативтә директор проекта Ада Адлеиԥҳа.

Аконкурс аҽалархәра рылшоит Аԥсны инхо рҟынтәи изҭаху зегьы. Алхратә тур ашьҭахь афинал ахь инашьҭхоит 16-ҩык аконкурсантцәа.

"Афинал аҿы ахәшьарақәа ықәдыргылалоит апрофессионалтә жиури", - лҳәеит Мықәԥҳа.

Аконкурс афинал мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамзазы.

"Амаӡа шәзаасыртуеит. Хьыбла ҷыдала иазлырхиеит аԥхьахә. Ҳара иара убасгьы иаԥсоу дҟалар Гран-при иҭара ҳазыхиоуп", - лҳәеит Адлеиаԥҳа.

Арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥысуеит абҵара 14 - 25 рзы. Аимадаратә ҭел: +7(490) 750-35-03.

Ажәабжьқәа зегьы
0