Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Аԥсны Афырхаҵа Заур Пежев иан: сгəы мыжда иачҳауазеи?!

© Фото : группа в Facebook "Памяти павших за Родину"Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала Аԥсны ахақәиҭрзы иеибашьуаз ҳашьцәа. 1993 шықәса.
Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала Аԥсны ахақәиҭрзы иеибашьуаз ҳашьцәа. 1993 шықәса. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны Афырхаҵа ҳəа ахьӡ ҳаракы занашьоу аҟабарда арԥыс Заур Борис-иԥа Пежев иԥсы ҭазҭгьы, иахьа ихыҵуазаарын 50 шықəса.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра ианалага, Нхыҵ-Кавказынтəи ҳаиашьаратə жəларқəа ашьха каҵəарақəа ирхысны, шьапыла мацара ахымшҭыхə рыхганы бџьаршьҭыхла ҳаԥсадгьыл ҳацрыхьчон. Урҭ рахьтə иҟоуп аибашьра амца шыра еибганы изалымҵқəаз, хабарда ибжьаӡқəаз, ахəрақəа зауқəаз, зыҩныҟа изыхнымҳəқəаз.

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа: ҳаҷкәынцәа рфырхаҵара аҭоурых иануп>>

Убарҭ дыруаӡəкуп зыӡбахə ҳамоу аибашьҩы гəымшəа, афырхаҵа Заур Пежев. Заур Пежев дҭахоит 1992 шықəса абҵарамзазы, Шроматəи ажəылараан, ҳаӷацəа аԥсышьацəгьа изааргеит. Заур иҭаацəа рыҷкəын иԥсы зыхҭниҵаз Аԥсны инхоит жəашықəса раахыс, ҳацəгьа-ҳабзиа иаӡəыкны иалагылоуп.

© Foto / предоставлено семьей ПежоваАԥсны Афырхаҵа аҟабарда ҷкәын Заур Пежев
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Аԥсны Афырхаҵа Заур Пежев иан: сгəы мыжда иачҳауазеи?! - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа аҟабарда ҷкәын Заур Пежев

Заур иан Лера Шереужева-Пежева слацəажəарц сҭаххеит лыҷкəын изкны, аха лара Аԥсны дсықəымшəеит, Нальчик дыҟан, лыԥшəма игəамбзиара иахҟьаны ахəышəтəырҭа иҭан. Аҭел сылзасит, схы лабасырдырит, анаҩс иласҳəеит ҳаицəажəарц шысҭахыз лыҷкəын игəалашəара аҳаҭыразы, сажəа ҩбалымтəит, ҳаиҿцəажəарагьы абас еиԥш ихацлыркит.

"Сара Аԥсны сыԥсы аҿҳəароуп, ииашаны ишəасҳəоит абри. Сара сԥа Аԥсны аибашьра иалагеит ҳəа аниаҳа, ахəылбыҽха аҩныҟа дааит, ус саиҳəеит: "Сан, сара уаҵəыҵəҟьа Аԥсныҟа сцароуп, уаҟа аԥсуаа рнырҵəара иаҿуп, аангылашьа сымаӡам. Аԥсуаа ҳара ҳашьцəа рами, ҳҭынхацəа рами, дара милаҭ маҷуп, ҳрыцхраароуп, ҳгəы рҭынчны, ара ҳнапқəа еиқәыԥсаны ҳазтəаӡом", - иҳəеит", - абас лԥа еибашьра дшааз атəы ҳзеиҭалҳəон афырԥҳəыс, аибашьҩы гəымшəа иан.

Заур Пежев иҩызцəеи иареи рҽеидкыланы Аԥсныҟа амҩа ианықəлоз, издыруадаз еицыз агəыԥ алахəцəа рахьтə злахьынҵа кьаҿхоз дшыҟаз. Аԥсадгьыл ахьчаҩцəа, афырхацəа рыгəаӷьра, рхымҩаԥгара ес-иуа ирыцилап, еизҳауа абиԥара ҿа дара рҿырԥшы ала ирааӡалап.

Мемориальные доски погибшим в Мартовском наступлении Руслану Шинкуба, Джамбулу Зарандия, добровольцу из Сирии Джаркасу Гасану и добровольцам из Кабардино-Балкарии Аслану Ажгериеву и Валерию Берхамову. - Sputnik Аҧсны
Марттәи ажәылараан иҭахаз Валери Берҳам хатәгәаԥхарала еибашьуаз зегьы дреиҵбын

"Заур ишьапқəа аӡаӷьақəа рыҵалеит шьапыла дахьныҟəоз. Гагранӡа инаӡеит, ус еиԥш иҟалеит, иара уа даангылеит, иеибашьратə мҩагьы убрантəи иалагеит. Шроматəи ажəыларахь ицоз аҟабарда ҷкəынцəа иаргьы дрылан. Аӡиас ирсит иҭаланы мацара, ахьҭа ыҟан, ахгара уадаҩын. Ишьапы иеихсны ирхəит ақырҭқəа, анаҩс иҳəынҷаны иргеит", - лылаӷырӡқəа илыдмырҳəо дҳацəажəон Заур Пежев иан.

