Ашьапылампыл асразы аԥҟаррақәа реиҭакра ConIFA ачемпионат иаԥырхагам

© Sputnik Алхас Манаргия ConIFA
 ConIFA  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампылтә ассоциациақәа Жәларбжьаратәи рхеилак (IFAB) 2019 шықәса хәажәкырамзазы ашьапылампыл аԥҟаррақәа рыԥсахра аус аднаулеит.

АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Ашьапылампыл асразы аԥҟаррақәа реиҭакра ConIFA аверсиала Европа ачемпионат иаԥырхагам ҳәа еиҭеиҳәеит ConIFA ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Паӷәаа аҩаша, хәажәкыра 12 рзы.

ашьапылампыласҩы Лаша Коӷониа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Коӷониа ConIFA - 2019 иазкны: акоманда аҩныҵҟа аимадара зегьы ирыцкуп

"ConIFA Арцах имҩаԥысуа Европа ачемпионат аҿы ажәытә ԥҟаррақәа ирықәныҟәалоит, аха егьырҭ ԥхьаҟатәи ачемпионатқәа раан аԥҟарра ҿыцқәа алагалахоит", - ҳәа иҳәоит Паӷәаа.

ConiFA аверсиала Европа ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса, рашәарамза 1-10 рзы Ашьха Ҟарабах аҳҭнықалақь Степанакерт аҿы.

Ашьапылампылтә ассоциациақәа Жәларбжьаратәи рхеилак (IFAB) 2019 шықәса хәажәкырамзазы ашьапылампыл аԥҟаррақәа рыԥсахра аус аднаулеит. Аԥсахрақәа рахь иаҵанакуеит: ампыл амба иҭазыршәыз машәыршәа акәзаргьы напыла ампыл дахьысзар еилагароуп ҳәа иԥхьаӡахоит, ирыԥсахуа ахәмарҩы ашьапылампыл-дәы аанижьроуп еиҳа ирзааигәоу агантә цәаҳәала, иара убасгьы пенальти аан амбахьчаҩ амба шьапык ала дахьысыр ҟалоит.

Аԥсахрақәа амчра роуеит 2019 шықәса, аԥхынразы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0