"Аԥсабара уныҟәнагоит"

© Sputnik / Томас ТхайцукХрам Амбара в поселке Мюссера
Храм Амбара в поселке Мюссера - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аԥсабара шәаԥыџьаԥла ибеиоуп. Ауаҩы абнараҟны ҽнак хәлаанӡа даанхаргьы иифаша, иижәша иԥшаауеит. Ус шакәу хаҭала иԥысшәеит иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа раан Мысра, Амбара ҳәа изышьҭоу аҭыԥ ԥшӡаҟны сҩызцәа сыманы ныҟәара саныҟаз.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аӡынтәи аамҭа ҳашҭагылоугьы, ҳаԥсабара зыԥсы ҭоу зегьы ныҟәнагоит, акрарҿанаҵоит. Ҷыдала Мысратәи абнара атәы уҳәозар, араҟа сҩызцәеи сареи хԥа-ԥшьба сааҭ ҳныҟәонаҵы ҳалаԥш иҵашәеит акәыкәбаақәа, ахәырмасса, абацә, амаахыр, араса, аконфеҭ ҵла ашәыр, уажәшьҭа ииасуеит аха, иаҳԥыхьашәеит аҳаҷҷа, аҵәасса, ахьа.

Абнаҳәақәеи, абнатә ԥсаатәи ҳареи еимактәыс иҳауит иҟаланы акаԥсара иалагаз абацә. Аиашазы, "дара ирфааит, ирыцҳауп, иҳамҟәшәап" ҳҳәан, ус баша агьама ҳбеит ауп.

X ашәышықәса иаҵанакуа Бзыԥҭатәи аныхабаа - Sputnik Аҧсны
Бзыԥҭатәи аныхабаа иахылаԥшуа Роман Канџьариа: сыҩнеиԥш избоит ари аԥшьаҭыԥ

"Аԥсабара уныҟәнагоит" — ҳәа еицқәаз ҳаицҿакны иазгәаҳҭеит. Сҩыза Зарина Коӷониа аҵиаақәа рыхкқәа ибзианы илдыруеит аҟнытә, лыбзоурала еизаҳгеит ачаи иаҳҭашаз ашьхарчаи, ацхаҳаскьын, акәадац.

Ажәабжьқәа шеибаҳҳәоз, схәыцрақәа схәыҷратә шықәсқәа рахь ихынҳәит, ҷыдала аибашьра аамҭахь. Усҟан Мгәыӡырхәа ақыҭан ҳаҟан. Исгәалашәоит, ауадаҟны ҳамҿтәы ԥечкаҟны есышьыжьи, есыуахеи еилашуа ишықәгылаз алиуминтә чаиршыга ду. Ахҩа хыртны санҭаԥшуаз, ҽнак быӷьқәак ҭан, даҽа ҽнак шәҭқәак, зны-зынла махәқәак. Аха знызаҵәыкгьы "абри закәуи" ҳәа сан сылмазҵааӡеит, ус иахәҭаны исԥхьаӡон аҟнытә. Ҽнак, аибашьра атема анаацәыраҳга, "бара мама, ачаи ацынхәрас иаҳбыржәуази" ҳәа санлазҵаа илҳәеит, абыӷьқәа — амышмалатәқәа, амахәқәа — абиҵәатәқәа, ашәҭқәа — аҭәаҵлатәқәа шракәыз.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАкәардац
Акәардац - Sputnik Аҧсны
1/6
Акәардац
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАбацә
Абацә - Sputnik Аҧсны
2/6
Абацә
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаМысра изызҳауаз акәыкәбаақәа. Афото аҟны: Зарина Коӷониа
Мысра изызҳауаз акәыкәбаақәа. Афото аҟны: Зарина Коӷониа - Sputnik Аҧсны
3/6
Мысра изызҳауаз акәыкәбаақәа. Афото аҟны: Зарина Коӷониа
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАмбара
Амбара - Sputnik Аҧсны
4/6
Амбара
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАмбара
Амбара - Sputnik Аҧсны
5/6
Амбара
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАмбаратәи аныхабаа
Амбаратәи аныхабаа - Sputnik Аҧсны
6/6
Амбаратәи аныхабаа
1/6
Акәардац
2/6
Абацә
3/6
Мысра изызҳауаз акәыкәбаақәа. Афото аҟны: Зарина Коӷониа
4/6
Амбара
5/6
Амбара
6/6
Амбаратәи аныхабаа

Сҩызцәагьы, сгәалашәара атәы рзеиҭасҳәеит. Аамҭакы ҳнеидашшыло аибашьра ахҭысқәа ҳрылацәажәон.

Абна ҳахьынӡылаз, аԥша хьшәашәа злымҳа иҭасыз сҩызцәа руаӡы маҷк ахьаа лызцәырҵит. Сарҭмаҟ иҭаз ахьаахәшә лысҭан, даҽа хҭыск ахь сынхьаԥшит.

Ҳаныхәыҷқәаз ҳлымҳа анҳахьуаз, ҳаб абнатә хәырмасса амахәқәа ылхны иааганы, абжа амца иҿҳәаҵаны, егьи аҵыхәа аҵәца аҵакны аӡы алихуан. Убри кәарақәак ҳлымҳа иҭаҭәаны ахьаа хиҽуан.

"Ҳабна хазынақәа ҳныҟәыргоит, ҳархәышәтәуеит", — ҳәа лассы-лассы иаҳҿыҵшәон.

Исымҳәар залшом, ҳгәы ҳзырхьызгьы шыҟаз. Ана-ара ихҵәаны ишьҭан макьана иқәыԥшыз, аха мҿыс илхыз аҵлақәа. Иҟамлаӡои иалԥшааны, иажәхьоу, аҩара иалагахьоу ԥуҟар?!

Аҩныҟа ҳцамҭаз, сҩызцәеи сареи а-X-тәи ашәышықәса иаҵанакуеит ҳәа иԥхьаӡоу ажәытәӡатәи Амбаратәи аныхабааҟны ҳнеины ацәашьқәа ҳблит, Ҳазшаз иҭабуп ҳәа иаҳҳәеит иахьа уажәраанӡа ҳаԥсабара еиқәырханы иахьҳзааигаз, ашәышықәсала ҳныҟәызго ҳаԥсадгьыл амазара мыӡырц азы ҳиашьаԥкит, ҳиҳәеит ҳауаажәлар рыхдырра иҵегь иациҵарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0