Заур Пежев ицыргаз иҩызцəа рахьтə руаӡəк доурышьҭит, аӷа инапаҵаҟа егьырҭ ирԥеиԥшыз аџьамыӷəа цəгьан. Лыҷкəын иоуз аԥсышьацəгьа шлызхымгогьы, Лера Пежева лгəы лырӷəӷəарц лҽазылшəоит. Избанзар, лара лԥа иԥсҭазаара зыхҭниҵаз Аԥсынра аиааира агеит, ишьақəгылеит аҭынчра.

Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәалашәарақәа>>

"Сыҷкəын хəҭа-хəҭала деиҿырхит, инапы амамызт, ишьапы амамызт, илымҳа, иԥынҵа уҳəа зегьы ҿыхын. Ах, ишԥасцəыуадаҩу урҭкəа рҳəара, сгəы мыжда иачҳауазеи?.. Александр Золотинска-иԥа Анқəаб, ахԥатəи сыҷкəын иакəны дсыԥхьаӡоит, даара адгылара сиҭеит. Сыҷкəын Заур иара иоуп Нальчикҟа дсоуртə иҟазҵаз. Ҩыџьа аԥацəа сыман, рҩыџьагьы рыԥсҭазаара иалҵхьеит, Анқəаб сыҷкəын гəакьа иеиԥш дсыԥхьаӡоит", - дҳацəажəон Лера Шереужева-Пежева.

Ҩ-ҭоурыхк, ҩ-хьаак: хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа рфырхаҵара атәы>>

Аибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Заур Пежев Аԥсныҟа данаауаз ихыҵуан 22 шықəса. Аҭаацəаараҿы иара дреиҳабын, диман аиашьа еиҵбы. Ааигəа ихьыз ачымазара иахҟьаны уигьы иԥсҭазаара далҵит.

"Заур аррамаҵзура данахыс ашьҭахь, аҵара дҭан. Аха, аибашьра ҟалеит ҳəа аниаҳа, зегь кажьны Аԥсныҟа дааит. Иҭабуп ҳəа расҳəоит зегьы, еснагь сааигəа игылаз, Анацəа рхеидкыла, Константин Озган, хаҭала Екатерина Бебиаԥҳа изныкымкəа адырраҭарақəа сыҷкəын изызкхьоу, Лиалиа Чамагәуаԥҳа, Лили Ҳагԥҳа, ҩнаҭацыҧхьаӡа даҳҭааны, ҳаҷкəынцəа рҭахара лхатə хьааиҧш издызкылаз, ашəҟəқəа зҩыз, ҳацəгьеи-ҳабзиеи иалагылоу, зегьы даараӡа иҭабуп", - дҳацəажəон Лера.

Лили Ҳагԥҳа зхатәгәаҧхарала еибашьуаз ирызкны: уалны рҿаԥхьа иҳаду рацәоуп>>

"Заур абҵарамза 3 рзы дҭахеит, иԥсыбаҩ сзааргеит абҵарамза 10 рзы. Ихьанҭоуп ахьаа ахгара, аха, иаҳаурызеи, шаҟаҩы анацəа ус игəжəажəо инхазеи. Анцəа сиҳəоит, анык убри аҩыза агəырҩа цəгьа ҳазшаз илзааимгааит. Ԥшьҩык ахшара зыцəҭахаз Ҭамара Езыгəбаиаԥҳа, срыцҳашьаны ус салҳəеит ҽнак: "Быҷкəын еибашьра дызлаабышьҭызеи, излабгəаӷьызеи, брыцҳаҳшьоит", - ҳəа. Сара сыԥсадгьыл акəны исыԥхьаӡоит Аԥсны, мамзар нхара ҳəа саангыломызт", - ҳəа азгəалҭеит афырԥҳəыс.

Кабардинские добровольцы и абхазские ополченцы. Пицунда 1993. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз иԥҳа лгәалашәарақәа: саб сгәазхара дысзымбацызт

Ацəгьара ахы ҟəыннашьом ҳəа, Лера Пежева илызхымгашаз ҩаԥхьа ахьаа днаҵалеит, илзынхаз лԥеиҵбы ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

"Убасҟангьы Александр Анқəаб Аԥснынтəи ауаа сзааишьҭит - зԥацəа ҩыџьа аибашьраҿы иҭахаз Аза Агəмааԥҳа, Лиалиа Чамагəуаԥҳа, иҟан ирыцқəаз аҳəса. Лера агəаҟра дақəшəеит, лааигəа шəыҟазароуп, лгəырҩа лыцеиҩышəшароуп ҳəа иԥхьаӡаны ахаҵгылара сзыҟаиҵеит", - дҳацəажəон ҩыџьа аԥацəа ран.

Сима Шхагошева: сыҷкәын сара сзы дышқәыԥшыз даанхеит>>

Лера Шереужева-Пежева агəабзиареи агəамчи лзеиӷьаҳшьоит. Илааӡаз лԥа, Аԥсны Афырхаҵа Заур Пежев, наунагӡа Аԥсны аҭоурых хьтəы нбанла дазынхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0