АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Амузикатә проект "Ашәа еицаҳҳәап" ахԥатәи асезон, егьырҭ излареиԥшым уи ауп- ари апроект аҟны ашәаҳәаҩцәа рыбжьара аконкурс ҟалаӡом. Абри атәы лҳәеит амузикатә проект "Ашәа еицаҳҳәап" автор, ашәаҳәаҩ Хьыбла Мықәба.
"Раԥхьаӡа иргыланы егьырҭ асезонқәа излареиԥшым уи ауп – ари апроект аҟны аконкурс ҟалаӡом ашәаҳәаҩцәа рыбжьара. Избан акәзар, ҳахысит агәынамӡарақәа егьырҭ асезонқәа раан. Агәынамӡарақәа ҟамларцазы иҳаӡбеит аконкурс ацынхәрас, баша аинтерес зҵоу егьырҭ аконцертқәа иреиԥшым акәгыларақәа ҟаҳҵарц. Иааидкылан еиуеиԥшым атематикақәа рыла ф-концерт ҟалоит. Иалахәуп ашәаҳәаҩцәа дуқәеи, ҿыц иалагоу ашәаҳәацәа ҿарацәеи. Ахәыҷқәагьы амҩа рыҭатәуп, асцена иаршьцылатәуп", — ҳәа лҳәеит Мықәба.
Хьыбла Мықәба лажәақәа рыла, апроект аидеиа рызцәырҵит шықәсқәак раԥхьа арежиссер Мадина Аргәынԥҳаи лареи. Апроект ашьаҭа аагоуп аурыс проект "Две звезды" аҟнытәи.
"Ари апроект ҩ-сезон ииасхьеит, уи аԥшьаҳгеит, ҳҳаҿы иааит арежиссер Мадина Аргәынԥҳаи сареи. Иара ахьыӡ зхәыцызгьы лара лоуп. Аурысцәа апроект рымоуп "Две звезды" ҳәа, уи ашьаҭа алоуп изеиҿкаау ари апроектгьы. Акы уаҿыԥшны ауп акы ушалагогьы", — ҳәа азгәалҭеит автор.
Амузикатә проект "Ашәа еицаҳҳәап" аханатә хықәкыс иамаз аԥсуа бызшәеи, аԥсуа ашәақәеи рӡыргара ауп.
"Ҳәара аҭахыума, апроект аханатә хықәкыс иаман аԥсуа бызшәеи, аԥсуа ашәақәеи рӡыргара, уи ахықәкы иамоуп иахьагьы. Насгьы иара апроект ашәаҳәаҩцәа рзы иманшәалу плошьадкуп. Егьырҭ аконцертқәа аныҟоу доусы ашәаҳәаҩцәа рашәақәа нарыгӡоит, араҟа ирымоуп алашара даҽакала рхы аарԥшра, рхы аԥышәара", — ҳәа ацылҵеит лара.
Амузикатә проект "Ашәа еицаҳҳәап" ахԥатәи асезон аконцерт мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын мза 5 аҽны, Аҟәа.