Амитинг аҟны иеизаз Рауль Ҳаџьымба имаҵура аанижьырц ааԥхьара ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент аҿаԥхьа имҩаԥысуа амитинг
Апарламент аҿаԥхьа имҩаԥысуа амитинг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара ахада иалхрақәа ррыцхә ԥхынгәы 21 аҟынтәи 2019 шықәса ҭагалан ахь ахыгара мап ацәнакит.

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апарламент аҿаԥхьа амитинг иалахәу ахада иалхра арыцхә анаскьагаразы мап ахьрыцәкыз инамаданы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иҭыԥ аанижьроуп ҳәа иқәгылеит, абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

"Апарламент аҟны алхрақәа ррыцхә анаскьагаразы мап ҳацәкын. Еидысларақәак рышьҭахь ҳара ҩаԥхьа ҳаизан, ахада ажәлар рахь дцәырҵырц аҳәара ҟаҳҵеит", - иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчаразы Азеиԥшмилаҭтә еиҿкаара аштаб аиҳабы Ҭеимураз Хышба. 

Аха, иара иажәақәа рыла, ахада иҟарҵаз ажәақәа хырҩа римҭеит.

Президент Абхазии Рауль Хджимба  - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: Бжьаниа иус атәыла ахадара алаҟьашьуп ҳәа ирҳәо ҵаҵӷәыдоуп

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҟны Аслан Бжьаниа иҭагылазаашьа иахцәажәеит>>

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0