Апарламент ачынуаа рмазара ахыҵхырҭақәа рырзаразы азакәан апроект аднакылеит

© SputnikАԥсны Апарламент
Аԥсны Апарламент - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысит жәабран 25 рзы.

АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәала, рныхрақәа, рмазара, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәа адекларациа рзуразы" азакәан апроект.

Азакәан апроект адепутатцәа ирыдигалеит Апарламент адепутат, аусутә гәыԥ анапхгаҩы Асҭамыр Логәуа.

"Ари азҵаара ауаажәларраҿы иалацәажәоижьҭеи акрааҵуеит. 2017 шықәса ԥхынҷкәын 20 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба есышықәсатәи инашьҭымҭаҿы ажәалагала ҟаиҵеит Апарламент абри азакәан аднакыларц азы. Иара убасгьы ауаажәларра Апарламент ахь акоррупциа иаҿагылоу аԥшьгамҭақәа рзы ажәалагалақәа нарышьҭхьеит", - иҳәеит Логәуа.

Шықәсык аԥхьа атәылауаа раԥшьгаратә гәыԥ Апарламент ахь аҳәара ҟанаҵеит адепутатцәа акоррупциа иаҿагылоу азакәан рыдыркыларц. Иаԥҵан азакәан адызулаша акомиссиа.

Презентация новых банкнот Банка России номиналом 200 и 2000 рублей - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аӡбаҩцәа рхашәалеи рмазареи адекларациа рзырулароуп

"Иахьа ҳазлацәажәо азакәан апроект гәыԥҩык адепутатцәа иҳадыргалеит, акомиссиаҿы иахәаԥшын, иалагалан аԥсахрақәа. Сгәанала, акоррупциа иаҿагыло аидеологиа иақәшәо еиҿкаауп", - иҳәеит иара.

Асҭамыр Логәуа иазгәеиҭеит азакәан иахықәкы хаданы иҟоу акоррупциа иаҿагыло ауснагӡатәқәа рышьақәыргылареи хаҿқәак закәанда рбеиахара аԥырҟәҟәаареи роуп ҳәа.

"Азакәан иҳәаақәнаҵоит амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәала, рныхрақәа, рмазара, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәа адекларациа рзура", - ҳәа иазгәеиҭоит адепутат.

Аиустициа аминистрраҿы акоррупциа иаҿагыло аекспертизақәа мҩаԥгахалоит

Асҭамур Логәуа иколлегацәа азакәан апроект иадгыларц ааԥхьара аныҟаиҵа ашьҭахь, Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа апроект аганахьала изҭаху зегь ахцәажәартә азин ҟаиҵеит.

Рисмаг Аджинджал - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аџьынџьал: ачынуаҩ ихашәалеи иныхтәи рзы адекларациа хаирҭәаароуп

Адепутат Дмитри Дбар иазгәеиҭеит акоррупциа иаҿагыло азакәан ачынуаҩ иусура еиҳа еилыхха иунарбо иҟалоит ҳәа.

"Ауаа ирбо иалагоит ачынуаҩ иусурахь дшааизи иусураҟынтәи дышцази. Убри азы азакәан апроект адгылара ашәҭарц сшәыҳәоит", - иҳәеит иара.

Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа ааԥхьара ҟаиҵеит азакәан апроект азы рыбжьы рҭирц, иагьазгәеиҭеит 2015 шықәса рзы ишрыдкылаз аӡбаратә мчрақәа рыҩнуҵҟа акоррупциа иаҿагылоу азакәан, убри инақәыршәаны аӡбаҩцәа рхашәала адекларациа азыруа ишалагаз.

Апарламент аҿы атәыла ахада ихаҭарнакс иҟоу Дмитри Шамба иҳәеит ари аԥшьгамҭа адгылара шаиҭо, актәи аԥхьарала азакәан апроект адкылара хымԥадатәины ишиԥхьаӡо, аха убри аан, ари азакәан наҟ-наҟ аҿиара аиуразы Ашьаустәи Ашьаусмҩаԥгаратәи закәанԥҵарақәа рахь иақәнагоу аԥсахрақәа хымԥада ишалагалатәу.

Игәаанагара иҳәеит адепутат Аслан Бжьаниа.

"Сара азакәан апроект аус адулара салахәуп. Уи ихымԥадатәины исыԥхьаӡоит. Иҳалшо ҟаҳҵароуп аус ауа иҟаларазы. Акоррупциа аҿагыларазы 2015 шықәса рзы ирыдыркылаз азакәан иахьагьы инагӡаны аус ауам. Ауаа ибзианы еилыркаауеит амаҵурауаа рмаҵзуратә напынҵақәа рхы ишадырхәо. Уи агәыԥжәарақәа рызцәырнагоит. Агәынамӡарақәа ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит иара.

"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәала, рныхрақәа, рмазара, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәа адекларациа рзуразы" азакәан апроект азы рыбжьы рҭиит 28-ҩык адепутатцәа, аӡәы иҽникылеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0