Иажәа раӡан есымша: Константин Озган диижьҭеи 80 шықәса ҵит

© Foto / из архива Екатерины БебиаКонстантин Озган
Константин Озган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ, ареспублика абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Константин Озган диижьҭеи 80 шықәса аҵра аҽны иуаҩышьеи, иҟазшьақәеи, аусураҿ имаз апринципқәеи ртәы дазаатӷылоит ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа.

Sputnik

"Сара сзы иҭакԥхықәроуп Константин Константин-иԥа Озган изы ажәа аҳәара. Сырҿиараҿы, сыԥсҭазаараҿы иара даласахеит. Акырынтә исҳәахьеит, сзанааҭ ашьҭыхрагьы иара иоуп изыбзоуроу. Ианысҳәогьы схаҭагьы иџьасшьоит ишԥаҟала ҳәа", — абасала далагеит лгәалашәарақәа реиҭаҳәара ажурналист, акыр шықәса Озган ихьӡала аматериалқәа еидызкылоз, нас ашәҟәы ҭзыжьыз Екатерина Бебиаԥҳа.

© Foto / из архива семьи ОзганКонстантин Озган
Иажәа раӡан есымша: Константин Озган диижьҭеи 80 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Константин Озган

Лара лажәақәа рыла, даныхәыҷыз ажурналистика закәыз уамак ишылзеилымкаауазгьы лҽазылкуеит ҳәа лгәы иҭан. Ажәеинраалақәа лыҩуан, аха лаб уи игәаԥхаӡомызт, даҽакала дахәаԥшуан, иаашьо иртәуп ҳәа иԥхьаӡон. Лаб аҵара шимазгьы "баҟәыҵ, уи сҭахым" ҳәа леиҳәалон. Аха ицәыҵагәаны лара дыҩуан, ус дшаҟәымҵоз аниба лаб ус иҳәеит "быҩларц бҭахызар ажәеинраалақәа рацкьыс ауаа нагақәа ирызкны иҩла", ҳәа. Насгьы иациҵеит "Озган еиԥш иҟоу, Гәдоуҭа араион шьҭихит ҳәа рҳәоит, уи еиԥш иҟоу рзы ажәа аҩра бҽазыбкуазара сақәшаҳаҭуп" ҳәа леиҳәеит.

© Foto / из архива Екатерины БебиаКонстантин Озган ( третий слева)
Иажәа раӡан есымша: Константин Озган диижьҭеи 80 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Константин Озган ( третий слева)

"Убасҟан Константин Озган ихьыӡ раԥхьаӡа акәны исаҳаит. Уи нахыс аинтерес скит закәытә уаҩу ҳәа, сазыӡырҩуан аԥсуа радио аҿы ибжьы саҳауазар ҳәа. Дызбандаз ҳәа агәахәара сыман. Ус Кәтол ақытан еизара дук ыҟан Константин Озгангьы уаҟа дыҟан, раԥхьаӡа уаҟа дызбеит. Игәаӷьны сидгылеит "шәыӡбахә здыруеит" ҳәа иасҳәеит. Иџьеишьеит иара акырӡа", - ҳәа лҳәеит ажурналист.

Акыр шықәса лгәы иҭыхон Озган изы цәаҳәақәак сҩындаз ҳәа, лҳәоит Бебиаԥха. Аԥсны ахақәиҭратә қәԥара даналагыла, Лыхны акыҭан ажәа иҳәон Озгангьы, Екатерина Бебиаԥха дықәгылон аҿар рыхьӡала. Лара лзыҳәан уи акырӡа иҳаракыран, избанзар Озган дахьықәгылаз ларгьы дықәгылан.

