Ансамбль "Ерцахә" анапхгаҩи алахәылацәеи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа роуит

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Ерцахә"
Ансамбль Ерцахә - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль "Ерцахә" ашьаҭаракра 45-шықәса ахыҵра азгәарҭон лаҵара 27 рзы.

АҞӘА, лаҵара 28– Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Очамчыра араион Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль "Ерцахә" анапхгаҩы Вианор Логәуа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара иоуразы Аусԥҟа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Амилаҭтә хореографиатә ҟазара аҿиараҿ илагаламҭеи аԥсуа культура аларҵәаразы илшамҭақәеи рзы Очамчыра араион Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль "Ерцахә" анапхгаҩы Вианор Ҷыҷыкәа-иԥа Логәуа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьазааит", - аҳәоит Аусԥҟа атекст аҿы.

Атәыла ахада иара убасгьы инапы аҵеиҩит Аусԥҟа: "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьазарц ансамбль алахәылацәа Мака Кәыҵниаԥҳа, Даур Ԥиԥиа, Марина Шинелиа.

Ансамбль "Ерцахә" шьаҭаиркит 1974 шықәса рзы Аԥсны жәлар рартист Кәасҭа Ченегелиа. Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ансамбльа гостроль ҳасабла ирҭаахьан Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Румыниа, Иугославиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0