Аԥсны ашколхәыҷқәа рыкрыфара-чара астандартқәа шьақәдыргылоит

CC0 / / Столовая. Архивное фото
Столовая. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭстандарт ахантәаҩы Гарри Саманба еиҭеиҳәеит ареспублика ашколқәа рҟны ашколхәыҷқәа рыкрыфара аҳәаақәҵараз азакәан апроект алацәажәара шцо.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ашколхәыҷқәа рыкрыфара-чара астандартқәа шьақәдыргылоит иҳәеит Аԥсны аҳәынҭстандарт ахантәаҩы Гарри Саманба.

Ареспублика ашколқәа рҟны ашколхәыҷқәа рыкрыфара аҳәаақәҵараз азакәан апроект алацәажәара цоит, ишьақәыргылахоит азеиԥш стандарт иҳәеит иара.

"Ҳара аус адааулеит ашколтә усҳәарҭақәа рҿы ахәыҷқәа рыфатә азы иҟалои иҟамлои. Азакәан апроект иҳәаақәнаҵоит ашколқәа рҿы ихымԥадатәиу анормақәа, ацқьареиҿкаара", - ҳәа азгәеиҭеит Саманба.

Азакәан апрект Апарламент аҿы аԥсахрақәа алагаланы ирыдыркылар. Ашколқәа рҿы ихымԥадатәу хархәагахоит иҳәеит аҳәынҭстандарт ахантәаҩы.

"Азакәан ашколтә крыфарҭақәа реиҳабацәа рзы ихымԥадатәихоит. Дара азакәан ихыԥшыланы иаархәароуп иахәҭоу афатә-ажәтә. Азакәан аусура иалагар, иаархәо ахаҭабзиара ахылаԥшра аҳҭалоит", - иҳәеит иара.

Саманба иара убасгьы иҳәеит ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәа рҿы акрыфарачара азҵаарагьы алацәажәара шазыԥхьагәаҭо.

Афатәқәа рзы акорзина. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны афатә ахәԥса еизҳаит

"Азҵаара атәыла ахада иусбарҭала ма адепутатцәа рыла иӡбахоит, азакәан Апарламент ахь анашьҭразы. Азакәан апроект аус адулара ҳаҿуп. Жәабранмзазы иазҳархиар алшоит", - иҳәоит Гарри Саманба.

Гарри Саманба еиҭеиҳәеит 2018 шықәса абҵарамза инаркны ԥхынҷкәынынӡа ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рҟны ирҿарҵо агәаҭара мҩаԥаагон.

"Зыҿҳәара иахысхьо аалыҵ адагьы ахәыҷқәа рыфарачара иалан иԥсабаратәым ахәшақәа. Уи зынӡа иҟамло усуп", - иҳәеит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит имҩаԥысуаз агәаҭарақәа аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аимак-аиҿак цәырыргеит ҳәа.

Гарри Саманба иара убасгьы иҳәеит акрыфарҭақәа ртехникатә ҭагылазаашьа алацәажәара аҭахны иҟам, ишахәҭоу еиԥш еиҿкаауп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0