"Қарҭҟа аҵарахьы ҳаниас, ақырҭқәа ус сарҳәон "Озгани би" уи иаанагоз "Озган иуаажәлар роуп" акәын. Дара аҵәы ҳаларҵон, аха сара уи сгәы иаахәон даараӡа. Усҟангьы исыӡбит даҽазныкгьы иӡбахә сҳәарц. Аҵара салганы санаагьы раԥхьа сыгәҭакы анагӡаразы Константин Озган ишҟа снеит, мап сцәикит усҟан, усгьы сеиҳәеит "бара баԥсам акәӡам, сара саԥсам макьана ауп", иҳәеит. Уи иаанагоз здырит, аха сацәхьамҵит. Убас знык ҩынтә мап сцәикхьан, адоктортә диссертациа анысыхьча анаҩсан, Жәлар реизара депутатс дыҟан, санааи сымҩахыҵит иара иахь. Ус иасҳәеит "шьҭа мап сцәышәкыр зуӡом, шьҭа исылсыршоит афильм аԥҵара", ҳәа. Уи нахыс афильм азы аматериал аидкылара салагеит. Уи сыԥсы, схы, сыхшыҩ зегьы азыскит", — ҳәа ацылҵеит лара.

Лев Шамба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Шамба Константин Озган изы: зхы иамеигӡакәа аԥсуа жәлар рзы иқәԥоз хаҵан

Ажурналист лажәақәа рыла, Озган ақыҭақәа рахь дцон, ауаа дышрылагылаз, рҭахрақәа анагӡара дшашьҭаз зегьы ҭылхуан, еидылкалон. Иазгәаҭатәуп, аматериал аидкыларазы иаргьы дышсыцхраауаз, лҳәоит лара.

"Иигәаԥхон иҟасҵоз, пату ақәиҵон, иибон каамеҭ сгәы иаҭахны ишыҟасҵоз. Иара сара дџьасшьон, сара иара сџьаишьон. Есымша исеиҳәон "бџьабаа ахә шԥасшьо", ҳәа. Ус сеиҳәон асиурприз сымоуп, бызҿу балгар ҳәа. Иара дзакә уаҩыз аарԥшразы исылшоз зегьы ҟасҵон. Афильм ҟаҵаны аефир ахь ианца анаҩсан, "сара сзы ари афильм иреиӷьу баҟоуп", ҳәа иҳәеит. Иара иааиҳәоз зегьы сгәы аҟны инеиуан, ихатәран азы, есымша иажәа раӡан", — лҳәеит лара.

Константин Озган изкыз афильми, ашәҟәи анҭыҵ анаҩсан, лыҩны иааит ауаа хатәрақәа "Озган ҳааишьҭит" ҳәа. Абас Озган ааԥхьара биҭоит ҳәа.

"Уи зызкыз сзымдырит азныказы. Сашьцәеи, саҳәшьаԥҳаи, саб игәы бзиамызт аҟынтә дзымцеит, аха убас исҭахын саб иаҳарц иибарц Озгани сареи ҳаизыҟазаашьақәа. Ҳахьнеиз, ауаа адыԥхьаланы аишәа рхианы иҟан, иуацәа–иҭынхацәа рацәаҩын. Ус, Константин Озган иҳәеит "Сиурпризс исымаз уи ауп: иахьарнахыс Бебиаԥҳа дсаҳәшьоуп", ҳәа. Сара сыԥсҭазаараҿы акыр аџьабаа збахьазар зегьы рҭак, рыхә ишәеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Абри еиҳау аҳамҭа сҭахӡам. Исыдыскылеит — Анцәа ҭабуп ҳәа сеиҳәазшәа. Каамеҭ аҵанакуеит аешьара, аеҳәшьара. Сашьцәа раԥхьа дсыргылон, убас бзиа дызбеит", — ҳәа лцәаныррақәа дырзааҭгылеит Бебиаԥҳа.

Иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь убас ихьынҭаӡа, агәакьа дынуԥхо хьанҭарак ушаҵо еиԥш саҵоуп саргьы, лҳәоит Озган еиҳәшьас иҟаиҵаз Екатерина Бебиаԥҳа. Сани сабеи рыԥсра еиԥш сгәы иқәуп иара иԥсра. Ихьыӡ анаӡаӡатәра сара исуалны исыԥхьаӡоит, лҳәеит арҿиаҩы.

Константин Озган диит лаҵарамза 15 1939 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. 1978-1989 шықәсқәа рзы ареспубликаҟны имҩаԥысуаз аполитикатә процессқәа зегьы дрылахәын. Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәразы иара иусура дамхын. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Константин Озган Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аекономика аминистрреи напхгара риҭон, Ашәахтә маҵзура ахантәаҩыс дыҟан, Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс далхын. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ареспублика абыргцәа Рхеилак дахагылан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0