Аԥснынтәи аԥшьаныҟәаҩцәа Алԥха мца аагаразы Иерусалимҟа идәықәлеит

© Sputnik / Илона ХварцкияАԥснынтәи аԥшьаныҟәаҩцәа Алԥха мца аагаразы Иерусалимҟа идәықәлеит
Аԥснынтәи аԥшьаныҟәаҩцәа Алԥха мца аагаразы Иерусалимҟа идәықәлеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи аиашахаҵаҩцәа зегьы Амшаԥныҳәа иаԥылоит мшаԥымза 28 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аԥшьаныҟәаҩцәа Иерусалимҟа идәықәлеит Алԥха мца аагаразы, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Иԥшьоу апостол Симон Канатәии ақьырсианра иахыршьааз Иԥшьоу Евстави Аԥсилтәии рыхьӡ зху адоуҳатә фонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Леван Адлеиба амҽыша, мшаԥы 21 рзы.

"Ԥсоу аҳәаа ҳахысхьеит. Аԥснынтәи Иԥшьоу Адгьыл ахь идәықәлеит 50-ҩык рҟынӡа ауаа. Иааиуа асабшазы Алԥха мца лбаараны иҟоуп Анцәа икәыба ауахәамаҟны. Хышықәса рыҩнуҵҟа ишыҟаҳҵалац еиԥш, уажәгьы Алԥха мца аҟәых Аԥснытәи акафедралтә уахәамахь ачартертә ареис ала иааҳашьҭырц ҳгәы иҭоуп Амшаԥныҳәа иазку амаҵзура аламҭалаз", - иҳәеит Адлеиба.

Иара убасгьы, иара иажәақәа рыла, Аԥснынтәи аделегациа ргәы иҭоуп Иерусалим егьырҭ аҭыԥ ԥшьақәа рҭаара.

Аԥсуа ԥшьаныҟәаҩцәа Иаса Қьырса аҵыхәтәантәи имҩа ианысит

Аԥсуаа аҭыԥ ԥшьахьы рцара аус еиҿнакааит Иԥшьоу апостол Симон Кананити ақьырсианра иахыршьааз Иԥшьоу Евстави Аԥсилтәии рыхьӡ зху адоуҳатә фонд, афинанстә цхыраара риҭеит амеценат Беслан Ешба.

Ажәабжьқәа зегьы
0