АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Россельхозцентр" афилиал ахада ихаҭыԥуаҩ Григори Заднепровски Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрраҿы имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы иҳәеит Аԥсны арасашьаҭақәа рыхәышәтәразы ацхыраара ишазыхиоу.
"Аҳәара ҟасҵоит Аԥсны изызҳауа арасашьаҭақәа рыхьчаразы амикробиологиатә хәшәқәа рхархәара алҳаршарц", - иҳәеит иара.
"Россельхозцентр" арасашьаҭақәа рыхәышәтәра иазыхиоуп сынтәазы.
Кәарҷиа: анхаҩы ихы зланыҟәиго ақыҭанхамҩатә культурақәа хьчазароуп
"Ҳара ҳазыхиоуп апроблема 70-80% аӡбара", - иҳәеит иара.
Уаанӡа Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр иҳәахьан жәа-нызқь гектар инареиҳаны иҟоу арасаҭрақәа рҿы арасашьаҭа шықәсык ахь ианеиҵаха ԥшьынтә ихәышәтәтәуп ҳәа. Иара иазгәеиҭеит 2018 шықәса рзы анхацәа аҽаҩра рмоуит арасашьаҭақәа рчымазара иахҟьаны ҳәа.