Аҟәатәи ақалақьтә еизара гәылрыԥшьаа рахь аҳәара ҟанаҵоит

© Sputnik / Томас Тхайцук агәамсам
 агәамсам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алашарбага араион аҿтәи аҭагылазаашьа инадҳәаланы ахәаша, мшаԥы 12 рзы имҩаԥысит Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәара.

АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа ирыгәҭакуп Гәылрыԥшьтәи рколлегацәа рахь аҳәара ҟарҵарц аамҭала гәылрыԥшьтәи аполигон аҿы аҳҭнықалақь аҟнытә агәамсам уахь инаргарц.

Алашарбага араион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа  - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи агәамсамкаԥсарҭа анадыркуа арыцхә шьақәырӷәӷәоуп

Ақалақьтә еизара асеиԥш аӡбра рыдыркылеит Алашарбага араион ауааԥсыра рҿагыларатә акциа инадҳәаланы.

Ақалақьтә еизара адепутатцәа иара убасгьы Аминистрцәа реилазаарахь аҳәара ҟарҵараны иҟоуп абзазаратә црыҵқәа ирызку аполигон аргылара арццакразы.

2018 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аҟәа ақалақь Алашарбага араион ауааԥсыра еизеит Аҟәатәи ашкол №12 аҿаԥхьа, дҵаны иқәдыргылеит абри аҭыԥ инаркны хышәҟа метра ахьыбжьоу иҟоу агәамсамкаԥсарҭа адыркразы.

Уаанӡа ауааԥсыра рынхара рацәак иаԥырхаганы иҟамызт агәамсамкаԥсарҭа, аха уажәы иара аҽарҭбааит, 60 гектар рҟынӡа аҵанакуеит. Ааигәа-сигәа инхо ауаа рыбзазаратә ҭагылазаашьа аруадаҩуеит. Дара ирҳәеит ишеиԥырымҵуа атәыла ахада абри азҵаара иӡбаанӡа.

Акциа ҩымш ицон. Ауаа ҷаԥшьон амашьынақәа рмышьҭразы. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ԥхынҷкәын 4 рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит ари апроблема аӡбаразы.

Хәажәкырамзазы атәыла аиҳабыра аполигон аргыларазы 36 гектар адгьыл алыркааит Гәылрыԥшь араион аҿы.

Мшаԥы 4 рзы аԥыза-министр Валери Бганба абрифинг аҿы ирылеиҳәеит аполигон ҿыц ргылахоит ҳәа. Аргыларақәа ирылагоит лаҵарамзазы. Аԥаразоужьра мҩаԥгахоит Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аԥсны агәамсам апроблема аӡбра рҭахуп

Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақалақь аҿы абзазаратә црыҵ кьакьақәа рыҵәахра азҵаарақәа инарыдҳәаланы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит. Аилатәара алкаақәа инарықәыршәаны Алашарбага араион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа адыркуеит 2019 шықәса абҵарамза 30 рзы.

Еизаз ари аӡбра рыдыркылартә ирымбеит. Алашарбага ауааԥсыра ракциа аицырҵоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0