Гарцкьиа: Бзыԥҭа амҩаркра иахҟьаны Аԥсны миллионки бжаки рҟынӡа аԥара ацәыӡит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкьиа
Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абар ҩымшуп атәыла аоппозициатә мчқәа Апарламент аҿаԥхьа еизаны акциа мҩаԥыргоижьҭеи. Уажәы урҭ дҵаны иқәдыргылоит атәыла ахада инапынҵақәа шьҭеиҵарц.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Бзыԥҭа амҩаркра иахҟьаны Аԥсны миллионки бжаки рҟынӡа аԥара ацәыӡит, иҳәеит Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкьиа Sputnik аинтервиу аҭо.

"Аоппозициа ахаҭарнакцәа ареспубликатә мҩаду адыркит. Иахьа ашьыжь иалагӡаны 20 рҟынӡа атуристтә автобус шьҭахьҟа игьыжьыр акәхеит. Атуристцәа Аԥсны рԥара ҳажәлари ҳтәылеи ирзынрыжьуеит", - иҳәеит иара.

Аминистр иҳәеит асеиԥш уаҳа иҟаларым ҳәа дышгәыӷуа.

"Ҳара-ҳара ҳполитикатә еимакқәа ҳасасцәа ирԥырхагамхароуп", - иҳәеит иара.

Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Атуристцәа Аԥсныҟа аара мап ацәыркуеит иҟоу ахҭысқәа ирхырҟьаны

Аслан Бжьаниа ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0