Аҳәаахьчаҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәаа изакәанымкәа аҭаҭынаалыҵ ахыгара еиԥдырҟьеит

Изакәанымкәа аҭаҭынаалыҵ ахыгара
Изакәанымкәа аҭаҭынаалыҵ ахыгара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь аҩнуҵҟа аҳәааҟны изакәанымкәа аҭаҭынаалыҵ аиагаразы аҽазышәарақәа ԥшьба аԥырҟәҟәаан.

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Урыстәыла ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәааҿы иааныркылеит автомашьына "Mercedes – Benz Viano".

Иааныркылаз амашьынаҿы амаӡаҵәахырҭа аарԥшын. Аҵәахырҭаҿ иҭан 2,5 нызқь цыра аҭаҭынҭра (100000 мааҭ зыхәԥса наӡоз).

Аҭаҭын аалыҵ Аԥснынтәи Урыстәылаҟа изакәанымкәа ииаргон

Азакәан иаҵанамкуаз атауар анырба ашьҭахь Mercedes амашьынатә цәаҳәа иқәганы инарҵаулоу агәаҭарҭахь инаргеит.

Аҭаҭын аалыҵ аекспертизахь инарышьҭит.

2019 шықәса ҳааҭалеижьҭеи, абасеиԥш иҟоу ахҭысқәа рганахьала Шәачатәи аҳазалхыҩцәа 57 ус хацдыркхьеит.

Хәажәкыра 1 инаркны Урыстәыла аусура иалагеит аконтрафакт аԥыхра алзыршо аҭаҭын аалыҵ ацифратә дырга аҭаразы азинмчы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0