ААР: 9550 тәылауаҩшәҟәы ауааԥсыра рыҭаразы ихиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәылауаҩшәҟәы
Атәылауаҩшәҟәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба ашәахьа, ажьырныҳәа 28 рзы имҩаԥигеит ауааԥсыра тәылауаҩшәҟәыла реиқәыршәара иазку аилацәажәара.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. 9550 бланк рҟынӡа ауааԥсыра рыҭара иазырхианы ишьҭоуп, аха урҭ рзы уаҩ дадҵаалом ҳәа аҳәоит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит аҟны.

Аԥсны ауааԥсыра тәылауаҩшәҟәыла реиқәыршәара иазку аилацәажәараҿ иазгәаҭан ареспубликаҿы зынӡа атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы 122 000 рзаҳал шрыдкылаз, урҭ рахьынтәи 108 895 документ аус рыдулоуп.

Азеиԥштәылауаҩратә шәҟәқәа рыԥсахра апроцедура ахыркәшарахь инеиит Афон ҿыц ақалақьи Гәылрыԥшь араиони рҿы. Активла аусурақәа мҩаԥысуеит Гагра ақалақьи Гагра араиони рҿы.

Аҟәа аҿыц документқәа рыла ирыԥсаххьеит 35 000 тәылауаҩшәҟәы, ихианы ишьҭоуп 5619 документ.

Ҳаџьымба: Аԥсны атәылауаҩшәҟәы ала ҳуааԥсыра рыбжеиҳараҩык еиқәыршәоуп

 

Ажәабжьқәа зегьы
0