Аҩбатәи ашкол аиҭашьақәыргылара хара имгакәа ихацыркхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҩбатәи ашкол аиҭашьақәыргылара хара имгакәа ихацыркхоит
Аҩбатәи ашкол аиҭашьақәыргылара хара имгакәа ихацыркхоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба далацәажәеит аҟәатәи аҩбатәи ашкол аԥеиԥш.

АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амцакра иахҟьаны ааха зауз аҩбатәи ашкол аиҭашьақәыргылара хара имгакәа ихацыркхоит ҳәа иҳәоит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

Последствия пожара в сухумской школе №2 - Sputnik Аҧсны
Абылра ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы: Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит

Иааиуа аҵарашықәс азы ашкол аҵаҩцәа аднакыло иҟалоит иҳәеит иара.

"80% рҟынӡа ахыб блит. АҶА аҟазауаа рылкаақәа рыла иахьазы аҵаратә процесс ара амҩаԥгара залыршахом. Убри азы ашколхәыҷқәа еихшахоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аҵаратә процесс хацыркхоит лаҵара 6 рзы. Ахәыҷқәа еихшахоит ашкол "Альфеи" абжьаратә школ N3 рҟны.

Аԥсны ахада адҵа ҟаиҵеит аиҭашьақәыргыларақәа ирылагаразы. Иара иазгәеиҭеит аргылаҩцәа аргылараан амцаҽацәыхьчаратә дырраҟаҵага шазыԥхьагәарымҭаз.

"Ашкол аҷаԥшьаҩцәа аманитор ала ашкол аҿы имҩаԥысуа зегьы иашьклаԥшуеит аха алаӷәраҿы иҟаз рбарҭамызт", - ҳәа иҳәоит аминистр.

Кәыҵниа: Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны абылраҽацәыхьчаразы ирыгу шыҟоу раҳҳәахьан

Иара убасгьы Адгәыр Какоба иазгәеиҭеит амцакра аганахь ала ашколқәа жәпакы рҿы аҭагылазаашьа шшәарҭоу.

Уаанӡа Sputnik аинтервиу азҭаз АҶА аусзуҩ Ҭимур Кәыҵниа иҳәахьан аҩбатәи ашкол аҿы амцаҽацәыхьчаратә дырраҟаҵара ыҟамызт ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0