"Шьараҭын" аибашьцәа рыхьӡынҵақәа Гәымсҭа ацҳаҿы иқәыргылахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГәымсҭатәи ацҳа
Гәымсҭатәи ацҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан, хәажәкыра 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа ирсны Аҟәа иашьхынгылаз ахәқәа рнапахьы иааргеит.

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. Марттәи ажәылара 26 шықәса ахыҵра аламҭалаз Гәымсҭатәи ацҳаҿы, хәажәкыра 15, асааҭ 12:00 рзы иаадыртраны иҟоуп амемориалтә хьӡынҵақәа хәба ҳәа иҳәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Рауль Амҷба.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шш - Sputnik Аҧсны
Рауль Смыр Марттәи ажәылара иазкны: ақалақь ҳалаԥшуа ҳгылан

Рауль Амҷба аибашьраан "Шьараҭын" абаталион далахәын. Амемориалтә хьӡынҵақәа рызкуп абри абаталион алахәылацәа, иҭахаз аибашьцәа.

"Марттәи ажәылара аҽаланархәит ҿыц иаԥҵаз абаталион "Шьараҭын". Командаҟаҵаҩыс дыҟан Руслан Кәылаа. Сара абаталион аштаб напхгара асҭон", - ҳәа иҳәоит Амҷба.

"Марттәи ажәылара ҳбаталион даара иазыҟаҵан ҳәа аҳәара иашам, избанзар иара еиҿкаауижьҭеи рацәак ҵуамызт. Ус шакәызгьы, ҳаибашьцәа рфырхаҵара уаршанхон, абџьари аџьаԥҳани иазхаша шрымамызгьы. Ҳара ҳақәгәыӷуан, ақалақь ҳзалалар, абџьар аӷа имаҳхуеит ҳәа", - еиҭеиҳәоит Рауль Амҷба.

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз иԥҳа лгәалашәарақәа: саб сгәазхара дысзымбацызт

Аха ажәылара аҿиара амоуит, избанзар ақырҭцәа рнапаҿы иҟан астратегиатә ҟазшьа змаз аҭыԥқәа, аҳаракырақәа. "Рнапы ҳангылазшәа ҳарбон", - ҳәа игәалаиршәоит аибашьра аветеран.

Хәажәкыра 15 рзы икыдырҵараны иҟоу ахьӡынҵақәа рызкуп ажәылараан иҭахаз аибашьцәа: Руслан Шьынқәба, Џьамбул Зарандиа, Руден Ҳаҭхәа, Аслан Ажьгериев, Валери Берхамов.

1993 шықәса март 15 рзы, аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны, Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0