Абырг Илиа Ашәба: аԥсуа ицәа иҭаигӡо рацәоуп, ичҳара ӷәӷәоуп

© Sputnik / Василий Малышев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазский долгожитель
Абхазский долгожитель - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытә аамҭа иацу ахаара, агьама атәы дазааҭгылоит Џьгьарда ақыҭа инхо, 80 шықәса ирҭысхьоу абырг Илиа Ашәба.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуа даҽа милаҭк дызларылукаауа, дад, иаԥсуаралоуп. Аԥсуа иламыс хазуп, ихымҩаԥгарагьы хазуп. Аԥсуа ицәа иҭаигӡо рацәоуп, ичҳара ӷәӷәоуп. Аԥсуа аӡәы иҿаԥхьа ихы лаирҟәуам ҳәа иажәа хациркит Џьгьарда ақыҭа инхо анхаҩы Илиа Ашәба.

Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Аҿыхтыга, ма "арҳәацәара": аҭацаагара иацу акәамаҵама

"Ажәытә аҭаца ҽыла дааргон. Уахынла акәын ачара аныруаз. Аҭаца акасы еиқәаҵәа лхаршәын, лхы-лҿы ҵәахын. Аҭацабара ҳәа ианнеилак, аҳәса лкасы иҩаханы дгәыдыркылон, дырбон. Ахацәагь неиуан ахаршә шәара. Арԥарцәа ракәзар, ҽыла амардуан ихалон. Уи зегьы ирылшомызт. Изхалоз ҽыла дшақәтәаз аҩны дыҩналон, аҭаца дибон, ахаршә ишәон. Ахәымџьар ақьаад ԥҟаны иҭаҵаны, ампахьшьи иареи наганы аҽы аӷәра иадырҳәалон, ҳамҭас ирҭон. Ҵәыцак аҩы аажәны, абарҵаҿы аҽы ирыхәмаруан, нас аԥҟацаҳәа ашҭахь дналбаауан", - иҳәеит Илиа Ашәба.

Ажәытә аԥсуа ҭаца лхымҩԥгара даҽакын, лтәашьа лгылашьа хазын. Абхәа иҿы, абхәында еиҳабы иҿы дцәажәомызт. Шәара уи шәышԥахаану?— ҳәа ҳаниазҵаа абырг, абар иҳаиҳәаз:

"Зегьы анацәа ҳархылҵит. Аԥхәыс аҩнаҭаҿы иналыгӡо шьарда ыҟоуп. Аԥсҳәыс лоуп, дад, ахәышҭаара еиқәзырхо, аҵеира зааӡо. Зцәа зтәымыз аҭаца лабхәеи, лабхәында еиҳаби, лаби, лашьеи рҟны дцәырҵуамызт, избанзар ус ԥсуаҵасла иԥшӡамызт. Убриаҟара апатуеиқәҵара ыҟан. Аҭаца аҩнаҭаҿы даанагар, надаа-аада ауаа днарывсны дындәылҵуан. Итәаз раԥхьа диасуамызт", — ажәытәра игәаларшәо дҳацәажәон абырг.

Асасдкылара акәзар, аԥсуаа рҿы ахатә ҭыԥ ҷыда ааннакылон. Асас ихәы хазын, итәарҭа-игыларҭа хазын. Уи атәы далацәажәауа Илиа Ашәба иҳәеит:

"Аԥсуа асас иаалырҟьан диҭаар, еснагь аԥшәмаԥҳәыс аҭаҵәах лыман. Лыԥшәма длырԥхашьомызт, бысҭа ԥхак изылуаанӡа, ишахәҭаз еиԥш ахәы ҟалҵаанӡа, ахыхь-мыхь ҳәа, аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, араса уҳәа аҩи ауаткеи надгаланы аишәа лырхион. Еицәажәонаҵы, ахәы ԥхаҵәы-ԥхаҵәуа иуны иааган иқәлыргылон", — иҳәеит иара.

Аҭыԥҳа пату лықәызҵо, дзырԥшӡо лҽеилаҳәашьеи, лыхцәи, лхымҩаԥгареи ракәын. Уи ус шакәу шьақәирӷәӷәоит ҳзыҿцәажәоз.

"Аҭыԥҳа лмаӷра хҵәаны ауаа рахь дцәырҵуамызт. Сара сыжәлантәқәа иреиуаз ҳаигәылараҿы зықәрахь инеихьаз Елызбар Ашәба ҳәа дынхон. Аҭыԥҳа лакәым, умахәар аахьарҽны унеиргьы, " еҳ, баба" ҳәа даақәыԥсычҳауан, уи ала иҳаилиркаауан ишигәамԥхаз", — ҳәа азгәеиҭоит Илиа.

Англиа еиҿкаау аԥсуа-дыга жәлар ркультуратә центр ахаҭарнакҵәа - Sputnik Аҧсны
Аҭрышԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс адунеи аҿы зегь реиҳа иӷәӷәоу ԥҳәысуп

"Ииашоуп, аамҭа ицо уаццароуп, ажәытәра ацымкәа аҿатә амацара агьама ацәаӡуеит, урҭ еибакапануа иҟазароуп. Ажәытә аихаҵгылара бзиа ыҟан. Анцәа иумҳәан ақыҭаҿы ԥсрак ҟалар, ҩынҩажәа мшы ҵаанӡа ҳани ҳандуи ачангур ҳкыр руамызт. Ҳаргьы рҳәатәы ҳахыԥомызт. Саҳәшьцәа даара ибзианы иадырҳәон. Есааира аамҭа аҽеиҭанакуеит, аха ҳжәытәра каҳмыжьроуп. Аиаша шәасҳәоит, саргьы убра схы налаҵаны иазгәасҭоит, абыргцәа дара злиааз аамҭа гәхьааргоит, изықәныҟәоз аԥҟарақәа, насгьы раԥсуара ирыднаҵоз аҟазшьақәа еснагь рыԥсы ҭазарц рҭахуп", — абраҟа иажәа еиқәиҳәалеит заԥсуара иазгәыкуа иҳацәажәоз абырг Илиа Ашәба.

Ажәабжьқәа зегьы
0