Аҭоурых-культуратә ҭынха ареестр аобиект ҿыцқәа 400 алагалахоит

© Sputnik / Томас Тхайцукархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха аҳәынҭқарратә реестр иахьазы иаҵанакуеит 1535 обиект.

АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҭоурых-культуратә ҭынха ареестр аобиект ҿыцқәа 400 алагалахоит ҳәа Аԥсуа телерадиоеилахәыра имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿ иҳәеит Аԥсны акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа.

"Аҵыхәтәантәи ахышықәса имҩаԥысуаз аинвентаризациа иаанарԥшит аҽа 400 обиект, аҭоурых-культуратә ҭынха ареестр асиа иалоугалаша. Абри азы аҭыԥантәии ареспубликатәии усбарҭақәа адырра раҳҭеит. Арҭ аобиектқәа уажәы асиа хада ианаҳҵоит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Кобахьиа.

Эльвира Арсалия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арсалиаԥҳа: сааҭк иадымхаргьы ауаа иргәаладыршәар ҳҭахуп абаҟа ахьчара шаҟа иуадаҩу

Иара еиҭеиҳәеит 2001 шықәса рзы Аԥсны ахада Владислав Арӡынба идҵала Аҟәа ақалақь аҟны ашәҟәы иҭагалан 295 обиект. Ԥхынҷкәын 29 2015 шықәса рзы атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба иқәҵарала еиҭамҵуа аҭоурых-культуратә обиектқәа рҳәынҭқарратә сиа иаҵаркын 1535 обиект.

2016 шықәса аахыс хышықәсатәи ахықәкытә программа хацыркуп. Арҭ аобиектқәа зегьы 2019 шықәса рзы ихыркәшахо агеоинформациатә система иҭагалахоит.

Асистема азырхиараан апроблемақәа маҷымкәа иҟан ҳәа азгәеиҭоит Баҭал Кобахьиа. Аиҳарак урҭ апроблемақәа зыдҳәалаз арҭ аобиектқәа рганахь ала аинформациеи адокументқәеи рыҟамзаароуп.

"Иахьазы 700 обиект рганахь ала аԥхьатә информациа ҳамоуп, 150 обиект рганахь ала ихарҭәаау адыррақәа ҳамоуп", - ҳәа иҳәоит Кобахьиа.

Арҭ аобиектқәа рганахь ала аинформациа 30 пункт артәоит. Урҭ рҟынтәи 12 агеоинформациатә система ахархәаҩцәа рдырра рылшоит. Амаҵзуратә хархәаразы адыррақәа азыҳәашьаҭала инашьҭхоит.

"Ҳара иазаҳаԥхьаӡоит арҭ аобиектқәа реиқәырхаразы раԥхьатәи шьаҿаны иҟоу урҭ рсистематизациа, рҭаҩра, ртехникатә шәага-загақәа. Абри аганахь ала аинтерес змоу зегьы аресурс аҟны аинформациа роур ҟалоит", - ҳәа лҳәеит Аԥсны акультура аминиср Ельвира Арсалиаԥҳа.

ГИС иалнаршоит акультуратә обиектқәа рыӡбахә аларҵәара, рҭоурых адырра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0