Аџьынџьал: ConIFA-2019 Аԥснытәи акоманда аилазаара ҿыц ала иалахәхоит

© Sputnik / Илона ХварцкияБеслан Аджинджал
Беслан Аджинджал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысит Аԥсны еизгоу ашьапылампылтә команда ConIFA-2019 алахәхара иазку апресс-конференциа.

АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи акоманда ачемпионат иалахәхоит еилазаара ҿыцла, аҿар рацәоуп, иҳәеит Аԥсны еизгоу ашьапылампылтә команда ConIFA-2019 алахәхара иазку апресс-конференциаҿ акоманда азыҟаҵаҩ хада Беслан Аџьынџьал.

"Уажәы ашьапылампыл ихәмаруа аҿар рацәоуп. Урҭ уиаҟара рыхьӡ ауаа ирылаҵәаны иҟамзаргьы аҟыбаҩ ҷыда злоу роуп. Даара сгәыӷуеит ачемпионат аҿы иахьынӡахәҭоу ибзианы рхы аадырԥшып ҳәа", - иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA-2019 мҩаԥгахоит Арцах рашәара 1-9 рзы. Уажәы аԥснытәи аспортсменцәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит мышкахь ҩынтә, астадион "Динамо" аҿы. Азыҟаҵаҩ дгәыӷуеит Урыстәыла ихәмаруа ҳаспортсменцәагьы ачемпионат иалахәхап ҳәа. Уажәы акоманда иҽалаирхәит аклуб "Олимп"ахәмарыҩ – Леон Ҭаниа.

"Ҳџьынџьуаа зегьы ирымам алшара аԥсныҟа иааны ахәмарра ахалархәра. Аклубқәа иоурышьҭуам", - ҳәа иҳәеит иара.

Рашәара ҩба рзы Аԥснытәи акомандеи Ницца акомандеи еицыхәмарраны иҟоуп.

"Ниццатәи акоманда иӷәӷәоу команданы иршьоит. Иара убасгьы ишәарҭоу команданы ишьоуп Мраҭашәаратәи Ермантәылеи Паданиеи ркомандақәа. Ҳкомандагьы иӷәӷәақәоу рахь иаҵаркуп. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит аиааииҩцәа ҳрылашәарц азы", - ҳәа иҳәеит иара.

Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA-2019 мҩаԥгахоит Арцах.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0