Аԥсны Апарламент Гәылрыԥшь араион аҿы аполигон аргылара иақәшаҳаҭхеит

Анапаҵаҩра
Ацрыҵ кьакьақәа аусеиҭарыдуларатә полигон Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ аҳаблаҿ аргылараз адгьыл ҭыԥ алырхит. Адгьылҭыԥ аҵакыра 36 гектар иҟоуп.

АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Апарламент Гәылрыԥшь араион, Кациқыҭ аҳаблаҿ адгьылҭыԥ акатегориа аԥсахит.

"Ҳара Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ аҳаблаҿ адгьылҭыԥ акатегориа ҳаԥсахит. Акатегориа "ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьылҭыԥ" "ааглыхра, атранспорт, аимадара, атәылахьчара уҳәа ахықәк ҷыда змоу адгьылқәа" ҳәа акатегориахь иаҵаҳаркит, ацрыҵ кьакьақәа рполигон аԥҵаразы", - иҳәеит Апарламент адепутат Асҭамыр Ҭарба.

Иара иазгәеиҭеит аӡбамҭа рыдыркылаанӡа апрофильтә еилакы алахәылацәа аҭыԥ аҿы инеины, ари адгьылҭыԥ шгәарҭаз.

Аԥсны аиҳабыра абзазаратә црыҵ кьакьақәа аусеиҭарыдуларатә полигон Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ аҳаблаҿ аргылараз адгьыл ҭыԥ алырхит 2019 шықәса, хәажәкырамзазы. Адгьылҭыԥ аҵакыра 36 гектар иҟоуп. Аполигон ҿыц аргылара иазоужьхоит 120 миллион мааҭ. Урҭ аԥарақәа 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аинвестициатә программа иаҵанакуеит.

Алашарбага араион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа  - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи агәамсамкаԥсарҭа анадыркуа арыцхә шьақәырӷәӷәоуп

2018 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аҟәа ақалақь Алашарбага араион ауааԥсыра еизеит Аҟәатәи ашкол №12 аҿаԥхьа, дҵаны иқәдыргылеит абри аҭыԥ инаркны хышәҟа метра ахьыбжьоу иҟоу агәамсамкаԥсарҭа адыркразы.

Уаанӡа ауааԥсыра рынхара рацәак иаԥырхаганы иҟамызт агәамсамкаԥсарҭа, аха уажәы иара аҽарҭбааит, 60 гектар рҟынӡа аҵанакуеит. Ааигәа-сигәа инхо ауаа рыбзазаратә ҭагылазаашьа аруадаҩуеит. Дара ирҳәеит ишеиԥырымҵуа, атәыла ахада абри азҵаара иӡбаанӡа.

Акциа ҩымш ицон. Ауаа ҷаԥшьон, амашьынақәа рмышьҭразы.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ари апроблема аӡбаразы ԥхынҷкәын 4 рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

2019 шықәса, хәажәкырамзазы Алашарбага араион ауааԥсыра ҿҳәарадатәи акциа хацдыркит агәамсамкаԥсарҭа аркразы. Еизаз аполигон ахь инеиуаз амҩа ркит.

агәамсам - Sputnik Аҧсны
Аԥсны агәамсам апроблема аӡбра рҭахуп

Хәажәкырамзазы атәыла аиҳабыра аполигон аргыларазы 36 гектар адгьыл алыркааит Гәылрыԥшь араион аҿы.

Мшаԥы 4 рзы аԥыза-министр Валери Бганба абрифинг аҿы ирылеиҳәеит аполигон ҿыц ргылахоит ҳәа. Аргыларақәа ирылагоит лаҵарамзазы. Аԥаразоужьра мҩаԥгахоит Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Мшаԥы 12 2019 шықәса рзы Аҟәа ахада Адгәыр Ҳаразиеи Гал араион ахада Ҭемыр Надараиеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аҳҭнықалақь абзазаратә црыҵқәа Гәылрыԥшь араион аҿы аполигон дыргылаанӡа Гал араион ахь иргалоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0