00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аоппозициа Аԥсны азеиԥшмилаҭтә ҿагылареи иҷыдалкаау аҭагылазаашьеи рыларҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАоппозициа Аԥсны азеиԥшмилаҭтә ҿагылареи иҷыдалкаау аҭагылазаашьеи рыларҳәеит
Аоппозициа Аԥсны азеиԥшмилаҭтә ҿагылареи иҷыдалкаау аҭагылазаашьеи рыларҳәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара ахада иалхрақәа ррыцхә ԥхынгәы 21 аҟынтәи 2019 шықәса ҭагалан ахь ахыгара мап ацәнакит.

АҞӘА, лаҵара 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Аоппозициа Аԥсны азеиԥшмилаҭтә ҿагылареи иҷыдалкаау аҭагылазаашьеи рыларҳәеит лаҵара 20 рзы ахәылбыҽха, абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

"Иахьатәи амш инаркны Аԥсны азеиԥшмилаҭтә ҿагылара акциақәеи иҷыдалкаау аҭагылазаашьеи рылаҳҳәоит. Абри инамаданы, ауаажәларратә транспорт аусзуҩцәа русура аанкыланы, аҿагыларатә акциақәа ирыдгылоит", - иҳәеит апартиа «Амцахара» ақалақьтә ҟәша ахантәаҩы Мизан Зыхәба.

Иара иажәа иацҵо, иҳәеит ареспубликатә мҩаду аҟны ацҳақәеи амҩақәеи зегьы шаркхо.

Аоппозициа ахаҭарнакцәа Аԥсны Апарламент ахыбра аԥхьа еизеит ахада иалхрақәа ррыцхә ԥхынгәы 21 рҟынтәи ҭагалан ахь аиагаразы адҵа ақәыргыларазы, Аслан Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьа иахҟьаны алхрақәа рылахәра ахьилымшо иахҟьаны.

Апарламент аҿаԥхьа имҩаԥысуа амитинг - Sputnik Аҧсны
Амитинг аҟны иеизаз Рауль Ҳаџьымба имаҵура аанижьырц ааԥхьара ҟарҵеит

Аоппозициа ахаҭарнакцәа изларҳәо ала, Бжьаниа ашҳам илаҵан.

Аԥсны Жәлар Реизара ахада иалхрақәа ррыцхә ԥхынгәы 21 аҟынтәи 2019 шықәса ҭагалан ахь ахыгара мап ацәнакит.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Аоппозициа: ахада иалхрақәа ахьахырымгаз азы аҿагыларатә акциа мҩаԥаагоит - Sputnik Аҧсны
Аоппозициа: ахада иалхрақәа ахьахырымгаз азы аҿагыларатә акциа мҩаԥаагоит

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0