Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа: сааҭк иадымхаргьы ауаа иргәаладыршәар ҳҭахуп абаҟа ахьчара шаҟа иуадаҩу

© Sputnik / Томас ТхайцукЭльвира Арсалия
Эльвира Арсалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik иалҭаз аинтервиу аҟны илҳәеит абаҟақәа рыхьчара амш аҽны Аҟәа ацәыргақәҵа шаартхо.
Арсалиаԥҳа: сааҭк иадымхаргьы ауаа иргәаладыршәар ҳҭахуп абаҟа ахьчара шаҟа иуадаҩу

"Уажәшьҭа 35 шықәса ҵуеит мшаԥымза 18 рзы еиуеиԥшым аҳәынҭқарақәа рҟны акультуратә баҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи рыхьчара иазку амш азгәарҭоижьҭеи. Иунеско (UNESCO – аҵареи, аҭҵаарадырреи , акльтуреи рызҵаарақәа рзы Еиду амилаҭқәа реиҿкаара иҷыдоу аусҳәарҭа- аред.) аусзуҩцәа рыӡбамҭала шықәсык ахь ҽнак амузеиқәа, аҳәырԥсаррақәа, абаҟақәа зыхьчо ахеидкылақәа роума рышәқәа аадыртуеит ирҭаарц, ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәарц. Сынтәа ҳара ацәыргақәҵа ааҳартырц ҳаӡбеит. Асахьаҭыхратә галереиаҟны иҳамоуп Аԥсны акуьтуратә баҟақәа ирызку аусумҭақәа. Азҿлымҳара зуҭаша ауп Валери Гамгиа иусумҭа "Ауахәама", иҟоуп аурыс сахьаҭыхыҩ иусумҭа Баслаҭатәи ацҳа аазырԥшуа, Леуарса Быҭәба иҭыхымҭақәа. Ицәырҳгоит убасгьы Адыгатәыла иҟаз ацәыргақәҵа аҟынтәи иааҳгаз афотосахьақәа. Аҭааҩцәа ирымбац ҳәа аусумҭақәагьы ҟамлар ауеит. Ҳара ацәыргақәҵа зеиҿаҳкаауа аҭааҩцәа сааҭк иадымхаргьы иргәаладыршәар ҳҭахуп шаҟа имариоу абаҟа ааха аҭара, шаҟа ицәгьоу уи ахьчара", - ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.

Мшаԥымза 18 рзы иазгәарҭоит абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи рыхьчра Жәларбжьаратәи амш.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0