Аԥсуа ҿар атәыла апроблемақәа ртәы зҳәо аклип ӡырыргеит

© Sputnik / Сария КварацхелияАбхазская молодежь презентовала клип о проблемах в стране
Абхазская молодежь презентовала клип о проблемах в стране - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
68-ҩык аԥснытәи ашколхәыҷқәеи аҿари Маикл Џьексон иашәа "Heal the world" азы аклип ҭырхит. Аклип аҿы Аԥсны ҳаамҭазтәи апроблемақәа рыӡбахә ҳәоуп.

АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны апроблемақәа ирызку асоциалтә проект "Heal the world" ӡырган акультуратә еиқәшәарҭа SKLAD аҿы амҽыша, жәабран 10 рзы.

Асоцпроект алахәылацәа ҩымз инарзынаԥшуа Маикл Џьексон иашәа "Heal the world" аклип азҭырхуан. Аролик аҿы дара Аԥсны апроблемақәа– амҩатә машәырқәа, анаркоманиа, аԥсабара аԥхасҭа аҭара ртәы аадырԥшуан. Аидеиа автор Улиана Романихина лажәақәа рыла, апроект ахықәкы апроблемақәа зегьы рыӡбра шалшо ауаажәларра дырдырроуп.

"Апроект аҿы ҳара иҳаӡбеит ҳтәылаҿ мацара акәымкәа адунеи зегь аҿы иҟоу апрблемақәа раарԥшра. Сгәыӷуеит аролик ахы аанарԥшып ҳәа, иззырхоугьы иҟарҵо иазнархәыцып ҳәа", - лҳәеит апроект автор Улиана Романихина.

Улиана Романихина Аҟәатәи абжьаратә школ № 7 аҟны англыз бызшәа длырҵоит.

Эрик Микаа - Sputnik Аҧсны
Ерик Миқаа ицәыргақәҵа мҩаԥысит акультуратә ҭыԥ "Склад" аҟны

"Ааигәа, абри ашәа саназыӡырыҩуаз, абри апроект схы азцеит. Аидеиа - иаалырҟьан ицәырҵыз акоуп. Асоциалтә ҳақәа рыцхыраарала хымш рыҩныҵҟа иахәҭаз аволонтиорцәа еизеит", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Аклип аҿы Џьексон иашәа х-бызшәак: англыз, аурыс, аԥсуа рыла ирҳәоит. Зынӡа 68-ҩык аҭыԥантәи ашколхәыҷқәеи аҿари Маикл Џьексон иашәа "Heal the world" аклип аҭыхра иалахәын. Иреиҵыбӡаз ҩышықәсеи бжаки ихыҵуеит, иреиҳабу Камерунтәи астудент Стефан – 28 шықәса ихыҵуеит.

"Сара сзы ари раԥхьатәи социалтә проектуп. Ҳара иаҳҳәар ҳҭахуп ахәыҷқәагьы апроблемақәа рыӡбра ишалахәу. Сгәы иаанагоит аклип иахәаԥшуа ишьҭаҳхуа апроблемақәа ирызхәыцып ҳәа", - лҳәоит 14-шықәса зхыҵуа асоцпроект алахәыла Иана Амҷԥҳа.

Маикл Џьексон иашәа "Heal the world" аклип YouTube ала рыларҵәара азыԥхьагәаҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0