Аишьцәа Ажьиаа: еиуеиԥшым аспорттә хкқәа рҟны ҳхы ԥаҳшәоит

© Foto / Саида АжибаАлмас и Алиас Ажиба
Алмас и Алиас Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абокс азы Аԥсныи, Шәачеи ирчемпионхахьоу, Краснодар атәылаҿацәи, Аладатәи Афедералтә округи рҟны имҩаԥысуаз франциатәи абокс (сават) азы аицлабрақәа ириаахьоу, таитәи абокс азы Шәачеи, Краснодар атәылаҿацәи ирчемпиону 12-13 шықәса зхыҵуа аишьцәа Алмаси, Алиаси Ажьиаа иаҳзеиҭарҳәеит аспорт ахь агәыбылра шрызцәырҵыз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Фышықәса ирылагӡаны тхеквондо азы Краснодар атәылаҿацәи, Аладатәи Афедералтә округи рҟны имҩаԥысуаз аицлабрақәа ириааихьоу, Урыстәыла иачемпионхахьоу, абокс азы Аԥсныи, Шәачеи ирчемпионхахьоу, Краснодар атәылаҿацәи, Аладатәи Афедералтә округи рҟны имҩаԥысуаз франциатәи абокс (сават) азы аицлабрақәа ириаахьоу, таитәи абокс азы Шәачеи, Краснодар атәылаҿацәи ирчемпиону 12-13 шықәса зхыҵуа аишьцәа Алмаси, Алиаси Ажьиаа рҭоурых Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿ.

Фышықәса раԥхьа, аишьцәа Ажьиаа аҵара ахьырҵо Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны, тхеквондо азы асекциа анаартха, раб иӡбеит, иԥацәа рымаха-рышьаха ӷәӷәахарц, ахаҵа иҟазшьа ишыхәыҷу ирылаҽырц, иџьбароу аибашьыгатә ҟазара иазикырц.

© Foto / Саида АжибаАлмас и Алиас Ажиба
Аишьцәа Ажьиаа: еиуеиԥшым аспорттә хкқәа рҟны ҳхы ԥаҳшәоит - Sputnik Аҧсны
Алмас и Алиас Ажиба

Уи нахыс аишьцәа Алмаси, Алиаси рыԥсҭазаара аспорт иадҳәалахеит. Тхеквондо адагьы ирықәманшәалахоит абокс. Иахьазы рҩыџьегьы актәии, аҩбатәии, ахԥатәии аҭыԥқәа рзы ирымоуп 80 медали, ахраҿақәеи.

Гагра араион аҟны сават аспорт хкы аҿиара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҟны сават аспорт хкы аҿиара иаҿуп

Аишьцәа ирҳәеит раԥхьатәи реицлабраан актәи аҭыԥ анырга нахыс, еиҳагьы аиааирахь агәазыҳәара шроуз.

"Тхеквондо азы раԥхьатәи аицлабра ҳалахәын Шәача. Усҟан фынтә сеисны аиааира згеит, Алиас хәҩык аиндаҭлаҩцәа аҵарханы дчемпионхеит", - еиҭеиҳәоит аиашьа аиҳабы Алмас.

Аспортсменцәа қәыԥшцәа тхеквондои, абокси рзы иазыҟаиҵон изныкымкәа Аԥсныи, Урыстәылеи ирчемпионхахьоу Андреи Дашьиан. Иахьа иара иалихыз ахырхарҭа, франциатәи абокс, мамзаргьы сават ҳәа изышьҭоу аибашьыгатә ҟазараҿгьы Алмаси, Алиаси қәҿиарала рхы аадырԥшуеит.

"Аҷкәынцәа иахьраҳауа исырҽхәар сҭахым, аха шәара ишәасҳәоит - узықәгәыӷша, ԥхьаҟа Аԥсны аиааира дуқәа азаазго ракәны ишыҟоу", - инаҵишьит азыҟаҵаҩ, Аԥсны сават азы Афедерациа ахада Андреи Дашьиан.

Алмаси, Алиаси мчыбжьык хынтә аҽазыҟаҵарақәа рахь иаауеит, аха уеизгьы аишьцәа рхы аус адырулоит аҩны. Есышьыжь иҩуеит, аҽеиҵыхратә ҽаршьцыларақәеи, абҩарҵәыреи ҟарҵоит.

Аишьцәа маха-шьахала даара иӷәӷәоуп, аха рымч аринг аҟны мацара ауп иахьԥыршәо.

Теннисные корты - Sputnik Аҧсны
Ҷыдала аимператор изы: Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы аҭоурых

"Раԥхьа аспорт ахь ҳаннеи, ирацәаҩын иҳаисуаз аҷкәынцәа иҳамчу рбарц, аха иаҵахо ианалага, иаҟәыҵит. Уажәы ҳҟазара аринг аҿы ада џьаргьы иааҳарԥшӡом. Ҳара ҳара ҳаисӡом", - ҳәа ҳаилиркааит аиашьа аиҵбы Алиас.

Хымԥада еицлабуа зегьы реиԥш, аҷкәынцәа аҩбатәии, ахԥатәии аҭыԥқәа ианрыԥсахо ргәы рыхьуеит, аха разыҟаҵаҩ ирылеиҵо агәаӷь џьбара иабзоураны, рылҵшәақәа еиӷьыртәуеит.

Аспортсменцәа хәыҷқәа, ашкол аҿгьы аҵара бзианы ирҵоит. Алмас аԥсуа литература дазҿлымҳауп, Алиас иакәзар - алгебра. Аишьцәа ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара аспорт иадырҳәало, мамзаргьы даҽа занааҭк алырхуа атәы макьана ирыздырӡом, аха школ иалгаанӡа аспорт шаанырмыжьуа рҳәеит.

Раԥхьатәи ампылмҳаԥ, нас ԥарала иузаамхәо: Аԥсны аԥқьаҭмпыл аԥеиԥш

Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, Алмаси, Алиаси рыԥсҭазаара ду аҟны рнапы зларкуазаалакгьы, ԥсыцқьарыла рус ишазнеило. Ишыхәыҷу натә алеишәа иашьцылахьоу, аҭакԥхықәра закәу здыруа аишьцәа, хымԥада ауаа бзиақәа ракәхоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0